Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҳәынҭпрограмма ианагӡашьоу иазкны

2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара Аҳәынҭпрограмма ианагӡашьоу иазкын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихантәаҩрала имҩаԥысыз аилацәажәара. Абри атәы аанацҳауеит Ахада исаит.

Аилацәажәара иалахәын Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, Аиҳабыра иалоу, амчратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа, араионқәеи ақалақьқәеи рхадарақәа рхаҭарнакцәа.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Аҳәынҭқарра Ахадеи аилацәажәара иалахәызи иралҳәеит асоциал-економикатә рҿиара иазку Аҳәынҭпрограмма ианагӡашьоу атәы.

Аԥсны Ахада Иусԥҟала ишьақәырӷәӷәоу «2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә рҿиара» аҳәынҭқарратә программа анагӡара инақәыршәаны, 2022 шықәса август азы анапы аҵаҩын апрограмма анагӡаразы Урыстәылатәи Афедерациаҿы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра. Уи ратификациа азун 2022 шықәса декабр азы.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациа апрограмма аусмҩаԥгатәқәа ԥарала реицеиқәыршәара мҩаԥнагоит, убрахь иналаҵаны абиуџьеттә усхк аусзуҩцәа хазы игоу ркатегориақәа руалафахәы ашьҭыхразы, Аинвестициатә программазы ахарџьқәа.

Кристина Озган инҭкааны дырзааҭгылеит апрограмма аҟәшақәа зегьы. Ахәҭакахьала далацәажәеит аҳәынҭқарратә, ахазхатә секторқәа руалафахәы ашьҭыҵра. Абиуџьетә усхк аусзуҩцәа руалафахәы аамҭа-аамҭала ашьҭыхра арбоуп апрограмма анагӡаразы Аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭраҿы.

 «2023 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет азы» 2022 шықәсазтәи Азакәан иазԥхьагәанаҭоит Урыстәыла аганахьала абиуџьет аусзуҩцәақәак руалафахәы ашьҭыхра.

2023 шықәсазы финансла аицеиқәыршәара иартәоит 1, 6 миллирад мааҭ. Ҳазну ашықәс азы усзуҩцәақәак руалафахәы ашьҭыхра иартәеит бжьаратәла 18 процент. 2024 шықәсазы абиуџьет аусзуҩцәақәак руалафахәы ашьҭыхра ԥарала аицеиқәыршәара ашәага-загақәа еиқәыршаҳаҭын Аиҳабырабжьаратә комиссиа ақәҵарақәеи 2024 шықәсазтәи абиуџьет иазку азакәани инарықәыршәаны. Аҳәынҭпрограмма аусмҩаԥгатәқәа рынагӡареи ауалафахәы ашьҭыхреи хықәкыс ишьҭыхны ирыдыркылеит Азакәан «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аџьатә кодекс аиҭакрақәа ралагаларазы». Уи Аминистрцәа Реилазаара азинмч анаҭоит ауалафахәы ашәага-зага ашьақәыргыларазы, аха убри аамҭазы ахныҟәгаразы шаҟа аҭаху еиҵамкәа. Азакәан амч аиуит ҳазну ашықәс ианвар 1 инаркны. 2025 шықәсазы аҳәынҭпрограммала иарбоу ауалафахәы аҟаҵарба 40 нызқь мааҭ еиҵамхароуп.

Аҵарадырреи агәабзиарахьчареи рганахьала аусмҩаԥгатәқәа иазԥхьагәарҭоит азакәанқәа реиҭакра.

Аҳәынҭпрограммала иарбоуп анхарҭа-коммуналтә нхамҩа анапхгараҭара асистема аиҭакразы аусмҩаԥгатәқәа. Урҭ шьаҭас ирымоуп ԥарала аиқәыршәара, атарифтә политикеи аԥаралхреи реиҭакра уҳәа егьырҭгьы.

2023 шықәса 9 мзы рыҩнуҵҟала иныху афымцамч ахәшәара аҩаӡара иартәеит 35, 3 процент, убрахь иналаҵаны аиуристтә хаҿқәа рганахьала 69 процент, ауааԥсыра – 20 процент еиҵаны. 9 мзы рыҩнуҵҟала иаланагалаз ахшәаатәқәа идыртәеит 632 миллион мааҭ. Абри атәы дазааҭгылеит Кристина Озган.

10 мзы рыҩнуҵҟала ЕгрГЕС иаанашьҭуа афымцамч иартәеит 1, 6 миллиард кВт сааҭ, ари 200 миллион кВт рыла еиҵоуп 2022 шықәса абри аамҭа иадкыланы.

2023-2025 шықәсқәа рзы Аинвестпрограмма анагӡара инақәыршәаны Аҟәа, Алаҳаӡы, Бзыԥ иҟоу аподстанциақәа рыԥсахра иаҿуп.

Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аиҭакра инақәыршәаны, шьаҭанкыла рырҽеира азгәаҭоуп аподстанциақәа «Дранда», «Агәӡера». Аҳәынҭқарра-хазхатә еилахәыразы аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аусурақәа ԥарала еиқәиршәоит аинвестор.

Ареспубликатә биуџьет аҟнытә «Амшынеиқәафымцамч» иазоушьҭуп афымцамч аԥхьаӡагақәа  раахәареи рықәыргылареи рзы 200 миллион мааҭ.

Иаахәоуп аԥхьаӡагақәа 26 372 цыра, убарҭ рахьтә иқәыргылоуп 21 872. Урыстәылаҿы аиқәыршаҳаҭра иазхиоуп 300 миллион мааҭ рыхә аԥхьаӡагақәа раашьҭра азҵаара.

3 шықәса (2020-2022) рыҩнуҵҟала Аԥсны аҩнуҵҟатәи аалыҵ амҽхак шьҭыҵит 57 процент ҳаамҭазтәи ахәқәа рыла, иартәеит 54, 9 миллиард мааҭ. Абри атәы лҳәеит Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Аԥсны Ахада имҩаԥигаз аилацәажәараҿы.

Аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалақәа шьҭыҵит 35 процент рыла, иагьдыртәеит 13, 7 миллиард мааҭ. Иара убри аан 3 шықәса рыҩнуҵҟала ахатәы хашәалақәа шьҭыҵит 56 процент рыла, иагьдыртәеит 8 миллиардк мааҭ.

Адырраҭарақәа рыла, ҳазну ашықәс 10 мзы рыҩнуҵҟала ашәахтәқәеи аҳазатә хшәаатәқәеи ашықәстәи рҟаҵарбақәа нагӡоуп, абиуџьеттә усхку аҟны ауалафахәы шьҭыҵит 38 процент рыла, мамзаргьы 20 160 мааҭ.

Кристина Озган хазы иналкааны дазааҭгылеит Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аус ауртә аҟаҵаразы аинвестициақәа рымҽхак. Урҭ идыртәоит 11 миллиард мааҭ. Аҳаиртә баӷәаза ахархәарахь ирырҭараны иҟоуп 2024 шықәса декабр азы.

2023 шықәса октиабр 27 азы Аԥсны аиҳабыреи зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «Аинфраструктуратә рҿиареи» рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын.

Урыстәылатәи аиуристтә хаҿы иганахьала В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза аусура аларгаразы Аԥсны Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2023 шықәса ииун 14 азы.

2022-2023 шықәсқәа рзы Аинвестпрограмма ахарџьала автомашьынамҩақәа рырҽеиразы 1, 4 миллирд мааҭ рыхә аусурақәа ԥарала еиқәыршәан. Кристина Озган абри атәы дазааҭгылеит аҳәынҭпрограмма анагӡара иазкыз аилацәажәараҿы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me