Аԥҳәызба – ашәарыцаҩ

 

Аԥсуаа ражәа иалоуп ахаҵамԥҳәыс ҳәа. Уи ус башаны иҟамлеит. Жытәаахыс ашәарыцара ахацәа ирусны иԥхьаӡоуп, аха уи ус шакәымлырҵабыргуеит  аҭыԥҳа ашәарыцаҩ Кама Кәыҵниаԥҳа.

Кама Урыстәыла дынхоит, аҭаацәара далалахьеит, длааӡоит аӡӷаб. Аԥсныҟадаауеит аԥхын анҵәамҭаз, ашәарыцара асезон анаатуа иақәыршәаны, аамҭаилнаҭар, лшәақь аашьҭыхны дҭыҵырцаз. Ус еиԥш амшқәа ируакыз шәарыцараҳлыцҭыҵит ҳаргьы.

Кама лаб Семион, лара, Ремзи Кәыҵниа, урҭ рлақәа ҩба, ҳаргьы ҳрыцныашьыжь асааҭ фба рзы ҳааит Аҭара, Царцу ҳәа иахьашьҭо ачашәарҭа ҭыԥ аҿы. Кама лҽанааибылҭа, иаразнак сгәысҽанылҵеит, лышьҭахь сгылазарцаз. Саргьылажәа сахымԥакәа лыбӷа скыдыԥшыло шәарыцара ҳақәлеит. Лла Дезишықәсыкгьы ахыҵӡом, макьана иласцәоуп, изааӡогьы лаб иоуп аҟ­ынтә усҟаклыбжьы аздырӡом. Аха ус шакәугьы ача афҩы шаклак аҽырхханы иаагылон. Саргьы иаразнак еилыскаауан, уажәы Кама хык шҭлырҟьо аҟара. Ашәарыцараабзиабара лзыркыз лаб, Семион Кәыҵниа иоуп. Уи аҷкәын дышимоугьы, Кама иаҳа данаалоит ҳәа азиԥхьаӡеит.  «Саби сареи еснагь ҳаизааигәан, сыгәра игон. Зҵаарақәак рҿы сгәаанагара дазҵаауан. Аиашьа дышсымоугьы, саби сареи еиҳаҟазшьала ҳаиқәшәоит», - еиҭалҳәоит Кама ҳахьныҟәо. Убри аан Дези лылаԥшахуп. Ахымҩаԥгашьа дацклаԥшуеит.  «Иахьа ачақәа даара иласуп аӡаӡаахьыҟам иахҟьаны», -  азгәалҭоит Кама. Нас исеиллыркаауеит, аӡаӡа аныҟоуачақәа рхәы аӡы алалоит аҟынтә ирлас изышьҭԥрааӡом, алагьы рфҩы акра азымариоуп.

«Ашәарыцаҩ ачҳара илазароуп. Игәы камҳауазароуп, иага деиқәымшәаргьы. Деидкылазароуп, уи хадароуп. Ари аҭакԥхықәра ду уднаҵоит. Шаҟа машәырадыруазеи ашәарыцара»,  –ҳәа азгәалҭеит Кама. Сара сахьлыцу агәҭынчымралызцәырнагоит. «Иббома, асамԥал ықәхны сгылоуп уажә ҳаицәажәоит азы. Ари зегь ирыцку ԥҟароуп. Уааигәа-сигәа иныҟәо ашәарыцаҩцәа ахьыҟоуудыруазароуп. Аԥсыцәгьара ааумырԥшыроуп. Аӡәы схы иаахар ҳәа сшәанысхысӡом аханатә», - лҳәоит аҭыԥҳа.

Камеи сареи ҳахьынӡеицәажәоз иҳацааз Ремзи ихысбжьқәа ҳаҳауан. Аҽныача шырацәамызгьы, ихы баша икашәомызт. Ашәарыцаҩ аныҟәара илшозароуп, дмаашьароуп. Аҽны иҳақәҿиеит, ишәшьын амш, аӡаӡагьы ыҟамызт. Абжьааԥны, амра анкацеиуа, амагә хәоуқәа шушьоугьы, аӡаӡа уарбааӡоит, ус аныҟәара мариам. Ари зегьы зычҳауа агәаҳәара ду ауп.   «Сара усҟакисҭахӡамызт ашәарыцара, аха саб дшеигәырӷьоз збон. Уаха санышьҭалоз, шьири уаҵәы ақәа аундаз, ҳамцандаз  сҳәон аԥхьа, аха нас, ақәа амундаз, шәарыцара ҳцар ҳәа сгәаҳәара еиҳахо иалагеит - еиҭалҳәоит Кама дыччо.

Кама ашәарыцашьа анылҵоз ҩажәи жәохә шықәса дырҭагылан, Ашәарҭадаратә маҵзура Аҟәатәи аҟәшаҿы аус луан. «Сеиҳабгьы даараашәарыцара бзиа ибон аҟынтә ашьыжь сааҭыбжак сагхар азин сиҭон. Сшәарыцаны, аҩны сҽааиҭакны аусура сцон. Аԥхьа ахысра саналага, ачааԥрыха асҭаӡомызт, ицҟьаны изгон, ашьапы ада акгьы аанхаӡомызт. 20-тәи ахҭалашәара иҟаз ашәақь скуан, изаҳауаз иџьаршьон. Ҩынтә-хы­нтәсанақәымшәалак, сгәы каҳауан. Зны-зынла уеизгьы сақәшәаӡом, аха схысыпҳәа ианыҭсырҟьоз, ианақәшәалак, схаҭагьы иџьасшьон. Абас адыруеиташәарыцара, зны уеиқәшәоит, знымап», – еиҭалҳәоит Кама лԥышәа.

Раԥхьатәи лла Альфа ахьӡын. Ишыхәыҷыз иаахәан лаб илзааигеит. Еснагьлара илыцын, ашәарыцашьа алырҵон. Ианыԥҟатәу, ахы аншьышьтәу, ишырҽхәалатәу уҳәа илзеиҭазҳәоз Лыхны инхо лашьа, Алик Мамацев иакәын. Хышықәса еицын Камеи Альфеи, нас илцәыԥсит. Уажәы Кама илыцу Дезиҩынтә-хынтә дацаахьеит шәарыцара. Агәыбылрагьы лкхьеит.

Кама Аԥсныҟа данаауа лхәыҷы лан дылзааныжьны, знык ала сыманы адәыснықәыԥшындаз ҳәа илыхоит. Убысҟак игәхьаалгоит ашәарыцара. «Абра иҟоуаҭынчра зегьы уханаршҭуеит. Ари ԥсыршьагахеит сара сзы. Дарбанзаалак акыдазҳәазароуп, иаамҭа злаихигаша уск имазароуп. Узықәшәазаалакгьы ухшыҩдаҽакахьы ианушьҭлак, иаҳа уҽурҭынчуеит. Санышәарыцо, саб сышьҭахьдангылоу иаҳа сгәы ҭынчуп. Схы кашәаӡом, еиҳа сақәшәоит. Аханатәсаналагоз, ҭынч сшәарыцаразы, хазы бца ҳәа сарҳәон», - еиҭалҳәоит Кама.  

Лара хышықәса инеиԥынкыланы ашәарыцара дныҟәон, аҭаацәарадалалаанӡа. Ашәарыцацәа данырмыцаауаз ыҟаӡамызт. Ари аҭыԥ аҿы ишәарыцозегьы Кәыҵниаа роуп. Адәаҿы игыло ахьаца амҵан аџьма шьны, акәакәарқәаҟаҵаны асезон аадыртуеит. Ажәабжьқәа еибырҳәоит, изыниахьоу ахҭысқәаеиҭарҳәоит. Кама урҭ реибабара зегьы дахәҭакуп. «Ари аиҩызара бзиаахылҿиаауеит, аидгылара, аихаҵгылара. Арҭ зегьы Урыстәыла саныҟоуианысгәалашәо, сгәы ҟанаҵоит. Саб ачақәа шьны ианысзынаишьҭлак, сылаӷырӡқәагьы аанагоит», -  лҳәоит лара.

Кама ахацәа рыгәҭа аҟазаара лзыманшәалоуп, аԥсҭазаараҿгьы ахацәа рус дамароуп. Ланду лахь данцалоз аҵла дхалан икалҿон, амҿы еиҟәлыршәшәон. Аныҳәақәа раан дхысуан. Лыхны данцалоз лашьа илирҵон ахҭа аҭаршәшьа. Ашәарыцараан еснагь угәуҽанызароуп, лҳәоит Кама дзыниахьоу хҭысклгәаларшәо. Зны дрыцшәарыцарцаз дааргеит хаҵак. Аҷкәынцәа еицыз зегьыКама лгәылҽанырҵеит, лхы дахылаԥшырц. Ача ԥрит лганахь, иаргьы даалагануахь дхысит. Кама аҽкажьра дахьӡеит, акәымзар дихәыр алшон. «Ари аҩызаареакциа сымоуп ҳәа саргьы сыҟамызт. Сыԥсы санақәыԥш иснарҟаҵаз акырсахыччон нас», - лҳәоит лара.

Ашәарыцара иацу аԥҟарақәа ртәы ҳзеиҭаҳәо иазгәалҭеит, ашьыжьишылашьцоу, мыцхәы ауаа рылаԥш уҵамшәакәа уҭыԥаҿ уааир шыбзиоу.  Ашәарыцара аҭынчра бзиа иабоит, насгьы ашәарыцаҩцәа ашьыжь аԥсшәаеибырҳәаанӡа «Зыԥсра аахьоу ҳзыԥшуп» рҳәоит, егьи «еицаҳзыԥшуп» ҳәа ҭаксинаиаҭеикуеит.

Кама лаб, Семион Кәыҵниа аибашьраан иоуз ахәра иахҟьаны изшьапыкимаӡам. Ԥсыуак ишиаҭәоу еиԥш, ашәарыцара бзиа ибоит, иԥсы алоуп. Иахьаиахьышәарыцо адәы,  уаанӡа аерманцәа амхы ларҵон, аҭаҭын еиҭарҳауан. Аибашьра ашьҭахь абна ахыҵәан иҟан. Рамиз Кәыҵниа ибзоураныичашәарҭаны иҟалеит. Семион хышықәса ашәарыцаҩцәа дрыцны даауан арахь. Ал дықәтәаны ахараԥшыга кны дрыхәаԥшуан, игәы алаиҟажарц. «Сара сызныҟәомызт азы Кама бца ҳәа дрыцысҵон. Зны ашәақь сыркы сызхысуазарзбап ҳәа ианҭсырҟьа, ача сақәшәеит, уи нахыс саргьы аныҟәара салагеит. Зегьыиҟарҵо сзыҟаҵом, аха саҟәыҵӡом, –  иҳәоит Семион.

Кама лашьа Асҭамыр лаби лареи дырхыччон, шәхы зшәыргәаҟуеи, аџьармыкьаҿы шәнеины иаашәхәар ача иаҳа имариами ҳәа. Иара иҭахымызташәарыцара аҭыҵра, уи ауп Семион Кама дзалаиргазгьы. Аха зныдыргәыбзыӷны данрыцаа, дманшәалахеит. Уи нахыс ашәарыцара агәыбылраикит.

«Ашьыжь ашәарыцара зегьы иреиӷьуп, нас алашьцамҭа сааҭыбжак шагу.  Убысҟан ача адәахьы еихоит. Ашьыжь шаҟа заа узааз ауп, аӡаӡа бзианы иҟоуп, ала азыҳәангьы ихьшәашәароуп, – еиҭеиҳәоит Семион.

Аҽны ишышәшьызгьы, даара ицәыҵашоуран. Алақәа лассы-лассы аӡыддыржәуан, икараха иаатәон усҟан. Аха акы иааннакыломызт, рыԥсышааиҭарклак ҩаԥхьа еимдауа адәы иаақәлон.  
Альбина Жьиба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me