Аԥсны Аҳәынҭқарра ахортә капелла 19-тәи Қьырсаныҳәатәи ахортә қәгыларақәа ирылахәын

Аусмҩаԥгатә мҩаԥысит ажьырныҳәамза 16 рзы, Александр Невски Нижегородтәи икафедралтә уахәамаҿы.

Асахьаркыратә напхгаҩы Нодар Ҷанба напхгара зиҭоз артистцәа аԥсышәала апрограмма ӡырыргеит. Урҭ иреиуоуп: ажәытә ашәа «Амин», К.Ченгелиа икомпозициа «Ҳбыҳәоит, Ацқьа Мариа», Нодар Ҷанба идоуҳатә концерт «Анцәа иҳәара» ахәҭақәа.

Нижегородтәии Арзамасстәи амитрополит Гьаргь ахортә шәаҳәара амиссиа шыҳараку азгәеиҭеит, апрограмма анхыркәшаха, адоуҳатә культураҿы рлагалазы, акапелла анапхгара Архиереиатәи аҳаҭыртә шәҟәы ранеишьеит.

«Ари баша концертмызт, ари Анцәа имаҵ аура акәын»,-ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Агастрольқәа ирыцҵоуп: ажьырныҳәамза 17 рзы аколлектив акамертә хор «Нижни Новгород» иацны аконцерт мҩаԥыргоит Л.Сивухин ихьӡ зху ахортә коллеџь азал аҿы.

Аҭаара еиҿкаауп Аԥсни Урыстәылеи ркультура Аминистрреи, РОСКОНЦЕРТи, Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи рыцхыраарала.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me