Аилатәараҿы ирылацәажәеит абарҭ азҵаарақәа:
ааигәа иҟалаз аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра;
агәамсами икьакьоу абзазаратә црыҵқәеи рықәгара;
имҩаԥысраны иҟоу аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа рахь алхрақәа рҽазыҟаҵареи, еиҿкаарала рымҩаԥгареи.
Аҳәынҭқарра Ахада аекологиатә шәарҭадара Аԥсны анапхгара азы аусура ихадоу хырхарҭаны ишыҟоу агәамсам ақәгара иадҳәалоу аусура хаҳара аланы анагӡара — ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭаларц шахәҭоу азгәеиҭеит. Анапынҵа ҟаиҵеит ашҭақәеи, амҩадуқәеи, ацҳақәеи, ашьаҟатә ҭыӡқәеи ргәаҭаразы, ааха зауз араионқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьазы иаарласны аҳасабырба ҟарҵарц, урҭ реиҭашьақәыргылара амҩаԥысшьа хаҭала дшырхылаԥшуа иҳәеит. «Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ҳтәылауааи Аԥсны иаҭаауа асасцәеи рекологиатә шәарҭадара ашьақәыргыларазы», — ҳәа азгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада. Икьакьоу абзазаратә црыҵқәа рықәгара аганахьала аԥышәеимадаразы аилатәарахь ааԥхьара рыҭан Шәачатәи анаплакқәа руак ахаҭарнакцәа. Урҭ ацрыҵқәа рықәгареи аус рыдулареи аганахьала қәҿиарала рхы иадырхәо аметодқәа ирылацәажәеит, шықәсык ала 4 млн кубометр рҟынӡа ацрыҵ аус адулара мҩаԥыргоит ҳәа азгәарҭеит. Аҳәынҭқарра Ахада аԥыза-министр Владимир Делбеи Гагра араион ахада Иури Ҳагәышьи анапынҵа риҭеит агәамсам ақәгаразы шәачатәи аилахәыреи дареи Гагра араион аҿы агәаҭаратә проект анагӡара аус адулара рҽазыркырц. Апроект аекологиатә нормақәа зегьы ирықәшәо иҟалароуп, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа Аҳәынҭқарра Ахада ақәаршҩы иахҟьаны аҭыԥқәа рҿы иҟалаз аԥхасҭа азы адырра ирҭеит. Еиҳа ааха зауз Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони Гәылрыԥшь араиони роуп. Аҭыԥантәи ахадацәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәгареи аинфраструктура аиҭашьақәыргылареи рзы инарыгӡо аусура азы аинформациа ҟарҵеит. Бадра Гәынба ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ирыдиҵеит ааха зауз араионқәа рҿы шҭацыԥхьаӡа, ҩнаҭацыԥхьаӡа инеины иҟоу аҭагылазаашьа агәаҭара алдыршарц, аԥхасҭа зауз ауааԥсыра излауа ала ирыцхраарц. Аҳәынҭқарра Ахада иааиԥмырҟьаӡакәа иҟоу аҭагылазаашьа азы адырра ирҭаларц рыдиҵеит. Ааха зауз аҵакырақәа реиҭашьақәыргыларазы ауснагӡатәқәа рымҩаԥысшьа хаҭала ахылаԥшра шаиҭо азгәеиҭеит, «Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа» ахь аԥхасҭа зауз амҩақәа, аиҳарак ацҳақәеи ашьаҟатә ҭыӡқәеи ргәаҭаразы.
Аҳәынҭқарра Ахада ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа злахәыз аусуратә еилатәара аҿы иара убас аҭыԥантәи ахаланапхгаратә Усбарҭақәа рахь алхратә процесс аиҿкааразы адҵақәа риҭеит. Аҭыԥантәи ахаланапхгаратә Усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысуеит 2025 шықәса абҵарамза 8 рзы.