Абнақәа рбеиара еиқәзырхо

Аминистрцәа Реилазаара есышықәса еиԥш, сынтәагьы Ашықәс ҿыц аламҭалаз ирыдыркылеит ақәҵара аԥсаӡқәа рыхьчаразы.

Ишԥанарыгӡои иара абнахьчаҩцәа, рнапы ианузеи уи ада уаҳа, насгьы, аԥсабареи ауаҩи рыбжьара абнахьчаҩ рольс инаигӡои, абри атәы аилкаара ҳҽазаҳшәеит.
Амшын аҿықә аҟынтә ҳгылан ҳаԥшуан Афон Ҿыц аҩадахьҟа. Абрахь ҳхалоит, иҳәеит иҿаԥхьа иҟаз ашьха ахықә ҳарбауа абнахьчаҩ Асҭамыр Габраа. Амашьынақәа ҳнарықәтәан амҩа ҳақәлеит. Анхәа ақыҭан иалган игаз амҩала Афон ашьха ҳнаҿалеит. Аҽны амш каххаа ишыҟазгьы, иара амчыбжь зегьы ԥхарала ишбеиазгьы, амҩа цәаакын, ибааԥсын. Ҭыԥқәак рҿы амашьына абыржәымзар абыржәы аҳәынҵәа илахоит шаҳҳәоз, абнара ҳалсуа ҳнеит ашьха ахықәцә аҟынӡа. Аҽны иаалырҟьан абна агәаҭарақәа раан иҳацын х-ҩык абнахьчаҩцәеи, Гәдоуҭатәи абнанхамҩа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Лана Сиҷинааԥҳаи.
Афонҿыцтәи абна аҵакыра 3 544 гектар иҟоуп. Иара Гәдоуҭатәи абнанхамҩахь иаҵанакуеит. Х-ҩык абнахылаԥшыҩцәа рҽыԥсахуа ирыхьчоит. Дара руалԥшьахь иаҵанакуеит есыҽнытәи аныҟәарақәа рыла аҵиаақәа рыхьчара, абна аҿиаразы ацхыраара аҟаҵара. Абна ахҿара, амҿы азырхиара азин ыҟаӡам.
Асҭамыр Габраа абнанхамҩаҿы аус иуеит ҩажәи ҩба шықәса, урҭ рахьынтә жәаа - абнахылаԥшҩыс дыҟоуп. Иара иажәақәа рыла, русураҿы ҭагалани аӡыни абназы иаҳа ианшәарҭоу аамҭоуп. Ҭагалан амцакрақәа ҟалар алшоит, аӡын – аԥсаӡқәа игәцаракны ирымоуп.
Есышықәса Ашықәс ҿыц мызкы шагу, абнахьчаҩцәа ауааԥсыра ргәырҽанырҵоит, аԥсаӡқәа рыхҵәара шыҟамло атәы зҳәо аҩырақәа кыдырҵоит. Аҽны абнахь ҳанцозгьы иаҳгеит акыдҩыларақәа, ҟаԥшьыла, нбан дула ианын, абна ахшьаара шыҟамло. Абнахылаԥшыҩцәа урҭ аҵлақәа рҿы икыдырҵеит.

«Абна зегьы азҟазаӡам, аԥсаӡ дшашьҭо аӡәы аҭаҭын ацыблаах нкаиршәыр уажәы, абӷьы ҩаны ишыҟоу жәбоит, амца гылар алшоит. Быӷькаԥсаноуп еиҳарак ианшәарҭоу. Амца еиқәҵаны, ибзианы измырцәоугьы дубап. Исгәалашәоит, шықәсык зны Афон абна ӷәӷәала амца акит. Гәдоуҭа араион иаҵанакуа абнахьчаҩцәа зегьы адгаланы, атехника хагаланы, амца амацәаз иҭакны иаанаҳкылеит, уаҳагьы иамуит», - еиҭеиҳәоит уи ахҭыс Асҭамыр абылрақәа ирыцу ашәарҭара атәы далацәажәауа.
Афонтәи абнаҿы еизҳауеит ахьа, аԥса, аџь, ашәҵла, ааҵла. Хыхь ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, урҭ рыхҵәара азин ыҟаӡам. Дара рхала икаҳаны ианбаауа, абна иазеиӷьуп ҳәа иршьоит абнахылаԥшыҩцәа. Зны-зынла ааигәа-сигәа инхо анхацәа рзы дара иажәхьоу аҵлақәа рҿы адырга ҷыда аҭаны иаанрыжьуеит, уи алагьы аԥҟара азин рырҭоит. Аха, уи аусгьы нарыгӡоит иара аԥҟарақәа ишрықәшәо ала - аҵла аура, аҭбаара, ашықәс уҳәа арбагақәа зегьы ашәҟәы иҭагаланы. Абна ахала ахы ыҵнахуеит, аха абылрақәа раан еиҳарак аԥхасҭа зауа ҿыц игылоу ахҿарахқәа роуп.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа абнаҿы иалԥсаауеит ахьа. Ачымазара иахҟьаны аҵла аныӡаара иаҿуп. Абнанхамҩаҿы ирыӡбеит аҵиаақәа рааӡара. Иара ахьа ажәла ахаҭа каԥсаны, нап адкыланы ихылаԥшуеит. Шықәсык иалагӡаны Афонтәи абнанхамҩа ҩ-нызқь шьапы рҟынӡа еиуеиԥшым аҵлахкқәа-аҵиаақәа абна иалеиҭарҳауеит. Урҭ рахьынтә 70% аанхоит, иазгәарҭоит абна аспециалистцәа.
«Ара аус зуеижьҭеи абна аҽаԥсахит, иаҳа ираӷахеит, аха излаҳалшо ала ҳус ҟаҳҵоит, абна шыбноу иаанхарцаз», - иҳәоит Асҭамыр.
Иара ҳицны Афон абна амҩахәасҭақәа ҳарныланы ԥыҭк ҳнаскьеит. Иаҳирбеит дахьнеиуа аҭыԥқәа, аԥсаӡқәа ахьгылоу, абынҳәақәа ирцәынхаз ахьагьы ҳаҟәшәеит.
«Ара ҭынчроуп. Санаахалалак иаразнак сҽысыԥсахуеит. Ари усуроуп, аха ара уԥсы ушьоит. Абна иара ашықәс аамҭақәа зегь раан иара атәала иԥшӡоуп. Иахьа хәлаанӡа ҳахьылоу ԥстәык ҳҿамҳар ауӡом, зны амшә, зны абынҳәа . Ари дара рыҩноуп, уи ада ишԥа!», - иҳәоит Асҭамыр.
Ииашаҵәҟьаны, абнаҿы аҵар рашәаҳәабжьи, ҳшьапышҭыбжьи рыда бжьык ыҟаӡамызт. Ҭынчран. Абӷьыжәи аҵла хәарҽқәеи рыфҩы аҳауа иалан. Иаҵәалеи ҩеижьлеи ишәыз абна шәаԥыџьаԥла иахьбеиз амра ашәахәақәа алԥхон, иаҳа иахьӷарыз икахха илашон. Аԥсабара ԥсыршьаган. Араҟа аҟазаара агәахәара унаҭон.
Афонтәи абназы аҵиаақәа рааӡоит иара абна ахаҭа агәҭаны. Уи хылаԥшра аиҭоит Галуст Киносиан. Раԥхьатәи аиҭаҳатәқәа ҟарҵеит 2021 шықәса рзы. Аҵиаақәа шьҭа рымч ҭалеит аныргәахәуа, абна иаларҳауеит. Аусурқәа мҩаԥыргоит ааԥыни ҭагалани рзы. Галуст инапы иану аҵиааӡарҭахь ҳнеигеит. Иаразнакгьы иара шакәыз ҳзеилымкааит, ҳабла зышьцылахьоу ааӡарҭак еиԥш иҟамызт, аха цқьа уаанаԥшы-ааԥшыр иубон, ииашаӡа ицоз ацәаҳәақәа рҿы ахҿарахқәа. Уажәазы ара 200 шьапы инахыҳәҳәо иаанханы иҟоуп, ҳәа адырра ҳаиҭеит Галуст. Ҳаԥхьаҟа ааӡарҭа аҭыԥ рыԥсахырц рҭахуп. Ргәы иҭоуп аҵлахкқәа зегьы рааӡара, иара убас аԥсаӡҵлақәа, аныҳәазы ауааԥсыра рҭахра ахарҭәааразы. Ахьаҵла аҿиара шацәыбыргугьы, ааӡарҭаҿы уи мап ацәыркӡом. Аԥсны абнақәа ахьаҵлада ухахьы иузаагаӡом. Афонтәи абнагьы беиан ахьала. Аамҭаказы аҭагылазаашьа даара иуадаҩын, зегьы ԥсуама ҳәа иахәаԥшуан. Аха, зыԥсы ҭаны иаанхаз аҵлақәеи, ҿыц иакызи рыла абнанхамҩа аусзуҩцәа ргәы еизҳауеит, урҭ аҵлақәа иреиҷаҳауеит. Ааӡарҭа ҿыц дара ишырҭахәу еиԥш иҟаларцаз, адгылара рҭахәуп аҳәынҭқарра аҟынтә.
Аиҭаҳара аамҭа анааилак, абнаусзуҩцәа арахь ихаргалоит атрактор. Иқәыԥшу аҵиаа ахьеиҭарҳаша аҭыԥ азалырхуеит шьҭа ирымоу аԥышәала. Анкьа аиҭаҳатә ииаргон адгьыл иамоу аҵәҵәырақәеи аминералқәеи ирнаалои ирнымаалои еилкааны. Уажәы ус еиԥш алшара рымам. Ианеиҭарҳалак ашьҭахь, аҵла иахылаԥшлоит, аҭыԥ дрыцқьалоит, амаӷ иамхәаҽырцаз.

Афонтәи абнаҿы еизҳауеит ааҵлагьы. Уигьы ихьчатәу ҵлахкуп, згәыцә ҟаԥшьу рахь иаҵанакуеит, акыршықәсагьы аҭахәуп идухарцаз. Иара убас изхылаԥштәу рахьынтә ара еизҳауеит ашәҵлақәа.
Гәдоуҭатәи абнанхамҩа иаҵанакуеит Калдахәареи Блабырхәеи еидызкыло абна, Хыԥсҭатәи абна, Ааԥсҭатәи, иара убас ҳара ҳахьыҟаз Афонҿыцтәи абна. Иааидкыланы 13 -ҩык абнахьчаҩцәа аус руеит. Ари даара имаҷуп хьчатәыс ирымоу адгьылҵакыра иаҿырԥшны иугозар. Ауалафахәы ахьмаҷу иахҟьаны, ауниверситет иалго абнанхамҩахь инеиӡом. Уаанӡа абна рыхьчон иара абна азааигәара инхоз. Урҭ ирдыруан амҩахәасҭақәа, абнаҿы ахымҩаԥгашьа, аха дара зегьы рықәрахь инеихьеит, изыԥсахуа ыҟаӡам. Аҿар убозар абнахьчараҿы, уи еиҳарак зус згәы азыбылуа роуп.
Иахьа Гәдоуҭатәи абнанхамҩа аиҳабы инапынҵақәа налыгӡоит Лана Сиҷынааԥҳа. Лара лаб Геннади абнанхамҩа дахагылан акыршықәса. Ланагьы дхәыҷы аахыс иара дицын, уи аус дадиԥхьалон. Абна атәы лдыруеит, лыгәгьы азыбылуеит. Анхамҩа аусзуҩцәагьы лаб ишиқәлоугьы, пату лықәырҵоит. Лана иаҳлырбеит асовет аамҭа аахыс аус зларуа Афонтәи абна ахсаала. Иара 44 ш. ахыҵуеит. Уаҟа абна аҳәаақәа арбоуп, иара убас еизҳауа аҵлахкқәа.
Афонтәи абнаҿы аибашьра ҟалаанӡа аус еилашуан. Араҟа абна рааӡон, иаҭахыз ахқәа ҭыргон. Азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭазы ари аҭыԥ аҿы иҟан аихамҩеи афуникулиори. Аберцәа арахә, ашьхымза рааӡон, иара убас амҿы дырхион атәыла иалган агаразы. Аибашьра Ду аан, Афонтәи абна иалган иргон ашәҵлақәеи, аџьҵлақәеи ашәақьқәа рыхәҵәы аҟаҵаразы. Ашьхантә амшын ахь илбааргон авагон маҷқәа рыла. Атросқәа зкыз ашьаҭақәа иахьагьы еиқәханы уа Афон ашьхаҿы иҟоуп.
Аԥсны абнақәа иуникалтәу Ҟалӷьҭатәи абнақәа ҳәа иԥхьаӡоуп, ҳтәыла амазарақәа рахь иаҵанакуеит. Араҟа еизҳауеит 160 ҵиаа хкы. 51 урҭ рахьынтә ҵлақәоуп. Уа иалоу 19 хкы абна шьақәзыргылоу роуп, 98 хкы ачықьқәа, 11 –аӡахәакқәа. Ари амазара аиқәырхаразы нап адкылатәуп, изызҳауа абиԥарақәа уи абеиара рызнагаразы.

Альбина Жьиба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me