Аҳәынҭқарра Ахада Казбек Таисаев иҭабуп ҳәа иеиҳәеит шықәсырацәала иҟаиҵо адгыларазы, иазгәеиҭеит апарламентбжьаратә еимадарақәа рырӷәӷәараҿы илагала ду.
«Иҭабуп идуӡӡаны жәашықәсала ҳреспублика иашәҭо адгылареи ацхыраареи рзы. Аԥсуа жәлар ибзиаӡаны ирдыруеит Аԥсны шәшазыҟоу, уи ахә ҳаракны иршьоит», – иҳәеит Бадра Гәынба.
Таисаев Гәынба иеиҳәеит аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володини, ИАР аусқәа рзы Аилак анапхгаҩы Леонид Калашникови, КПРФ афракциа анапхгаҩы Геннади Зиуганови рҟынтәи аԥсшәаҳәаратә ажәа.
Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Аҟәатәи аҳаирбаӷәазазы игәаанагара ҳацеиҩишеит, Аԥсны аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи аусура аларгареи рзы имҩаԥгаз аусурақәа рымҽхак азгәеиҭеит.
«Сара хаҭала иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахын имҩаԥыжәго аусуразы. Ареспублика Апарламенти ҳареи даара аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьалеит, иҳабжьоу агәрагара аҩаӡара ахә ҳаракны иаҳшьоит. Сара сганахьала агәра дсыргар сҭахуп аринахысгьы ҳаинырра арӷәӷәаразы иҳалшо зегь шыҟаҳҵало», - иҳәеит Казбек Таисаев.


