Ашәҟәыҩҩы иԥылара мҩаԥысит

Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҿы ацҳаражҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи ашәҟәыҩҩы Владимир Делбеи реиԥылара мҩаԥысит.

Владимир Делба – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа амаӡаныҟәгаҩ, Аурыс ПЕН-центр алахәыла, Фазиль Искандер ипремиа алауреат, иара убас егьырҭ акыр жәларбжьаратәи аҳама занашьоу ажурнал «ЛИФФТ» еиԥш аҭыжьымҭақәагьы рредколлегиақәа активла дрылахәуп.

    Алхас Кәыҵниа асас «бзиала уаабеит» ҳәа иаҳәо,  аԥснытәи урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәа рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара аҿы илагала ду азгәеиҭеит. Иара убас, Владимир Делба иҭабуп ҳәа еиҳәеит акыр зҵазкуа акьыԥхьымҭақәеи, аҿар арҿиаратә проектқәа радыԥхьалареи рзы иааирԥшуа аџьабаазы.

 Владимир Делба Адунеизегьтәи ашәҟәыҩҩцәа реиҿкаара аҿы иусура атәы далацәажәеит, иара убас  Москва имҩаԥысраны иҟоу, аԥснытәи алитераторцәагьы злахәхо Адунеизегьтәи ауаажәларратә ассамблеиа атәы еиҭеиҳәеит дазааҭгылеит   ирҿиаратә гәҭакқәа рыӡбахәгьы.

 Аиԥалара аҟазшьа ҷыда аанахәеит Москва усуратә визитла иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ари аиԥылара дахьалахәыз иабзоураны.

Олег Барцыц, Владимир Делба ирҿиара ибзианы идыруеит, уи ашәҟәыҩҩы арҿиамҭа ҿыцқәа раԥҵараҿы ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара акульуратә еимадара арӷәӷәара аус аҟны иара инаигӡо аус «иҭабуп» ахиҳәааит.

 Аиԥылара ахыркәшамҭаз ашәҟәыҩҩы аиԥылара иалахәыз зегьы гәаларшәагас ишәҟәқәа  риҭеит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me