Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ишҭахаҵәҟьоз шырдыруазгьы…

                                                   Ишыршьуаз шырдыруаз ԥхьаҟа ицоз.

                                                   Шәрыцуп, иҿымцәаауа ашәаԥшьқәа,

                                                               Ахра иахышәцоит ашәшьы,

                                               Сшәыкәыхшоуп, сашьцәа адауаԥшьқәа,

                                                               Сыԥсадгьыл иахазҵаз абжьы!                        

Рушьбеи Смыр


Ҭынчран. Р. Дасаниа ихьӡ зху Гәдоуҭатәи акультуратә Хан аҟны еизаз ауаа маҷҩымзт. Рыбжьқәа ныҵак ицәажәон. Џьоукы ирызнымкылоз рылаӷырӡқәа дрыцқьон.

Гәдоуҭа араион Администрациа Ахадареи араион адепутатцәа реизара ахантәаҩи, ауаажәларреи, аибашьра аветеранцәеи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟаҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Сынтәа, 05.07.2023 шықәсазы, 30 ш. зхыҵыз ииультәи ажәылара, инарҭбааны Гәдоуҭа ақалақь аҟны агәалашәаратә мшы мҩыԥган.

Аиԥылара «Ишыршьуаз шырдыруаз, Пхьаҟа ицоз» зыхьӡыз ахь иааԥхьан: ари ажәылараҿы иҭахаз аибашьцәа рҭаацәарақәа, ажәылара иалахәыз аибашьцәа, амедиаҳәшьцәа, аусбарҭақәа, ахеилакқәа рхаҭарнакцәа.

Гәымсҭа лбаатәи ацҳа! Игәыҭшьаагаз, игәкылҵәагаз ажәылара! Ишҭахоз, шырдыруаз ԥхьаҟа ицоз Афырхацәа! Усҟан аштаб Хада аҳҭнықалақь аҭырцәразы ирыдыркылеит, еиуеиԥшымыз ауснагӡатәқәа. Аҳҭнықалақь аҭарцәразы х-жәыларак мҩаԥыргахьан. Аха ахақәиҭра залыршамхеит. Уи зыхьҟьоз ҳәа усҟан Аштаб Хада алкаа иҟанаҵаз, абас иҟан: аӷацәа ахәы ҳаракқәа знапаҿы иҟаз, ижәылоз ҳаибашьцәа рнапсыргәыҵа иқәгылоушәа ирбарҭан. Убри инамаданы, Гәымсҭатәи лбаатәи ацҳала аӷа ихьарԥшразы ажәылара мҩаԥгатәын. Ҳаибашьцәа, амцабз рхахьы иганы, ишҭахоз шырдыруаз, аԥсра иаԥылар акәын. Убри аамҭазы Гәыматәи ахырхарҭаҿы ижәылоз ҳаруаа аҳракырақәа рнапахьы иааргаратә аҭагылазаашьа рырҭарц.

1993 шықәса, ԥхынгәымза ҩба, уахынла асааҭ ҩба рзы ҳаибашьцәа хатәгәаԥхарала асиа зҽанызҵаз аӷацәа ирыжәлараны иҟан. Аха, аӡиас Гәымсҭа шьҭыҵит, ажәылара иаԥырхаган аҟынтә, ииаган ԥхынгәы хԥа ашҟа. Гәымсҭа лбаатәи ацҳала ажәаларазы 97-ҩык асиа рҽанырҵеит. Аха урҭ рхыԥхьаӡара еиҳахеит 147-ҩык рҟынӡа. Лбаатәи ацҳа иқәсыз абатальон акомандир Қҭелиа Зураб Ҷыҷикәа-иԥа, ихаҭыԥуаҩ Саманба Заур Кондрат-иԥа. Арота акомандирцәа: Мархолиа Ҷыҷкәа Анатоли-иԥа, Лазба Алик Григори-иԥа, Цыгәба Сандро Џьота-иԥа. 147-ҩык ицаз рҟынтә 40-ҩык аԥсадгьыл рыԥсы ақәырҵеит. Иаанхаз 107-ҩык шамахамзар зегьы ахәрақәа роуит.

Аԥсны афырхацәа Мархәолиа Ҷыҷкәа аиԥылараҿы дцәажәо, иазгәеиҭеит: – Аибашьцәа зегьы рыдҵа бзиаӡаны еилыркаауан. Гәымсҭа лбаатәи ацҳала ижәылаз зегьы Аԥсны иагәыцәуп, иафырхацәоуп. Дара ирылшеит, зқьышықәсала абиԥарақәа еимырдалаша аҭоурых Ду ааныжьра. Абри амца шыраҿы иҭахаз аибашьцәеи зыԥсы ҭаны ихынҳәызи аус ԥшьа нарыгӡеит. Ҳара зегьы урҭ рха­мшҭра, ргәалашәара еснагь иҳацзаауеит. Урҭ Афырхацәа иҟарҵаз рҭоурых абиԥарақә  ирзааныжьтәуп…

Аибашьцәа рҿаԥхьа лхатәы жәеинраала «Сабду» зыхьӡыз даԥхьеит Сандро Цыгәба имоҭа Цыгәԥҳа Мариа.

Ҩынҩажәаҩык хьыӡҳәала еиқәыԥхьаӡан, аԥсра идырны иаԥылаз: аҭаацәара иаламлацыз ақәрахьымӡа Арчелиа Рауль Владимир-иԥа; «апатронқәа шәырмеигӡан, сышәшьы!» ҳәа зыбжьы гоз, агәымшәа Ашәба Алиас Владимир-иԥа; «аӷацәа ҳакәшеит, арҭҟәацга снапаҿы искуп» – ҳәа арациа зыбжьы ҭыҩуаз, иабиԥазаҵәыз, зыҽԥызжәаз Анқәаб Дмитри Ҷаҷ-иԥа; «ԥхьаҟа» ҳәа зыбжьы гоз, иҭахаз Агрба Владимир Михаил-иԥа; Гәымсҭа лбаа нырцә аԥсра иаԥылаз Аиба Аслан Алмасхан-иԥа; зцәа-зжьы ҽыҭ-ҽыҭ еидкылоу Ақаҩба Ныгәзар Ҷыҷикәа-иԥа; авзвод акомандирс иамаз, ҩыџьа аԥҳацәа зҭынхаз, Аԥсны Афырхаҵа Бакьелиа Заур Заканбеи-иԥа; зыԥсадгьыл зыԥсы аҿҳәараз Базба Витали Владимир-иԥа; «Аԥсны аԥсуаа иртәуп» ҳәа зыбжьы гоз Бганба Вахтанг Гьеоргьи-иԥа; зҩызцәа ирыҵамхоз Базба Џьамал Гьаргь-иԥа, иабиԥазаҵәыз, изныкымкәан ахәрақәа зоухьаз, Аԥсны Афырхаҵа Болџьаиа Сулҭан Маџьыҭ-иԥа; иабиԥазаҵәыз, Аҟәа ахақәиҭра иахыццакуаз, зышә акыз Бакуриа Зураб Шьоҭа-иԥа; аибашьра аԥхьатәи амшазы инеиз, иҭаацәарамыз, Багаҭелиа Мураҭ Шаликәа-иԥа; зашьа ишьа аура зыгәҭакыз, Барцыц Ҭемраз Хьырбеи-иԥа; Аԥсны Афырхаҵа, аибашьҩы, аԥшыхәҩы Чачибаиа Тарас Дмитри-иԥа; агәымшәареи афырхаҵареи аазырԥшыз Гобечиа Роман Владимир-иԥа, иҭаацәараз, ахшара дызмамыз, иабиԥазаҵәыз, зышә акыз Габлиа Даур Владимир-иԥа; Аҟәа аҭырцәра иазгәышьуаз, иахьымӡаз Конџьариа Геннади Лев-иԥа; иабиԥазаҵәыз, зыҽԥызжәаз Караиниди Сергеи Александр-иԥа; ахаҵа ихаҵа ззырҳәоз Ҟәыруа Вахтанг Чынчор-иԥа; аибашьраҿы ахы­кәлаа иаҩызаз, изаҵәыз Леиба Робик Шутиа-иԥа; аибашьра адәаҿы арҭҟәацга иахаԥжәаз, иԥсы ахәага ахьынӡаҭаз « Озбақь» ашәа зҳәоз, Мархәолиа Ҭамаз Арзаабеи-иԥа; асиа «Смертники» раԥхьаӡа зҽанызҵаз Мархәолиа Нури Таҷ-иԥа; агәеилыхха, аибашьҩы Рабаиа Руслан Иван-иԥа; Урыстәылантә зхатәгәаԥхарала иааз Старшинов Роман Анатоли-иԥа; ԥсра зқәым ахьӡ зчаԥаз Хагәышь Рауль Анатоли-иԥа; зыԥсыбаҩ Аладатәи Ешыра аҭабиақәа руак аҟны иԥшааз Халиа Фазлыбеи Спиридон-иԥа; «Амшынқәыџьма» ҳәа ахьӡ ҷыда зауз, Ҵәыџьба Русҭам Борис-иԥа; Бармышьтәи арԥыс, зыхәра зызхымгаз Папба Кас Ҭыкәҷыҷ-иԥа; иабиԥазаҵәыз, иҽыбӷаҟазаз, аибашьра адәаҿы зыхьӡи зыжәлеи аанзыжьыз, зышә акыз Шамба Даур Уасил-иԥа; Аԥсны ахақәиҭтәразы изылшоз ҟазҵаз, Шамба Рауль Михаил-иԥа; 28 ш. зхыҵуаз, иҭааҵәарамыз, фырхаҵарала иҭахаз Оҭырба Хьымца Закан-иԥа; арратә уалԥшьа зхызгоз, Урыстәылантә зыҽӡаны иааз, лбаатәи ацҳа иқәсыз,  Аԥсны Афырхаҵа Џьарсалиа Гурам Виктор-иԥа; ахкамшәа Џьынџьал Оҭар Шаликәа-иԥа; зыбжьы Гәымсҭа иқәыҩҩуаз Џьганџьгава Александр Алексеи-иԥа; ахәра ӷәӷәа зауз, иԥсахәага шҭаз агоспиталь аҟынӡа иааргаз  Џьыкырба Тарас Гәада-иԥа; иабиԥазаҵәыз, Леон иорден занашьоу Аршьаниа Баҭал Лев-иԥа; «Аиааира» ҳәа зыбжьы гоз Абџба Роман Семион-иԥа.

«Ишыршьуаз шырдыруаз ԥхьаҟа ицоз» зыхьӡыз аиԥылара с. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аҟны иацҵан. Араҟа иҭахаз зегьы рфотоцәыргақәҵа еиҿкаан. Урҭ афотосахьақәа авторцәас ирыман: Барцыцԥҳа Маринеи Қьецба Виталии.

Амузеи иаҭааз аибашьцәа, афотоцәыргақәҵа иргәаланаршәаз ахҭысқәа хьаала еиҭарҳәон, рҩызцәа – аибашьҵәа ргәаладыршәон.

Аԥсны Афырхаҵа Дгебиа Аслан Таҷ-иԥа иазгәеиҭеит: – Агәалашәара, ахамшҭра зегьы иреиҳауп. Аԥсра иаԥылаз Аиааира ҳзаазгаз ргәалашәара ҳацзароуп. Урҭ ахааныз имԥсуа хаҭарақәоуп. Изааӡаз зегьы рҿаԥхьа ҳхырхәоит! Аԥсны аԥеиԥш Ду ацзааит! Хашҭра рықәымзааит зегьы!

Аиԥыларахь иааԥхьан амедиа­ҳәшьцәа ари ажәылара иалахәыз: Мадина Дасаниа, Манана Дбар, Инга Барцыц, Лена Дворник.

«Ишыршьуаз шырдыруаз ԥхьаҟа ицоз» аиԥылараҿы аибашьра иазкыз ажәеинраалақәа ирыԥхьеит: Аԥсны жәлар рартист Ҳагба Кьасоу, аԥсуа драматә театр актиор Ҭодуа Гәыдиса. Иқәгылеит: Аԥсны Жәлар Р́́ансамбль «Риҵа» (анаԥхагаҩы Н. Чамагәуа), ахәыҷтәы акәашаратә ансамбльқәа «Адац» (анаԥхгаҩы Дбар Руслан), «Аураашьа» (анаԥхагаҩы Ҭаниа Валери).

Аиԥылара аҵакы иамаз азгәаҭо, араион Ахада ихаҭыԥуаҩ Аҩӡба Валери Расим-иԥа иҳәеит: – Ҳаԥсадгьыли ҳажәлари реиқәырхаразы Аԥсны зхы ақәызҵаз хашҭра рықәымкәан иаанхоит. Хьтәы-н­банла ҳҭоурых иазынхоит. Ҳара зегьы ҳхы шьҭых ҳаԥсадгьыл аҟны ҳанхоит. Уи зыбзоуроу зшьа ҳаԥсадгьыл иалоу Афырхацәа роуп. Напеикәыршарала ҳанхареи ҳҳәынҭқарра ԥхьаҟа агареи зегьы иаҳуалуп. Ишәҭлааит ари адгьылаҿ ашәҭқәа, ахәыҷқәа рыччабжь ахыҩлааит.  Иааиуа аныҳәа Ду Аиааира шәадныҳәалазааит! Аибашьра уаҳа иҟамлааит.


Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me