Аурыс-Кавказтә еибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы (лаҵарамза 20-21) – 1,5 млн мааҭ.;
жәларбжьаратәи аҿартә лагер аиҿкааразы-30 млн мааҭ.;
адныҳәаларатә шәҟәқәеи абаннерқәеи раахәаразы-200 нызықь мааҭ.;
Аԥсны арепатриациазы аҳәынҭқарратә политика анагӡареи аофициалтә еиԥыларақәа рымҩаԥгареи хықәкыс иҟаҵаны ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа ахьынхо атәылақәа рахь аныҟәарақәа реиҿкааразы – 1,2 млн мааҭ.;
акьыԥхьтә аалыҵ аҭыжьразы-750 нызықь мааҭ.;
арепатриациазы аҳәынҭқарратә политика анагӡаразы, адиаспорақәа рхаҭарнакцәа рыдкылара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа реиҿкааразы - 1 млн мааҭ.;
есышықәсатәи ашьапылампылтә турнир амҩаԥгаразы-200 нызықь мааҭ.;
апрограмма «Аԥсуа бызшәа – ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш» азы – 5 млн мааҭ.;
есышықәсатәи аспорттә усмҩаԥгатә «Нарҭаа реиԥхныҩлара» амҩаԥгаразы – 100 нызықь мааҭ.;
Шьамтәыла иҟоу ҳдиаспореи ҳареи ҳаинырра азҵаарақәа рынагӡаразы – 240 нызықь мааҭ.;
аԥсшәеи аурысшәеи рҵаразы акурсқәа рзы -1,5 млн мааҭ.
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз имши, Аиааиреи, Ахьыԥшымреи рымши разгәаҭаразы аусмҩаԥгатәқәа рзы - 10 млн мааҭ.
Аҩнқәеи ауадақәеи рырҿыцразы (арепатриантцәа рарзаҳалқәа инарықәыршәаны), арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилакы ахыбра аиҭашьақәыргыларазы иазԥхьагәаҭоуп 35 млн мааҭ.
2026 шықәсазы аргыларатә усурақәа рымҩаԥгареи апроект-харџьынҵатә усшәҟәқәа разырхиареи рзы иазԥхьагәаҭоуп 100 млн мааҭ азоужьра.
Арепатриантцәа аматериалтә цхыраара рыҭара 7,7 млн мааҭ азоужьхоит.
Зхатә нхарҭа змам, қьырала иҩноу арепотриантцәа руадақәа рыхә ашәареи ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәеи ацхыраара рыҭаразы иазоужьхоит 10 млн мааҭ.
ЕКО иазку аҳәынҭқарратә программа амҩаԥгаразы иазоужьхоит 35 млн мааҭ.
Аҳәынҭқарратә программа «Адемографиа арҿиара» анагӡаразы иазоужьхоит 158 млн мааҭ. Милаҭла иаԥсыуоу ахшара рацәа змоу аҭаацәа ахԥатәи, уи иашьҭанеиуа ахәыҷы иираани аԥаратә цхыраара рыҭахоит.


