Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Шәача имҩаҧысит

Август 19 азы Шәача ақалақьтә еизара азал аҟны имҩаҧысит азакәанҧҵараҿы аусеицуразы, азакәанқәа реизааигәатәразы, акоммуникациақәа рырҿиареи рырмариареи рзы Урыстәылеи Аҧсни Рпарламентбжьаратә усуратә гәыҧ аилатәара, – иаанацҳауеит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.

Апарламентбжьаратә гәыҧ аҟны аҧсуа ган хадара азиуеит жәларбжьаратәи апарламентбжьаратәи аимадарақәеи аџьынџьуаа рҟны аимадарақәеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Алхас Барцыц, Урыстәылатәи аган – ИАР аусқәеи, Евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа рҟны аимадарақәеи рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Константин Затулин. Аилатәараҿы ирылацәажәеит аушьҭырҭа «Адлери» агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыҭ «Ҧсоуи» русура азҵаарақәа, иара убас Урыстәылеи Аҧсни рҳәааҿы аушьҭра арежим армариара. Аилатәара далахәын Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аҧсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-анашьҭымҭа Алхас Барзаниа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me