Атәыла анапхгара ирыдыркылеит есышықәсатәи жәларбжьаратәи афестиваль «Ахаҳә еиҩса» аиҿкааразы ақәҵара

Афестиваль азкхоит иналукааша аԥсуа поет, апрозаик Баграт Шьынқәба иҭынха аларҵәареи аԥсуа культура арҿиареи.

Афестиваль аиҿкаара-техникатә еиқәыршәара акультура аминистрра иадҵоуп.

2027 шықәсази анаҩстәи ашықәсқәа рзи иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма атәыла ахада ашьақәырӷәӷәаразы идгалалахоит есышықәса, рашәарамза иахымгакәа

Афестиваль официалла иаԥҵан Аԥсны Ахада Бадра Гәынба жьҭаарамза 31, 2025 шықәса рзы иҟаиҵаз Аусԥҟа инақәыршәаны. Уи хықәкыс иамоуп иналукааша ашәҟәыҩҩы ду Баграт Шьынқәба игәалашәара аиқәырхареи аԥсуа бызшәа жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы арҿиареи.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me