Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба арҵара-методикатә ҽазыҟаҵарақәа рзы анапынҵақәа риҭеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба арҵара-методикатә ҽазыҟаҵарақәа рылҵшәақәа рыла иласу-атактикатә зыҟаҵарақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы агәыԥқәа «Мрагылареи» «Мраҭашәареи» анапынҵақәа риҭеит.
Аҳәынҭқарра ахада иусԥҟа:
 
– Агәҭакы анагӡаразы планла ишьақәырӷәӷәоу аҿҳәара инақәыршәаны, ар ргәыԥқәа «Мрагылареи» «Мраҭашәреи» алархәны иласу-атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгатәуп.
– Аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа амобилизациеи аҵакырадгьыл ахьчареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ахьынарыгӡо аԥыза-министр ацхыраара риҭароуп, урҭ русура дашьклаԥшыроуп.
– Атәылахьчара аминистри Арбџьармчқәа рыштаб Хада анапхгаҩи ирыдуп:
• Арратә усмҩаԥгатәқәа рыӡбаразы аҽазыҟаҵарақәа рыцҵара.
• Агәыԥқәа инықәырԥшны рыдгьылҵакыра дырбара, урҭ рхымҩаԥгараҿы иҟоу аԥкрақәа рзааҭгылара. Ҷыдала иазгәаҭатәуп БпЛА ахархәара азин ахьыҟами еиуеиԥшым аргыларақәа ахьыҟоу аҭыԥқәеи.
• Иласу-атактикатә зыҟаҵарақәа рылҵшәақәа анализ рыҭареи, атәылахьчара аҩаӡара аизырҳара рзы ажәалагалақәа рыҟаҵара, Аԥсны Арбџьармчқәа иқәгылоу адҵақәа нарыгӡаларц разыҟаҵара, амобилизациа аиҿкаашьа агәаҭареи адгьылҵакыра ахьчареи.
Абҵарамза 10, 2025 шықәсанӡа Ашәарҭадаратә хеилак аилатәарахь рылаҳәара.
• Адгьылҵакыра ахьчаразы аштабқәеи, амчқәеи, ахархәагақәеи радԥхьалара.
• Арра зыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы ахысрақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа реиҿкаара.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы Ахантәаҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аимадара амаҵура анаԥхгаҩи рзы:
иааныркыло амаҵзура ирыднаҵо аусхкқәа инарықәыршәаны азыҟаҵарақәа хаҭала ралахәхара;
арҵаратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡараан ихьыԥшу амчқәа реиқәыршәара, разыҟаҵара.
– Арратә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгараан Аԥсны Арбџьармчқәа рнапхгара рзы:
• иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа раан ашәарҭадара аԥҟарақәа рықәныҟәара;
• ажәлар рынхамҩеи хаҭалатәи рмазареи ааха рацәыхьчара;
• ар рҭыԥ аԥсахраан аҭыԥантәи аиҳабыра аус рыцура, аҭыԥқәа рыԥсахра Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусуҩцәа рыцзаара.
  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me