Жәытә аахыс амшын ҳшадҳәалоугьы, ари ахҭыс иахьазы иџьаумшьар залшом.Иахьа тәанчара иҟоу, аха уаанӡа 20 шықәса аруаҩыс иҟаз Леонид Черқьезиа иҩызцәеи иареи иаԥшьыргеит амызгәыҭқәа ҩба зықәыргылахо абушприт аргылара. Иара иахьӡхоит «Азег». Ус аҩыра аанижьит аӷба аргылара шцо ибарцаз зны сасра ирзааиз асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа.
«Ас еиԥш аӷбақәа адунеи аҿы уаҳа иубаӡом, иҟаӡам. Аргылара ҳаҿуп иахьатәи аамҭа иақәшәо, аха ажәытәқәа иреиԥшхоит. Иақәсыргылоит арныҟәагагьы, аха уи убарҭахом. Даҽакала иуҳәозар, ари аԥраӷбахоит», - еиҭеиҳәоит Леонид «Азег» ҳареи ҳаибардыруа.
Аӷба ашәага-загақәа ҟаҵан Урыстәыла. Аус хацыркын аргыларҭа аиҿкаара ала – аӷба ахаҭа ахьеизырго аҭыԥ. Уи мызкы иадхалеит. Анаҩс аӷба «абаҩ» ахь ииасит. Ауаҩы ибҩеибаркыра еиԥш аӷба ахәҭақәа зегьы ирымоуп ахьӡқәа. «Киль» ҳәа иашьҭоуп аӷба аурала ицо аӷәыхада. Леонид уи ауаҩы ибӷашшара иадикылоит. «Шпангоуты» – ауаҩы иваҵарақәа ирҩызоуп. «Азег» абаҩеибаркыра еизгоуп, уажәы аганқәа аҷабра иалагоит.
Аӷба аргыларазы аусурақәа ирылаган сынтәа, ажьырныҳәамзазы, еиҭа хымз рышьҭахь иалгап ҳәа ргәы иҭоуп. Еиҳарак аамҭа рацәа зго аҩныҵҟатәи аусурақәа роуп. Аԥра амшын ихызаауеит. Аԥсшьаҩцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи рылаԥш аҿы иҟазаауеит. Аекипаж ҩыџьа-хҩык рыла ишьақәгылазаауеит, 10-12-ҩык ауааԥсыра ақәуртәар алшоит.
Леонид аӷба аргылараҿы ихатәы технологиа имоуп. Уи иԥышәа иабзоураны ирҳаит. Аӷба иаҳа иласхарцаз аӷәқәа рыжәпара иаҳа идырмаҷуеит, убри аан уи иӷәӷәаҟацаӡа иҟазаауеит. Ӡыла иурҭәыргьы, иӡааҟәрылом.
«Азег» аԥса иалхуп. Ажәытәан аԥсуаа аӷбақәа дыргылон ахьаҵлала, еиҳа иласуп, ианаалоит ҳәа ирыԥхьаӡон. Леонид аԥсуа ӷбақәа рыргылашьа аус ҭиҵаауан аҟнытә, ибзианы идыруеит урҭ зеиԥшраз. Аха, иҳәоит, урҭ ирызку аҳәамҭақәа шмаҷу. «Шәагаала аԥсуа ирымаз аӷбақәа еиуеиԥшымызт, аԥсыӡкыгақәа инадыркны, 200-ҩык зықәдыртәоз аибашьыгатәқәа рҟынӡа. Аҵыхәтәантәиқәа роура 30 метра инаӡон. Аԥсуа галерақәа рҵыхәақәа ҳаракын, уи рҷыдарахь иаҵанакуеит. Ус изыҟарҵозгьы, агалера хышәҭыр, иара ахала анаҩс иааҳәырцаз акәын. Аԥсыӡ зқәыз аԥра амшцәгьаан иааҳәыр, аидара анкаҳалак, ашхәа ахаҭа еиҭааҳәуан, – еиҭеиҳәоит Леонид.
Ииашаҵәҟьаны, аԥсуаа амшын аҿықәан изланхоз ала, мшынла аныҟәара, аԥсыӡкра, жәытәнатә аахыс иныҟәыргоз ак акәын. Амшын ҳәаа ҭырҵаауан, идыргылон аӷбақәа, ажәыларақәа ирылахәын. Амшын Еиқәа иаанагон атәым жәларқәа. Аԥсуаагьы мшынла еибашьра ицалон. Иҟоуп аҭҵаамҭақәа аԥсуаа Османтәи аимпериа иақәлон ҳәа. Уи ауп аԥша ӷәӷәа, Амшын Еиқәа мрагылара аганахьала, «Абаза» ҳәа изашьҭоугьы, иҩуеит аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгиа, Аԥсны аҭоурыхи аетнологиеи рзы иматериалқәа реизгаҿы.
Ашхәар шьақәгылан жәацырак аӷбақәа рыла, урҭ 50, 100, 200, 300 –ҩык ркуан. Аӷбақәа рҵарда ҳаракын, ахаҿы амаҭ, ала, мамзаргьы абга ахы ықәгылан. Рыҵақәа ҵаулан, аҭҟәацәа уаҟа рҭакразы, ҳәа иҩуеит Инџьгиа.
XVIII ашәышықәсазы, Қьелешьбеи Чачба иаҳраамҭаз, Аԥсны ашәарҭара ианҭагылоз аамҭазы аҳ идҵала иаарласӡаны еизон 25 нызықьҩык аршьаҟауаа. 600 еибашьыгатә ӷба Амшын Еиқәа ихын, Баҭым инаркны Геленџьыкьынӡа инхоз зегьы рцәа иҭарӡыӡо. XIX ашәышықәсазы Қьелешьбеи иргылеит 70 бзарбзан зықәгылаз аӷба аҭырқәа сулҭан изы. Амшын Еиқәа аҿықәан инхоз зегь рахьынтә аԥсуаа заҵәык ракәын измаз аа-жәҩак змаз идуз анышьқәа.
Аҵарауаа русумҭақәа рҿы иазгәарҭон, аԥсуаа аӷба аргылараҿы аԥышәа бзиа шрымаз. Ақәыларақәа рзы ирыман, зхы хәхәаз, аныҟәараҿы иласыз, ахыӷәра змамыз, аха ҩ-мазгәыҭк змаз, 8, 12, 18, 24 жәҩа змаз агалерақәа. Ажәҩа ианаҵыршьуаз, аԥсуаа ирҳәон ашәа «Шәах амарџьа».
Шьалуа Инал-иԥа ишәҟәы «Абхазы» аҿы иҩуеит: зықәрахь инеихьаз абыргцәа еиҭарҳәон, ианыхәыҷқәаз ишырбахьаз, аԥсуаа аӡиас Мҷышь ҩадала ишкыдлоз нышьла, нас абнахь иганы ирҵәахуан. Мгәыӡырхәа азааигәара аӡиас ахьиасуа иҟоуп аҭыԥ «ашхәаҵәахырҭа» ҳәа хьӡыс измоу.
Иахьа амшын иадҳәалоу аус ҳтәылаҿы аҿиара амаӡам. Аԥсыӡкра абзиабаҩцәа рыда, иҟам аспорт, ицом аргыларақәа. Леонид игәы иҭоуп аԥсуа галерақәа рыҟаҵара. Иҳәоит, уи уалԥшьас ишиԥхьаӡо.
«Аҭҵааратә усумҭақәа рҟынтә инықәырԥшны иаадыруеит акәымзар, агалерқәа шдыргылоз ахсаалақәа ҳамаӡам. Шәагаалагьы изеиԥшраз еилкааӡам. Ныҟәара иаауаз ирыҩуан, агалера ипаны, аха иауны ишыҟаз. Џьара 20 -ҩык ажәҩаҵшьыҩцәа ақәтәан ҳәа. Ипоу усҟаҩык зақәтәом. Иаадыруеит аӷбақәа ажәытәан ҵәымӷда ишеизыргоз, аӷәқәа реидыԥсалашьагьы ҽакын. Аганқәа ииашаӡа иҟан. Урҭ еидырӡахылон, амҿы иалхыз аҵәымӷқәа рыла», - иҳәоит иара.
Леонид аӷба маҷқәа жәабаҟа иргылахьеит, аха уажәы дызҿу иаҳа идууп, иаҳа дахӡыӡаауеит. Иара дхәыҷы аахыс бзиа избон аԥрақәа, аӷбақәа, амшын иадҳәалаз зегьы. Атәанчара данца урҭ рыргылара иҽазикит. «Ари сгәы зырҭынчуа акәоуп, иԥсыршьаганы исзыҟалеит», - иҳәоит Леонид.
Иара имоуп аҩызцәа аӷбаргылаҩцәа. Урҭ еснагь дрымадоуп. Риҵа иху агалера иақәтәо аекипаж аусушьа дзырҵоз дреиоуп Леонид. Иара деиԥхыӡуеит, аԥсуа шхәақәа рацәаны ҳамшын ианхыла амш. Леонид Невиномыск ашкол данҭаз, аӷбаргылара асекциахь дныҟәон. Уаҟоуп аԥрақәа, анышьқәа рыргылашьа ахьиҵазгьы. Ирацәаны ашәҟәқәа, аныҟәарақәа ирызкыз, рыԥхьара бзиа ибон. «Уи схәыҷы аахыс исыцын», иҳәоит иара. Раԥхьатәи иусумҭа – «туз» – анышьақәа рахьынтә зегь реиҳа ихәыҷу, иргылеит 15 шықәса раԥхьа. Иара «Бриз» ахьзуп. Иахьагьы амшын аҿы ибалоит.
«Издыруаз аӡәы изы исыргылеит. Ишаасшәыз еиԥш иҟоуп иахьагьы. Аԥсыӡкыҩцәа аланыҟәоит. Уи ашьҭахь саланагалеит. Аԥсыӡкыҩцәа сзаауеит, иаҿарҵоит. Исырҳаз аԥышәа иабзоураны иахьа исыргылоит шәагаала еиҳа еиҳау», - азгәеиҭоит аӷбаргылаҩ.
«Азег» - 2 тоннак рҟынӡа иҟалоит. «Абушприт» аӷба зегьы зку агәыцә хада, х-метрак иҟоуп. Иааидкыланы аӷба зегьы 10 метрак рҟынӡа инаӡоит. «Азег» аԥышәарақәа ирхысуеит иандыргылалак ашьҭахь, уаанӡа уи амшынӡы абараны иҟам.
Аӷба аргылараҿы иҟоуп маӡақәак, иаҳҳәозар аҵарда «акиль» ҳәа изышьҭоу, адаанқәа еидҷаблан иҟаҵоуп, уи ауп ақьышә аҿы архәарагьы зилиршаз. Ҿаҳәарак адаанқәа анеидурҷаблалак, иҟәазу- ихьанҭоу аӷәы асахьа аанахәоит. Аганқәа зегьы ануцәлак, зынӡагьы иузгәаҭаӡом, ишеидырҷаблоу. «Азег» аганқәагьы ус еизгоуп. Уи аӷба еиҳа иарласуеит. Идыргыло ашхәа ду аԥрақәа атерракотатә ԥшшәы рымазаауеит. Урҭ Таганрог иаҿаиҵоит. «Азег» анап бзиа аманы иҟалар, 50 шықәса инеир алшоит, иҳәеит Леонид.
«Ахәыҷқәа аланыҟәалоит, иаларҵалоит, убри ауп исҭаху. Аӷба аамҭа-аамҭала амшын иӡхыгалатәуп, аҵа иадтәало амыдаӷьцәа амхлатәуп. Ианкыдҟьалак, нап адкылатәуп, ари амашьына иаҩызоуп», - иҳәоит иара.
Леонид Аҟәа аԥратә школ аартра иҭахуп. Ахәыҷқәа ԥрала аныҟәашьа ахьыдирҵало, аицлабрақәа ахьеиҿикаало. Урҭ амилаҭтә цәа рыманы рыҟаҵара игәы иҭоуп. Хыцла ахысреи, аԥсуаа реибашьышьа аелементқәеи алаҵаны. Ари игәҭакы анагӡаразы иҭахуп ацхыраара. Уи иабзоураны имшынуаҩхарц зҭахугьы ҟалап, иҳәеит гәыӷрала.
Абасала, анкьа зны ибзианы иҿианы иҟаз амшын ус, иахьа ҿыц ахы цәырнагоит. Иалшоит, ажәытә фотосахьақәа рҟынтә мацара иаадыруа, амшын аԥшаҳәа анышьқәа рыла ибеианы, лабҿаба иаабартә иҟалар иаарласны…
Альбина Жьиба