Аҟәа аԥшаҳәаҿы имҩаԥырго археологиатә жрақәа рыҿҳәара даҽы хымз иацҵоуп

Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба ақалақь аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит. Аҵарауаа иҟарҵаз аҳәарала аобиект аҿы имҩаԥырго археологиатә ԥшаарақәа рыҿҳәара даҽа хымз иацҵан ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.

Аиԥылараан Агрба иара убасгьы ахҳәаа аиҭеит асоциалтә ҳақәа рҿы излацәажәо апроект ахәԥса, иазгәеиҭеит арҭ адыррақәа шҵаҵӷәыдоу. Иҳәеит Алашарбага ахь архәара инаркны акаҳуажәырҭа «Пингвин» аҟынӡа зымҽхак ҭбаау анџьныртә еиҭашьақәыргыларатә усмҩаԥгатәқәа шымҩаԥысуа.

Аҳҭнықалақь ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҭоурыхтә ҵакы змоу аобиектқәа зегьы заанаҵы ишыԥхьакыз. Уажәы аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы иқәдыргылаз абетонтә шьаҟақәа рықәгара иаҿуп, урҭ акультуратә ҭынхахьы иаҵанакуам.

Аилацәажәара аихшьалақәа рыла Ҭемыр Агрба адҵа ҟаиҵеит аԥшаҳәа аҭоурыхтә хәҭаҟны аусурақәа раамҭеихша рҿыцны хара имгакәа ашьақәырӷәӷәаразы ицәырыргарц.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me