Абаҩхатәра злаз, зырҿиаратә ҭакԥхықәра ҳаракыз, аха злахьынҵа зцымныҟәаз апоет-қәрахьымӡа, ашәаԥҵаҩы 28 шықәса роуп изыԥҵәаз. Аџьынџьтәылатә Еибашьра ду далахәын, уи аилгамҭаз ахәра ӷәӷәа иоун, хара дамышьҭит.
Шамил Бганба Аԥсуа театр аҟны аус иуан, абжьы бзиа ихан, хьшьыцбашәа дкәашон, иҩуан ажәеинраалақәа, ашәақәа, ажәабжьқәа. Ачамгәыр, агитара аирҳәон. Еизигон, ианиҵон ажәлар рҳәамҭақәа. Алитература аганахьала игәҭакқәа рацәан.
Аибашьра аҟынтә аҩныҟа данаа, ихәра дшаргәамҵуазгьы, арҿиара дазыхынҳәит. Напы аиркит инеиҵыху аҭоурыхтә поема "Лаша́" (аҳ иԥҳа лыхьӡ), аԥсуаа рхақәиҭратә қәԥара иазкны. Аҩымҭа хыркәшамкәа инхеит, аха иҟоу аԥшь-хыкгьы аԥхьаҩ иарҳәо маҷым, егьырҭ ацыԥҵәахақәа инарылакны аҭыжьра иаԥсоуп иҳәахьан алитератураҭҵааҩ Руслан Қапба.
Шамил Бганба иажәеинраалақәа реизга "Абзиабара ааԥын" ҭыҵит 1976 шықәсазы. Ишынеибаку ихааӡа иҟоу, ауаҩытәыҩсатә ԥхарра зҵоу лирикоуп. Уи аԥхьагьы, 1957 шықәсазы, ажәлар ирылаҵәеит иахьа уажәраанӡа зегьы бзиа еицырбо, апоет иԥсымҭазы иҭынхаз ашәа "Сакьеи Шакьеи".
Иахьа, аԥсуа музыка аҿар шаҵагылаз ала, издыруада, ишәҟәы заҵә иагәылаԥшны, ргәы иақәшәаша, хит ҿыцк злыҵша цәаҳәақәак рыԥшаар.


