Аминистр игәаҭарақәа раан ицыз ихаҭыԥуаҩ, Беслан Ҷкадуа, ДПС аусзуҩцәа русура иагу ыҟоуп ҳәа азгәеиҭеит, еиҳаракгьы амҩатә ԥҟарақәа еилазго рыԥшаара аганахьала.
Ҷкадуа иарбоу аусура арӷәӷәаразы анапынҵақәа ҟаиҵеит, иҳәеит араион аҿы ахылаԥшра амҩаԥгара шхымԥадатәиу, афото-видео абзоурала иаарԥшхаз аилагарақәа инарықәыршәаны амашьынарныҟәцаҩцәа административтә ҭакԥхықәра рыдҵара ишалҵшәахо амҩаҿы аҭышәынтәалара.


