Аиԥылара актәи ахәҭа мҩаԥысит Отаԥ ашкол аҿы. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ашкол арҵаҩратә еилазаара, ақыҭа ахадара, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа.
Аиԥылара аартуа, Екатерина Бебиаԥҳа иазгәалҭеит: «Абри ашәҟәаҿы иануп Ҷлоуааи Отаԥааи харада ахара рыдҵаны 30-тәи ашықәсқәа раан идырӡыз рҭоурыхқәа. Убарҭ ашықәсқәа рыҭҵааразы сара раԥхьа Отаԥ сааит 1980 шықәсазы, Пета Адлеиба инхараҿы саанкылон, нас ақыҭақәа сынрылаланы аҭоурых ҭаҳҵаауан», -ҳәа азгәалҭеит.
Иалылкааит уи ахьаа зцу аҭоурыхқәа рыҩразы 45 шықәса инеиԥынкыланы ишҭылҵаауаз. Урҭ реиԥш иҟоу аҭоурыхқәа ахьану хы-шәҟәык ҭлыжьхьеит, иҭыҵраны иҟоуп аԥшьбатәи ашәҟәы.
Ари аиԥылара иалахәыз афилологиатә факультет, ажурналистика аҟәша астудентцәа: Мадина Амҷԥҳа, Аида Габниаԥҳа, Ревекка Воуԥҳа, Милена Кәыҵниаԥҳа, Анжела Хведелиӡеԥҳа ажәахә ҟаҵо ирзааҭгылеит 37- тәи ашықәсқәа раамҭазы харада ахара рыдҵаны иҭаркуази иршьуази рҭоурыхқәа, рхы-ргәаҿы иаанхаз, иалыркааз ахҭысқәа.
Отаԥ ақыҭа ахада Ҭенгьыз Адлеиба ақыҭа иқәынхо рыхьӡалеи , иара ихьӡалеи аиԥылара зхы алазырхәыз ҭабуп ҳәа раҳәо иаликааит излацәажәоз аҭоурыхқәа еиҭарҿыцны ишыргәаладыршәаз, уи шҭоурыху, ашәҟәы иану аҭоурых ахаан ишмыӡуа.
Аиԥылара аҩбатәи ахәҭа мҩаԥысит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Ҷлоутәи абжьаратә школ аҿы.
Уи аиԥылара зхы алазырхәыз дреиуоуп аамҭак азы Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҟны Екатерина Гьаргь-иԥҳа аҵара лыцызҵоз, 30 шықәса рҟынӡа аԥсуа радиои ателехәаԥшреи рҟны аус зцылуаз, аԥсуа радио аефир аҿы иааиԥмырҟьаӡакәа жәаҩа шықәса ицоз, лара имҩаԥылгоз арубрика «Харада ахара здыз» иашаҳаҭу аԥсуа қыҭақәа дырҭааны, ари атема иадҳәалоу адырраҭарақәа еиҿылкаауаз, зны - зынлагьы илыцымҩаԥызгалоз адиктор Мурман Аҳәба. Уи иқәгылараҿы иаликааит ари адырраҭара усҟантәи аамҭазы ажәлар иргәаԥханы ишрыдыркылоз, ари атема иадҳәалоу ргәалашәарақәа реиҭаҳәаразы аԥсуа радио ишаҭаауаз.
Усҟантәи аамҭазы Отаԥи Ҷлоуи қыҭакны еидкылан, усҳәарҭак акәын ирымаз. Абарҭ ақыҭақәа ирызку ашәҟәы ахы аԥхьажәа иҩит Ҷлоу ақыҭа иааӡаз ашәҟәыҩҩы, апоет, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Ҷлоу ақыҭа ахада Аслан Заур - иԥа Адлеиба иқәгылараҿы иҳәеит ианҵоу шҭоурыху, аҭоурых адаҟьақәа ишырзынхо. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу ашәҟәқәа аҿар рҭоурых ишаднаԥхьало.
Ҷлоу иалыргаз 32-ҩык рҟынтәи, 29-ҩык зыхнымҳәӡеит. Хҩы заҵәык рыԥсы рыманы ақыҭахь ихынҳәит.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз Екатерина Бебиа лыхьӡала Отаԥи Ҷлоуи ашколқәа ҳамҭас лышәҟәқәа рбиблиотекақәа ирзаанлыжьит.
Анжела Хведелиӡе,
афилологиатә факультет
ажурналистика аҟәша
3-тәи акурс астудент


