Ҳтәылаҿы, аҵыхәтәантәи аамҭазы, аҿар аԥсуа милаҭтә музыкатә рҳәагақәа ирызхьаԥшуа рхыԥхьаӡара есааира еизҳауа иалагеит. Ҳәарада, ари ахҭыс аҟазарауаа рымала ракәымкәан, гәахәара дууп аԥсуа жәлар зегь ҳзы.
Амырзакан гәцаразкуа маҷҩым, аха хаҭала, адаул ахь агәацԥыҳәара аазырԥшуа, ари амузыкатә инструмент арҳәашьа аҵаразы агәаҳәара змоу, уахь зхы зырхо рхыԥхьаӡара уаҩы иааџьеишьартә ирацәаҩуп.
́Адаул ахь ахәыҷқәа ирымоу абзиабареи агәаҳәареи зхылҿиааз, иара амузыкатә рҳәага адаул аҷыдарақәа, музыкатә рҳәагак аҳасабала ахархәара аиҿкаашьа аилкааразы ҳара ҳиҿцәажәеит абаҩхатәреи аԥышәеи змоу адауласҩы, ахәыҷтәы ансамбль «Адаул» асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Еснаҭ Сангәлиа.
Уи ҳаиҿцәажәара хацыркуа иазгәеиҭеит, иахьа адаул асҩык иаҳасабала дшеицырдыруа, ари аҟазара ахырхарҭа аԥыжәара шеиҭаз, аха аханатә, даныхәыҷыз, акәашара аҟазарала дшалагаз, аԥхьаҟагьы дкәашаҩхарц игәы ишҭаз.
– «Схәыҷаахыс акәашара бзиа избон, адауласра схахьгьы иҟамызт. Аҩбатәи акласс аҟны аҵара анысҵоз инаркны Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхаруаа рышкол аҟны, Аԥсны жәлар рарстист Вахтанг Возбеи, Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Аркади Чачхалиеи еиҿкааны ирымаз ахәыҷтәы кәашаратә студиа аҟны скәашон. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Аҟәа аанаҳмыжьыр ада ԥсыхәа аныҟамла, Черкесскҟа сцеит. Уа сахьнеиз, ашкол сахьҭаз еиҿкааз Кавказ жәлар рыкәашарақәа рахь аныҟәара салагеит. Сан, Палина Гәниаԥҳа аамҭала, «Шьараҭын» аҟны дкәашон, аҭаацәара даналала аҟазара нлыжьит, аха лара илзынамыгӡаз лгәаҳәара, аҟазара сара сҿы абара даара дазгәышьуан, илҭахын аԥхьаҟа скәашаҩхарц, уи сазылкуан, сазхьалырԥшуан. Аха сара Черкесск акәашарахь сахьныҟәоз, сырҵаҩы адаул дшасуаз сихәаԥшуан, избон. Аԥсшьара аамҭазы, уи ишьҭахь адаул ахьықәыз иаашьҭысхын ҩынтә-хынтә снасын, инышьҭасҵан сцеит. Уи гәазҭаз сырҵаҩы, сан илабжьигеит «адаул аганахьалагьы дԥышәазар бзиан», – ҳәа. Иԥышәа инарбазар акәхап, аԥхьаҟа исылҵраны иҟаз, сан уи лаҳарцгьы лҭахымхеит, акәашара ада лхахьы акгьы аалгомызт.
Аибашьра ашьҭахь, Аԥсныҟа санаагьы, «Аԥсны жәлар рартистцәа Циала Ҷкадуеи Алексеи Аршбеи напхгара зырҭо ахәыҷтәы кәашаратә ансамбль «Абаза» аҟны исызҳаанӡа скәашон. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҟны аҳасабрбатә концерт аан, хаҭала, аҟазара «Абаза» аҟны ианхсыркәшоз, Аԥсны жәлар, Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Кавказ» асахьаркыратә напхгаҩыси аиҳабыси иҟаз, Кандид Тарас-иԥа Ҭарбеи сани азал аҟны еиқәшәеит. Реицәажәараан, илҳәазаап асценаҿы сшыкәашоз, сагьилырбазаап. Аконцерт ашьҭахь, саб ихьӡ ааиҳәан, «Сырбеи диманы сара сҿы инеиааит», – иҳәан дцеит – дҳацәажәон Еснаҭ Сангәлиа.
Аиашазы, Еснаҭ иажәақәа рыла, аҵыхәтәанынӡа акәашара ада даҽа хырхарҭак дазхәыцуамызт. Ансамбль «Кавказ» аҟынгьы акраамҭа дкәашон.
«Усҟан ари ансамбль аҟны икәашон: Аԥсны жәлар рартист, иахьа «Кавказ» асахьаркыратә напхгаҩыс иҟоу Арвелод Ҭарба, Аԥсны жәлар рартист Вианор Логәуа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Славик Қапба, Нхыҵ Кавказтәи акәашацәа уҳәа абаҩхатәреи аԥышәеи змаз. Азныказы, исцәыуадаҩхеит, ас еиԥш ахатәрақәа ахьыкәашоз коллективк аҟны рыцыҟазаара, аха нас сашьцылеит» – иҳәеит уахь инеира игәаларшәо.
Еснаҭ иажәақәа рыла, шәагаала дахьаумыз аҟнытә, амассаҿы акәашара ддыргылаӡомызт, ахкқәа рынагӡара иҽазыҟаиҵон. Ҽнак, зны, «Черкесск иҟалаз аҩыза ҟалахт» – иҳәеит иҟазаратә хырхарҭа зыԥсахыз, акәашарахьтә адаул асрахь дшиасыз дазааҭгыло.
– Аԥсшьара аамҭазы адаул аақәысхын ҩ-ритмк сыхәмарит. Кандид Тарас-иԥа икабинет ашә аартын аҟнытә, иаҳазаап, иаԥхьа ииасны аҽазыҟаҵарҭатә зал ахь инеиуаз сҩызак иеиҳәеит, «адаул иасуаз ара дысзаашьҭ» ҳәа.
Уи акәхеит, раԥхьа исабжьигеит «адаул асрахь сиасырц», аха сара иаҿаршәны мап ацәыскит. Анаҩс, иара ишиҟазшьаз еиԥш, схы иҭагаланы, ҭынч-ҭынч, хаа-хаа дсацәажәо сазааигеит, «акәашараҿгьы убзиоуп, адаул аҟынгьы ухы ԥышәа, иуҭахызар еилаугӡап», – иҳәеит, саргьы сақәшаҳаҭхеит. Раԥхьа ус сагьалагеит, аха акәашареи адаул асреи реилагӡара уадаҩуп.
Хәыҷы-хәыҷла исызгәамҭаӡакәан адауласра сагәыланахалеит, аинтерес сызцәырҵит. Ус ансамбль «Кавказ» Москваҟа агастроль ахь амҩа ишықәыз адауласҩы иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ансамбль аҟны аӡәы ихала данаанха (усҟан амузыкантцәа маҷҩын), Кандид Тарас-иԥа снеиԥхьан «уаҳа ԥсыхәа ҳамам»… – аниҳәа, сҭаацәа ишырҭахымыз (саб нас дазааит), акәашара ааныжьны адауласрахь сиасит.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылагаанӡа асаркьа садтәаланы сыхәмаруан, аҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь, саангыланы иасырҳәон, схы аус адызулон, аҵара саҿын. Раԥхьа исцәыуадаҩын даара, ашкол саналгоз, иреиҳау аҵараиурҭа аҭалара уҳәа зегь еиқәшәеит. Арахь адауласра аҵара аамҭа рацәа сцәагон. Шықәсык ала ҩ-ҟәшак рыла апрограмма сҵеит, сыхәмаруан, –дҳацәажәон адауласҩы.
3 шықәса акәашареи, анаҩс, даҽа 3 шықәса адауласреи, инеиԥынкыланы 6 шықәса ансамбль «Кавказ» аҟны иҟазаара ашьҭахь, ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль «Абаза» аҟны хореографс аусура далагоит, ирҵаҩцәа ирҭаз ааԥхьарала. Ԥыҭрак ашьҭахь, Черкесск еиҿкааз, Аԥсны жәлар рартист Валери Ҭаниа напхгара зиҭоз акәашара атеатр «Меркури» ашҟа, иҩызцәа ааԥхьара ирҭаз ала, дцоит. Уа дахьнеиз, адаул иасшьа, ихәмаршьа ихнахыз В.Ҭаниа дидикылоит. Аха шықәсык аус аниу ашьҭахь, ҩаԥхьа, Аԥсныҟа иҩызцәеи (аԥсуаа) иареи хәҩыкны ихынҳәит.
«Черкесскынтә Аԥсны ҳааимҭаз Е.Бебиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Шьараҭын» 35 шықәса ахыҵра аиубилеитә концерт аҽазыҟаҵара ианаҿыз аамҭа ҳахҭыгәлеит. Мызкы акәын аиубилеи аҟынӡа инханы иҟаз аамҭа, «Шьараҭын» асахьаркыратә напхгаҩы Руслан Едуард-иԥа Бебиа «ацхыраара сҭахуп, шәсывагыл», – ҳәа аниҳәа, иажәа ҩбамтәкәан ҳақәшаҳаҭхеит. Шәарах Цколиа снаиватәан мызкала апрограмма сҵеит, аиубилеи аҟны сыхәмарит. Уи нахыс, 2005 шықәсазы – «Шьараҭын» 35 шықәса ахыҵра аиубилеи инаркны иахьа уажәраанӡа ари ансамбль аҟны аус зуеит», – азгәаҭауа, даҩымсит «Шьараҭын» аҟны аус иуеижьҭеи уи аиубилеиқәа ԥшьба дшырхаанхахьоу, ахәбатәи дшазыԥшу, уи ала уаатәи иусура ахыркәшара, атәанчара ацара игәы ишҭоу.
Еснаҭ Сангәлиа иааӡамҭацәа рахьтә дзықәгәыӷуа, иус имаздо аҿар шыҟоу азгәаҭо, дизгәдуны иӡбахә ҳаиҳәеит Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Шьараҭын» ахь адаул асҩыс инеигаз, Аԥсны жәлар рартист Вианор Логәуа напхгаҩыс дызмоу жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи ансамбль «Ерцахә» аҟныгьы аус зуа, (хазы, адаул асра дырҵаразы зхатә ҵаҩцәа змоу) Руслан Қанҭариа.
Еснаҭ «Шьараҭын» аҟны шықәсык аус иухьаны еиԥш, 2007 шықәса инаркны адауласра ахәыҷқәа дырҵара хациркит. Раԥхьа иҭынхацәа хәыҷқәа аӡәы-ҩыџьа рыла далагеит, (урҭ иҟарҵаз аҳәарала). «Аҩны, актәи аихагыла аҟны сааҭк, ҩ-сааҭк адаул асшьа дсырҵон, иазыҟасҵон. Ианырҵа, ана-ара иахьыхәмаруаз збаз рҩызцәа иргәаԥханы, урҭгьы сыдҵаалауа иалагеит. Есааира аӡәи-аӡәи еихьыԥшуа адауласра аҵара згәаԥхоз, агәаҳәара зауаз рхыԥхьаӡара еизҳауан» – иҳәет уи.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Еснаҭ Сангәлиа иазыҟаиҵоз, адауласцәа раԥхьатәи ргәыԥ еиднакылон 7-ҩык ахәыҷқәа. Нас 10-15-ҩык рҟынӡа рхыԥхьаӡара иазҳаит. Адауласра згәы азыҳәоз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иахьацло узеигәырӷьаша хҭысуп, аха урҭ ахьазыҟаиҵаша ахыбра, аҭыԥ ахьимамыз иусура аҟны ауадаҩрақәа изцәырнагон. Аконцертқәа рҟны адауласцәа хәыҷқәа рықәгыларақәа збаз ирҵаҩцәа ҩаԥхьа, днарԥхьоит ахәыҷтәы кәашаратә ансамбль «Абаза» ашҟа. Аамҭаказы, «Абаза» аҟны иазыҟаиҵон.
«Ахәыҷқәа ахьазыҟасҵаша иахьа уажәраанӡагьы исымам. 20 шықәса ҵуеит, ари апроблема ӡбым, ҭыԥк аҟнытә даҽаџьара ҳдаулқәа ииаго аус зуеит», – иҳәеит аҽазыҟаҵарҭатә зал амамзаара ада проблема шимам азгәаҭо.
Ансамбль «Адаул» асахьаркыратә напхгаҩы аҽазыҟаҵарҭатә зал аганахьала ауадаҩра шимоугьы, иахьа 200-ҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа адауласра дирҵоит. Ҩ-гәыԥк Аҟәеи Гәдоуҭеи еиҿкааны имоуп, сабшалеи мҽышалеи иазыҟаиҵоит, аус рыдиулоит. Иоушьҭымҭацәа ракәзар, рхыԥхьаӡара 100-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьтә зегьы ари аҟазара амҩа ылрымхызаргьы, адаул асшьа бзианы ирдыруеит. Иҟоуп еиуеиԥшым ансамбльқәа рҟны аус зуагьы.
Еснаҭ изы, шамахамзар, ихы данақәиҭу, иҭацәу аамҭа ыҟам, аԥсшьарамшқәа рзгьы аус иуеит. Ашәахьа иусура амчыбжь алагоит Гагра, ансамбль «Кьараз» ала, анаҩс, хореографс ахәыҷтәы студиа «Иаирума» аҟны, сабшалеи мҽышалеи ансамбль «Адаул» Гәдоуҭеи Аҟәеи еиҿкаау ҩ-гәыԥк разыҟаҵара уҳәа.
Адауласра аҵара иааиуа ахәыҷқәа 5 шықәса инаркны 14 шықәсанӡа зхыҵуа роуп. Еснаҭ излаиҳәаз ала, 15 шықәса зхыҵуа аҭыԥҳа дыҟоуп игәыԥ аҟны. Зынӡа хҩык аҭыԥҳацәа ныҟәоит адауласрахь. Урҭ рахьтә аӡә даԥсуоуп, ҩыџьа урыс ҭыԥҳацәоуп, аӡәы 11 шықәса лхыҵуеит егьи 14 шықәса.
Хаҭала, аҭыԥҳацәа адаул асра аҟны рылшарақәа зеиԥшроу азы азҵаара иаҳҭаз аҭакс иҳәеит, аҷкәынцәа раасҭа аритм ҿыц, зны-зынла ирласны ишгәныркыло, аха уи амацара шазымхо.
«Адауласра – азҿлымҳареи агәынкылареи инарҷыданы амахәҿа ӷәӷәа аҭахуп, амч улазароуп. Аҽазыҟаҵарақәа раан «ишшәылшо иӷәӷәаны, аӷьеҩҳәа шәас», – ҳәа аҷкәынцәа сыбжьы ҭганы ишрасҳәо, аҭыԥҳацәа саарыхәаԥшуеит, «шәара ишшәылшо шәас», – сҳәоит среиҷаҳаны, лшарала еиҳа ишԥсыҽу азгәаҭаны», – иҳәеит аԥышәа змоу адауласҩы, аҭыԥҳацәа рнапсыргәыҵақәа амса аҵаларагьы рацәыхьчара дазхәыцуа.
– Адаул асшьа ахатә кәамаҵамақәа амоуп, имариаӡам. Ахәыҷқәа раԥхьа адаул акышьа дырҵатәуп, уи ушақәшәалак иукыр ауӡом. Имкаҳарц азы умашьхәылҵ ала иӷәӷәаны иаанукылароуп, ушьамхгьы ацурхыраароуп, нас унацәа дуқәа рыда егьырҭ унацәкьарақәа еиҭныԥсахло аус руроуп, ахархәара ауҭароуп.
Ахәыҷӡақәа адаул акышьа рҵаанӡа, рымч ақәхо иҟалаанӡа, ирыцәкамҳарц аҟәардәқәа еидыргыланы, адаул ықәҵаны ауп ишыдҳарҵо.
Акызаҵәык, арымарахьала, арыӷьарахьала, досу ишизыманшәалоу еиԥш икыр, дыхәмарыр ауеит. Аха еиҳарак армарахьала изку, арӷьа напала иасуа роуп, – дҳацәажәон Еснаҭ.
«Акәашарақәа рынагӡараҿы аума, амелодиақәа рарҳәараҿы аума, иҟоуп адаул ахархәара ахьамам, иахьанымаало, иахьаҭахым. Амузыкантцәа алирика аҵаҵаны, ихааны инарыгӡо амелодиақәа рҟны адаул мыцхәуп. Иаҳҳәап: акардиони аҿарпыни ахьеиццо, аԥхьарца, ачамгәыр ахьыҟоу адаул аҭахӡам.
Аҷкәынцәа ахкы анынарыгӡо адаул хымԥадатәиуп, хаҭала аԥсуа кәашара амузыка (аркәашага) адаул абжьы даара ианаалоит, аритм иацнаҵоит, иарццакуеит, иарлахҿыхуеит. Иҟоуп акәашарақәа, адаул асра ала иалаго, иҟоуп раԥхьа акардион ала ианцәырҵуагьы. Иаҳҳәап: «Анхацәа рыкәашара» аҟны, адаул ыҟаӡам, акардиони аҟьаԥ-ҟьаԥи еиццоит. Аритм ҟазҵо, ихазырҭәаауа акардион иацхыраагӡаны иҟоу аҟьаԥ-ҟьаԥ ауп.
Ҿырԥшыс акәашара «Шьараҭын» аагозар, акәашара иалагаанӡа адауласра ала иаатуеит. Анаҩс, иҟоуп адаул ҳшыхәмаруа, аҭыԥҳацәа асценахь ианаацәырҵуа, усҟан ҳааҭгылоит, амелодиа хааӡа, ашьшьыҳәа ишцо, дырҩегьх аӷьеҩҳәа адаул абжьы аацәырҵуеит. Абас еиԥшьуп, еиҿыбаауп, ихеибарҭәаауеит аритми амелодиеи, – иҳәеит аритм зцым амузыка шзыҟамло азгәаҭо.
Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист иазгәеиҭеит, аханатә акәашара игәы шазыҳәозгьы, иахьа адауласра аԥыжәара ахьаиҭаз, акәашара ахырхарҭагьы шгәыгәҭаимыжьыз, хореографк иаҳасабала ахәыҷқәа дырҵараҿы ахархәара шаиҭогьы, хаҭала, еиҳа дызлеицырдыруа адауласра, амузыкант изанааҭ дшахьымхәуа.
«Аҟазара амҩа аналух, уи уԥсы ахьынӡаҭоу уаҿызароуп, уазааԥсароуп, уԥсҭазаара зегь азукроуп. Уажәшьҭа даҽа мҩак сымаӡам. Даҽазнык сыԥсҭазаараҿы азанааҭ алхра сыдыргалар, лакҩакрада аҟазара, хаҭала адауласра алысхуан», – иҳәеит Еснаҭ Сангәлиа ҷыдала, аԥсуа милаҭтә музыкатә рҳәагақәа зегь игәы шырзыбылуа, аамҭеи аҭагылазаашьеи имазар рҵара дшалагоз азгәаҭо. Еснаҭ иаб, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Сырбеи Сангәлиа ҳактиорцәа хатәрақәа дыруаӡәкуп. Ҭаацәарак аҟны ҩыџьа Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистцәа рыҟазаара насыԥ дууп.
Хаҭала, Еснаҭ актиортә ҟазара акәымкәан даҽа хырхарҭазаргьы иалихыз уеизгьы, аби иаԥеи аҟазара еиднакылоит, Еснаҭ иабшьҭра дықәуп.
Акыр шықәса амилаҭтә ҟазара амаҵ азызухьоу акәашаҩ, адауласҩы Еснаҭ Сангәлиа, иаԥхьаҟагьы инапы злеиклакгьы аҟны, аихьӡарақәа изыԥшызааит.
Алиса Гәажәҧҳа


