1930 шықәсазы иара аԥҵан, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә амузыкатә техникум ҳәа. 1939 шықәсазы еиҿкаан Аԥсны асимфониатә оркестр.
Аиубилеитә хәылԥазы аалыртит аҵараиурҭа аиҳабы, Аԥсны жәлар рартист Нинель Бжьаниа. «Ҳара ҳшьапы ҳақәгылеит ҳаԥсадгьыл еиԥш аибашьра ашьҭахьтәи ауадаҩрақәа зегьы ҳариааины. Иҳалшазгьы уаха ишәҳарбарц», – ҳҭахуп лҳәеит лара.
Аиубилеитә ныҳәа иаҭааит атәыла Ахада Бадра Гәынба, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Москва Аҩны ахаҭарнак Татиана Степанова.
Аконцерт иалахәыз идырбан авидеонҵамҭа, аҵараиурҭа аханатә иазааԥсоз арҵаҩцәа рфотосахьақәа.
Аиубилеитә хәылԥазы аартын Аԥсны жәлар рартист Давид Терзиан напхгара зиҭо акамертә оркестр инанагӡоз Ражден Гәымба иаԥҵамҭа «Праздничная увертюра» ала. Уи ашьҭахь инагӡан Алықьса Чычба икантата «Аԥсны». Ус ҭынч узазыӡырҩуамызт Нодар Ҷанба иаԥҵамҭа «Вокализ», Нана Черқьезиа иналыгӡоз.
Агәахәа ду унаҭон аҵараиурҭа аушьҭымҭа Адам Габелиа иқәгылара. Аконцерт-рондо (Моцарт) наигӡеит Расим Ашәба, А.Бах – Нино Гогохиа, Сенн-Санс – Соломон Ҳагба, Каиа Хупориа – «Новелетта» (Шуман).
Аӡәы ихьӡ мҳәакәан узавсуам ахәылԥаз зырлашоз: альт –Николаи Ружавински, (Бах), аклорнет – Иарослава Бориаева, аскрипка – Нелли Себилеваи (Массне), асаксофон – Адам Хагба (Петров).
Аҵараиурҭаҿы иҟоу амузыкатә школ аҵаҩцәа рықәгылара амҵәыжәҩақәа унаҭон. Емилиа Терзиан-Хагба иналыгӡоз заҳаз ргәаҵа иҭынҵәашам. Лара амузыка абзиабаҩцәа еицгәарҭахьоу, абаҩхатәра ҷыда злоу абжьы хаа зхоу дыруаӡәкуп.
Иарна Сымсым иналыгӡеит «Ариа» Сергеи Баневич. Аиталиан ашәа еицынарыгӡеит Альдона Ҵкуа, Нана Черқьезиа, Асида Шьакаиа, Нугзар Какалиа, Алхас Ферзба, Армен Хачатуриан.
Аиубилеитә концерт хадырҭәаауан инеимда-ааимдо амҩаԥгаҩцәа: амузыкаҭҵааҩ Асида Царгәыши афилармониа асхьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениеи еиҭарҳәоз ҳҟазацәа дуқәа, Аԥсны ахьӡырҳәагақәа рҭоурых. Урҭ иреиуоуп: А.Чычба, Р.Гәымба, В.Царгәыш, Кә Ченгьелиа, В.Ҷкадуа, П.Петров, адирижиорцәа:Л.Џьергьениа, А.Ҳагба, В.Аиба, Н.Ҷанба, Н. Аџьынџьал, И.Шамба. Еицырдыруа анагӡаҩцәа А.Аҩӡба, Л.Логәуа, Б.Амҷба, М.Шамба, А.Оҭырба, В.Чақмач, адунеи зегьы ҳахьӡ ахзырҵә́ахьоу ҳаеҵәақәа Хьыбла Гьерзмаа, Алиса Гыцба, амузыкаҭҵааҩцәа А А.Ашьхаруа, М.Аҳашба.
Амузыкатә ҵараиурҭа аиубилеитә концерт хыркәшан уи аушьҭымҭацәа зегь бзиа ирбо аестрадатә шәаҳәаҩцәа: Ҭемыр Ҭаниа, Авҭандил Конџьариа, Џьими Шәманиа, Саида Габниа, Дмитри Ԥиԥиа, Гәдиса Орчыҟәба, Манана Братухина, Гоча Ԥачлиа рықәгыларала.
Наира Сабекиа


