Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Анапхгаҩ ҿыц дыдирдырит

Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба ашәахтәқәеи аизгарақәеи Рминистрра аколлектив дыдирдырит август 19 азы Аҧсны Ахада Иусҧҟала абри амаҵура иахаргылоу аминистр ҿыц Михаил Габелиа.

«Ҳара иаабоит аусҳәарҭа аихьӡарақәа, иазгәасҭарц сҭахуп ашәахтәқәа реизгара аганахьала аҭагылазаашьа аиҕьтәра шалшаз. Уи иабзоурахеит шәара ишәымоу аџьа абзиабара, адыррақәа, аҧышәа, ашьцыларақәа. Абарҭқәа зегь рыла ашәахтәқәа рылхра ахаҭабзиара шьҭыҵит», – иазгәеиҭеит Владимир Делба. Уи иара убас Џьансыхә Нанба ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ашәахтә усбарҭақәа рсистема аиҕьтәраҿы илагаламҭазы, аминистр ҿыц изеиҕьаишьеит арҿиаратә қәҿиарақәа, аихьӡара ҿыцқәа.

«Михаил Валери-иҧа даадыруеит 12 шықәса инареиҳаны аус зухьоу, аҧышәа змоу специалистк иаҳасабала. Агәра ганы сыҟоуп, Аминистрра аҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа зегьы алыршахап ҳәа аколлективи шәареи шәусеицурала», – иҳәеит Нанба.

«Дарбанзаалак ҭабуп ҳәа иасҳәоит исзыҟаҵоу агәрагаразы. Агәыҕра сымоуп, аџьатә коллектив ду рыцхыраарала иарбоу ауснагӡатәқәа зегьы инхарҭәааны ишынагӡахо ала», – иҳәеит аминистр ҿыц.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me