Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ашәа ззырҳәо Афырхаҵа

1945 шықәса лаҵарамза 9 азы асовет жәлар иргаз Аиааира егьа шәышықәса царгьы ахааназ ауаҩытәҩса ихамышҭуа, аҭоурых ианылаз хҭысуп.

Ари Аиааира агара 30 миллион ҩык иреиҳауп зыҧсы ақәызҵаз. Гәдоуҭа араион аҟынтә 6913-ҩык алахәын. Изымхынҳәӡеит 2365-ҩык. Урҭ рахьтә 1560-ҩык аҧсуаауп. Иҟоуп аҭаацәарақәа: фҩык, хәҩык, ҧшьҩык, хҩык, ҩыџьа ахьҭахақәаз. Имаҷӡам зынӡа ашәқәа ахьакыз.

Гәдоуҭа ақалақь агәҭа игылоуп иҭахаз (1941-1945) ирызку Ахьӡ-аҧша Амемориал. Уи 1981 шықәсазы иргылан. Абаҟа авторцәас иамоуп: аскульптор М.Ешба, архитектор М.Лакырба. Қыҭа цыҧхьаӡа абаҟақәеи акыдҩаалақәеи ыҟоуп.

Аҧсуа қыҭа Џьырхәа… Иарбан аамҭазаалакгьы ари ақыҭа иалиаауан Афырхацәа, аҭоурыхтә ҿахәҳәаҩцәа, аҟазацәа, ауаа нагақәа… Убас 1941-1945-тәи ашықәсқәа раан иаадырҧшыз, ҧсра зқәым афырхаҵарақәа маҷӡам.

Џьырхәа ақыҭан инхоз Ҳаразиа Камсагә Сҭеҧан-иҧа ахыҧша змаз, зажәа иазыӡырҩуаз, ареволиуциатә отриад «Кьараз» иалаз, Асовет мчра аагаразы иқәҧоз дрылагылан. Ақыҭаҿы аколнхара аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын. Аамҭаказы Џьырхәа ақыҭсовет хантәаҩыс даман. 1941-1945-тәи ашықәсқәа раан Гәдоуҭатәи ақәхратә баталион даланы аҧсадгьыл ихьчон. «Кавказ ахьчаразы» амедал ианашьан. Иара акыраамҭа иқыҭаҿы бригадирс дыҟан. Дҭаацәаран. Жәаҩык ахшара драбын. Раҧхьатәи иҧшәма Кәарацхьелиа-Ҳаразиа Мшьашьа хҩык ахшара лхылҵит: Ҭамара, Владимир, Жениа, Тикәа, Ианкәа. Аҩбатәи иҧшәма Агрҧҳан, уигьы хәҩык ахшара лааӡеит: Лавренти, Валикәа, Варлам, Арда, Алла. Ҳаразиа Владимир даныхәыҷыз инаркны деилҟьан, дҵарын, – лҳәеит иашьа Ианкәа-иҧҳа Виалета. Дызгәалашәоз излеиҭарҳәоз ала еснагь иҿыцу акы иҧшаауан, дазҵаауан. Ҳаҳәшьадуцәа ражәа иалан… Володиа аучилишье данҭаз, аҩныҟа данаа «Ҳаразиа ду» ҳәа ишьҭан, ҳәа…

Ҳаразиа Владимир Камсагә-иҧа 1916 шықәсазы Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭан диит. Раҧхьа Владимир иқыҭа школ аҿы аҵара далагеит, нас Гәдоуҭаҟа диаргоит. 1931 шықәсазы иаб иашьа Владимир Аҟәа дынхон, уахь диаигоит. Аҟәатәи ашьхарыуаа рышкол дҭеиҵоит. Уи иҧшәма Чамагәуа Вера Николаи-иҧҳа «Қырҭтәыла зҽаҧсазтәыз» рҵаҩын. Аџьабаа идын. Идыррақәа ирыцылҵон, дицхраауан. «Володиа – лҳәеит Виолета, – саб изкыз, иидыруаз ҳанааилатәоз иаҳзеиҭеиҳәон: – Ашәа бзиаӡаны иҳәон, дкәашон, аҽы ақәтәареи арыҩреи иҧсы алан. Аҽы абҕа даласоушәа акәын дшыҩуаз, ҳәа лассы-лассы иҳаиҳәон.

Ҳаразиа Володиа 1936 шықәсазы Қарҭтәи аҳәынҭқарратә арратә-артилериатә училишье дҭалоит. Хышықәсеи бжаки аҵара иҵар акәын. Аха идырра иахәаҧшны, иҵара заа ихиркәшартә алшара ирҭеит. Алетинант ичын иманы аучилишье далгоит. Уи ашьҭахь аррамаҵура дахысуан Мраҭашәаратәи Украинеи, Мраҭашәаратәи Беларуссиеи рҟны.

1941 шықәса рашәарамза 22 рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалагеит.

Аҧсны лаша аҵеи, Ҳаразиа Владимир аҧхьатәи амш инаркны амца далагылеит. 1942 шықәсазы аҧхын аибашьра ашьаарҵәыра Асовет еибашьцәа ылагылан. Усҟан 26 шықәса зхымҵыцыз алетинант еиҳабы, артиллериатә дивизион акомандаҟаҵаҩ, Харков агара дҵас измаз, аҕацәа ртанктә колониа акыраамҭа аанкылара иылшеит. Харковтәи азауадгьы рыхьчеит. Владимир идивизиа 30-афашистцәа ртанкқәа ҭадырхеит. Урҭ рҟынтә иара ихаҭа ихымҭоуп аа-танк ҭазырхаз.

Лаҵарамза 16,1942 ш. ибзарбзан ала аҕацәа дышреихысуаз, дызгашаз ахы иқәшәеит. Ақыҭа Веселое аҕа импыҵамхаларц иихьчоз, ихы ақәиҵеит.

Ҳаразиа Владимир Камсагә-иҧа иқәыҧшра, иҧсҭазаара ари ақыҭа иақәҵаны  еиқәирхеит. Усҟан нахьхьи Аҧсны изыҧшыз аҭыҧҳа д-Цәеиҧҳан, ачабрақәа  еимырдахьан. Ирҳәоит, Владимир, Ҳаразиа данҭаха ашьҭахь лхы разҟы алымҭеит ҳәа.

– Ҳаразиа Владимир данҭаха, – лҳәеит Виолета, – дышҭахаз иҳәаразы, Шьынқәба Баграт Уасил-иҧеи Џьырхәааи еилагыланы ҳабду ишҟа иааит. Уи иҩыз ажәеинраалақәа рцикл зегьы ауаҩытәҩса игәы аҵанӡа инеиратәы иҟаиҵеит. Ажәеинраала «Аб» лассы-лассы ҳаҧхьалоит, уаҟа дагәылубаауеит Владимир. Уатәнатәуеит, ухнахуеит аҭоурых ахь ухьанарҧшуеит. Уи аамҭа иақәҿызҭыз ҧҵамҭа духеит.

Аҧснынтә Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аҟны еиба­шьуаз зегьы раҧхьа Асовет Еидгыла Афыр­хаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы  иаҧсахаз Ҳаразиа Владимир Камсагә-иҧа иоуп. Ибаҩ ахьамаз 35 ш. еилкаа­ӡамызт. Хабарда ибжьаӡыз рхыҧхьаӡараҿы дыҟан. 1980 ш. Ҳаразиа Владимир иҭаацәеи иуацәеи злахәыз аделегациа Украина, ақыҭа Веселое аиҳабы Сабченко Алексеи иқәгылараан аҧшааҩцәа ишьақәдыргылаз, Владимир ихы зқәиҵаз ақыҭа Веселое аҟны аиашьаратә нышәынҭраҿы джуп ҳәа рылеиҳәеит.

1980 ш. нахыс Аиааира амш аныҟалоз есышықәса ицон. Ус Аҧсны аибашьра ианалага ицартә еиҧш аҭагылазаашьа ыҟамызт. – Аибашьра анеилга ашьҭахь, – лҳәеит Виолета, – Украина инхоз Агрба Ҭемур Владимир дахьжыз дцаны игәеиҭеит. Нас аҭыҧантәи администрациа ираҳәаны, Асовет Еидгыла Афырхаҵа Ҳаразиа Владимир иҧсыбаҩ анышә иахьамадаз аиҭарҿыцрақәа ҟаиҵеит. Ақыҭа Веселое аҟны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазкыз амузеи ыҟан. Уаҟа илҳәеит Виолета, – акәакь аҟны Владимир изкыз, ифырхаҵаратә мҩа аазырҧшуаз аҭыӡқәеи афотосахьақәеи рацәан. Абраҟа исҳәар сҭахуп, 2013 ш., Аҧсны иҟаз Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев ицхыраарала Ахьтәы иеҵәеи Ленин иордени аагара илшеит. Уи даараӡа акраҵанакуеит.

Асовет аамҭазы, Асовет Еидгыла Афырхаҵа, Аҧсны еиуеиҧшым аҭыҧқәеи аусбарҭақәеи ихьӡ рыхҵан. Имҩаҧыргон еиуеиҧшымыз аспорттә еицлабрақәа, атурнирқәа. Иҭыҵуан ашәҟәқәа, астатиақәа, ирыҩуан ажәеин­раалақәа. Изыркуан ашәақәа…

Ҳаразиа Владимир изкны асахьаркыратә фильм аҧҵан. Афильм иахьӡын: «Аҧсуа ҷкәын ихҳәаау апоема». Владимир ироль Инал-иҧа Адгәыр Шалуа-иҧа инаигӡон: – Уи афильм аҟны, – лҳәеит Виолета, – Владимир ихаҿсахьа бзиаӡаны иааирҧшуан. Ҭаацәала ҳахәаҧшуан. Адгәыр ихаҿсахьаҿы ҳашьа даабон, дагьеиҧшнаҳшьалон… Уаҳа ахаан иҟамлааит аибашьра.

Ҳаразиа Камсагә Сҭеҧан-иҧа ихылҵшьҭра уреигәырҕьартә иҟоуп. Урҭ абиҧарала еимырдо Афырхаҵара адацқәа дууп. Ҧсра-ӡра ахаан изқәым Афырха­ҵара ауп. Аҧсуа жәлар зегьы ирхаҿхаз, ахаҵа ихаҵа ҳәа иахьагьы, наӡаӡагьы ашәа ззырҳәало, Ҳаразиа Владимир Камсагә-иҧа 26 ш. шихыҵуаз ашәышықәса аҭоурых дахаҿны даанхеит.


Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me