Аусура иалагеит

Аҟәа. Нанҳәамза  8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аконкурс «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» аусура алагара иазкын «Sputnik Аԥсны» апресс-центр аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа.

Аконкурс аиҿкааҩ иаҳасабала иқәгылеит  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа. Апроект апартниорцәа – «Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа» (https://t.me/mnm_masterskaya), Автономтә Икоммерциатәым Аиҿкаара «Диалог» (https://t.me/ano_dialog), аконкурс «Аԥсны Акоманда» (https://t.me/abkhazia_team), Анапхгараҭара аҟазарҭа «Сенеж» (https://t.me/senezh_rsv).

Аԥсны Ахада Иусбарҭа аинформациатә хархәагақәа аҽрымадаразы аҟәша аиҳабы, Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа иахьа Аахыҵ-Уаԥстәыла атрагедиатә хҭысқәа анымҩаԥысуаз инаркны 17 шықәса аҵра иамшуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара ари амш аҽны иаҳгәаламшәар залшом Қырҭтәыла ампыҵахаларатә политика иахҟьаны Аахыҵ-Уаԥстәыла иҟалаз атрагедиа иалаӡыз акгьы зхарамыз ауаа, Аахыҵ-Уаԥстәыла ахьчаҩцәа-афырхацәа, Аахыҵ-Уаԥстәыла аҭынч уааԥсыра агрессиа аҟынтәи рыхьчаразы зхы иамеигӡаз Урыстәылатәи аруаа», -  иҳәеит Алхас Ҷолокәуа.

Уи убас еиԥш иҟоу ахлымӡаах уаҳа иҟамларц, ажәлар ргәазыҳәарақәеи рҭахрақәеи адунеитә еилазаара аҟынӡа анагара алыршахартә еиԥш аинформациатә усура шьақәыргылатәуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Еизаз иргәалаиршәеит Аԥснытәи ажурналистцәа 1992-1993 шықәсқәа рзы аинформациатә еибашьраҿы аиааира шыргаз. Инаҵшьны иҳәеит Қырҭтәыла акыр еиҳаз алшарақәа шамазгьы, аинформациатә еибашьраҿы хыԥхьаӡарала еиҳа имаҷыз, аԥсадгьыл абзиабара иабылуаз апрофессионалтә аԥсуа журналистцәа аиааира шыргаз. Аӷагьы уи дақәшаҳаҭхар акәхеит.

«Иҟалап, аԥсадгьыл ахь абзиабара, ахҭысқәа шыҟаҵәҟьаз азы аиаша аҳәара агәаҳәара еиҳа аԥыжәара роузар, убри абзоуралоуп ҳколлегацәа аинформациатә блокада аиааира зрылшаз", —  инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Алхас Ҷолокәуа иажәақәа рыла, «утәыла алацәажәареи уи аҳаҭыр ашьҭыхреи рзы ихымԥадатәиуп аинформациатә суверенитет аиура. Ареспублика аинформациатә суверенитет аԥҵаразы аицлабра «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» хымԥада иалагалатәуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Алхас Ҷолокәуа. Иара убас, иазгәеиҭеит аицлабра «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» амҩаԥгара аҵак ду шамоу, уи ҳаамҭазы аинформациатә суверенитет ашьақәыргылараҿы ацхыраара ду шыҟанаҵо.

Уи игәаанагарала, аицлабра иабзоураны ареспубликаҿы ҳаамҭазтәи ахәыцра змоу ажурналистцәеи аблогерцәеи рхыԥхьаӡара иацлоит, уи атәыла ахыԥшеи жәларбжьаратәи аплатформақәа рҿы аӡыргареи рҿы хра злоу анырра ҟанаҵоит.

Sputnik аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциа иалахәыз «Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа» ашьаҭаркҩы Иулиа Аблец аконкурс «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» ихадоу етапқәаны иҟоуп: алахәылацәа ралкаара, аҽазыҟаҵара, Аԥснытәи, Урыстәылатәи амедиаҿы аԥышәарҳара, иара убас аконкурс ашьҭахь ацхыраара, ҳәа иазгәалҭеит.

Иулиа Аблец «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» алахәхаразы арзаҳалқәа арҭахьеит 50-ҩык ҳәа илҳәеит.

Арзаҳалқәа рыдыркылоит цәыббра 16 рҟынӡа. Апрограмма аушьҭымҭацәа апрактикатә дыррақәа роуеит, Аԥсни Урыстәылеи иреиӷьу Рмедиаеилазаара рҿы астажировка ахысра, аексперттә дгылара, уимоу, рхатәы медиапроект аԥҵаразгьы алшара роуеит. Аҵара ԥшь-модулькны еихшахоит, ҩба Аԥсны имҩаԥгахоит, ҩба – Урыстәыла.

«Уи иабзоураны шәара шәеиԥш зықьҩыки бжаки инареиҳаны зтәылақәа ирыцхраар зҭаху, аҟазаратә, арҿиаратә, иҵоуроу аконтент азы аудиториа аус ацура зҭаху амедиа-специалистцәа рыцхыраара роуеит. Насгьы, ҳапрактика ишаҳнарбо ала, ҳапрограммақәа роушьҭымҭацәа рыла ишьақәгылоу ауаажәларра амч ауп аус дуқәа рынагӡараҿы ацхыраара ҟазҵо», — илҳәеит Иулиа Аблец.

 Аконкурс «Аԥсны Акоманда» афиналист Артур Чакриан убасҵәҟьа ззанааҭдырра аҩаӡара ҳараку аспециалистцәа Аԥсны иазку ииашоу аинформациа адунеи аҿы аларҵәаразы амедиаҵакыраҿы аусуразы разыҟаҵара иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Ареспубликатә Аҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аԥснымедиа» аиҳабы Роберт Џьопуа итрадициатәу аресурсқәа рнаҩс асоциалтә ҳақәагьы рыҿиара шхымԥадатәиу азгәеиҭеит.

«Сара сколлегацәа срыҿцәажәон, урҭ зегьы аконкурс аҽалархәара иазхиоуп. Ас еиԥш иҟоу апроектқәа рылахәхара хымԥадатәиуп. Урҭ акадр ҿыцқәа разыҟаҵара аус аҿы ицхыраагӡа дуны иҟалоит», –  иҳәеит иара.

Роберт Џьопуа агәра ганы дыҟоуп иарбоу апроект Аԥснытәи ажурналистцәеи аблогерцәеи рзы акыр хра аланы ишыҟало, «Иҿыцу амедиақәа рҟазарҭа» акәзар, уи қәҿиарала анагӡара ишацхрауа.  

 Ателеканал «Кубань 24» адиректор хада Алеқсандр Руденко иара иколлектив аконкурс «Иҿыцу амедиақәа рҟазарҭа» рхы шаладырхәуаз атәы еиҭеиҳәеит.

Аинформациа-аналитикатә телеканал «Соловьев LIVE» амҩаԥгаҩ Иван Каменев, «Иҿыцу амедиақәа рҟазарҭа» аҿы рҵара аамҭа иалагӡаны апроект алахәылацәа Владимир Соловиов  истудиаҿы аԥышәарҳара иахысуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

 «Иҿыцу амедиақәа рҟазарҭа» аҿы лҵара аҟынтәи илоуз ацәаныррақәа ртәы еиҭалҳәеит «Арадио Sputnik Аԥсны» амҩаԥгаҩ Лана Аԥшьлааԥҳа. «Сара алшара соуит иреиӷьу ажурналистцәа, амедиатехнологцәеи аекспертцәеи рҿы аҵара, рԥышәа рымдара. Сара сзы уи даара аинтерес аҵан, хра злоу усны исзыҟалеит», -  илҳәеит лара.

Аблогер Владимир Кәачахьиа апроект аԥшьгаҩцәеи апартниорцәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥснытәи ажурналистцәеи аблогерцәеи ироуз иҿыцу алшарақа рзы.

Аусмҩаԥгатә алахәылацәа қәрала 18 - 55 шықәса ирыҵаркуеит, урҭ Аԥсны иатәылауаазароуп. Арзаҳалқәа рыдыркылоит цәыббра 15 рҟынӡа, алԥшаарақәа рылҵшәақәа еилкаахоит жьҭаарамза алагамҭазы, Урыстәылеи Аԥсни рҿы хаҭалатәи амодульқәа жьҭаарамза инаркны хәажәкырамза анҵәамҭанӡа имҩаԥыслоит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me