Аԥсуа артистцәа еиуеиԥшым аноминациақәа рыла ақәыргыламҭақәа ԥшьба ӡырыргеит, урҭ зегьы рҿы актәи аҭыԥ ааныркылеит.
«Афестиваль иалахәын иааидкыланы 100 номерк инареиҳаны ицәырызгаз аколлективқәа. Ҳансамбль инанагӡеит "Аԥсуа кәашара", "Амҳаџьыраа рыкәашара", "Алак кәашара", "Ауар кәашара". Ақәгыларақәа ԥшьба рылҵшәақәа рыла актәи аҭыԥ аанаҳкылеит, иреиҳаӡоу аҳамҭа — Ахьтәы Гран-при ҳаҭәашьахеит», — ҳәа азгәарҭеит ансамбль анапхгаҩцәа.
Аиҿкааҩцәеи артистцәеи ражәақәа рыла, ари аицлабра аколлектив арҿиаратә ҭоурых аҿы зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау, аҵакы змоу ахҭысқәа ируакхеит.


