«Шәара ахацәа шәрывагылан агәымшәара аашәырԥшит. Еиқәшәырхеит ҳаԥсҭазаара, Ҳаԥсадгьыл. Ҳара ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, еиҵагыло аҿар иреилҳаркаауеит шәџьабаа зеиԥшроу. Аҭынчра аамҭазгьы ҳтәыла аҿиара шәацхраауеит. Шәадныҳәалаз! Агәабзиареи, ашықәс нҵыра рацәеи, аҭынчреи шәзеиӷьасшьоит», — иҳәеит араион анапхгара ахада Алхас Ҷыҭанаа.
«Шәыԥсадгьыл аҿаԥхьа шәџьабаазы гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп. Ҳҳәынҭқарра аиқәырхареи аизҳазыӷьареи рҿы шәлагала ахә ашьара уадаҩуп. Иаашәырԥшыз ахамеигӡара иабзоураны, ҳара аҭынч аамҭа агәахәара ҳзаанагартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳамоуп», — ҳәа азгәеиҭеит араионтә Еизара ахантәаҩы Асҭамыр Аҩӡба.
Аофициалтә усмҩаԥгатә аан аҳәса аԥаратә ҳамҭақәеи ашәҭ шьыҵәрақәеи рырҭеит.
Аиԥылара ашьҭахь акультура Аҩнаҿы ансамбльқәа «Гәымеи», «Гәымсҭеи» злахәыз аконцерт мҩаԥыргеит.


