Станислав Лакоба ихьӡ анаӡаӡатәразы

Иаԥҵахоит Станислав Лакоба ихьӡ анаӡаӡатәреи иҭҵаарадырратә ҭынха аиқәырхареи ирызку аҳәынҭқарратә комиссиа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩцәа Сократ Џьынџьал, Олег Дамениа, Валери Гәырџьуа дырԥылеит.

Аиԥылараан ирылацәажәеит машәырла иҭахаз иналукааша аҵарауаҩ, аҳәынҭқарратә усзуҩы Лакоба Станислав ихьӡ анаӡаӡатәра иазкыз азҵаарақәа.

Станислав Зосим-иԥа иҩызцәеи ицнагаҩцәеи Аҳәынҭқарра Ахада иҟны ажәалагала ҟарҵеит ихьӡ анаӡаӡатәра инамаданы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵареи иҭҵаарадырратә ҭынха аиқәырхареи рзы.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, абас еиԥш иналукааша ауааи урҭ атәыла аҿиараҿы рлагаламҭеи аҵак ду змоу ҳәынҭқарратә уснагӡатәны ишыҟоу. Аҳәынҭқарра Ахада игәалаиршәеит  Станислав Лакоба иҭахара мышқәак шагыз реиԥылара шымҩаԥысыз, иаҵшьны иҳәеит усҟан реиԥылараан иалыршаз аиқәшаҳаҭрақәа  хымԥада ишынагӡахо.

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит хара имгакәа Станислав Лакоба ихьӡ анаӡаӡатәреи иҭҵаарадырратә ҭынха аиқәырхареи рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа шаԥҵахо.  

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me