Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба арккаратә марафон «Адырра. Аԥхьагылаҩцәа» аартра ацеремониа ихы алаирхәит

Арккаратә марафон «Адырра. Аԥхьагылаҩцәа» раԥхьаӡа акәны Аԥсны иахьымҩаԥысуа акыр зҵазкуа хҭысуап ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.
«Зымҽхак ҭбаау аусмҩаԥгатәқәа ахәҭак Аҟәа иахьымҩаԥысуа символтә ҵакы амоупа. Аҟәатәи афизико-техникатә институт аҿы акәын аус ахьыруаз Асоветтә атомтә ҭҵаарадырра аҿиараҿы злагала дуу иналукааша аҵарауаа. Ари ҳзеиԥш ҭоурых иахәҭакуп.
Атомтә ааглыхра 80-шықәса ахыҵра иазку иахьатәи амарафон, Аԥсни Урыстәылеи еицырзеиԥшу ҵаратә проектуп. Уи ҳҿар рзы иҿыцу алшарақәа аанартуеит. Адырреи атехникеи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш анырыӡбо аамҭазы ҳанхоит. Аҿар еилыркаауазароуп, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш знапы иану дара шракәу.
Ҳашколқәа рҿы иааҳартуеит атомтә классқәа, уаҟа ироуа адыррақәа рыбзоурала иҳауеит анџьнырцәа, аҵарауаа, иҿыцу аартрақәа рыҟаҵара зылшо аҿар.
Даара сеигәырӷьоит аҿарацәа амарафон рҽаладырхәыртә еиԥш аҭагылазаашьа ахьрымоу, алекциақәа рзыӡырҩра, иналукааша аҵарауаа, акультуреи аспорти русзуҩцәа рыҿцәажәаразы алшара ахьроуа.
Иахьа 30-ҩык рыла ишьақәгылоу Аԥснынтәи аделегациа Москва иаадыртуа амарафон «Адырра. Аԥхьагылаҩцәа» иалахәуп. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахәуп аилазаара «Адырра» аусуҩцәа, абас еиԥш акыр зҵазкуа афорум ҳҿар рхы аладырхәыртә еиԥш алшара ахьрырҭаз», – ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ажәахә аҿы.
Бадра Гәынба ҭабуп ҳәа реиҳәеит аилазаара «Адырраеи», Аҳәынҭеилахәыра «Росатоми» Аԥсны амарафон ахьеиҿыркааз азы.Уи иажәақәа рыла, Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҵарадырратәи акультуратәи еимадарақәа рырӷәӷәаразы акрызҵазкуа усуп амарафон.
Аҳәынҭқарра Ахада амарафон алахәылацәа ирзеиӷьаишьеит аинтерес зҵоу аиԥыларақәа, адырра ҵаулақәа, иҿыцу аартрақәа.
  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me