Зыхьӡ адунеи иақәлахо

Ажәлар реиқәырхараз аҧсҿыхҩы дылбааишьҭзар жәҩан иҟоу, адгьылаҿ ииуан афырхацәа.

Ауаа зегьы ргәы иақәшәо Анцәа дуӡӡагьы илымшар ҟалоит, аха, иџьоушьаша, Анцәа игәы иақәшәаша ҟаиҵар илшоит аӡәы. Уи ибзоурала ажәлар еиқәхар ауеит, уаҕеимшхара, иҭаирхар шилшо еиҧш.
Ауаатәыҩса зну аамҭаҿы азқьышықәсақәа иргәылганы идырҳаз адоуҳа иашьашәалоу аҧсҭазаара ранашьахоит, шәышықәса рахьтә аӡәы ҳәа шырҳәо еиҧш, дрылиаарц алшоит ҧсыцқьала зхы мҩаҧызго, агәаҕьреи, ахарахәыцреи змоу, ажәлар ҿызхуа, рдоуҳа алашара ацәашьеиҧш иҳаракны иахьзырҧшуа аҵеи. Урҭ ыҟан ажәытәангьы, иҟоуп аҿатә аамҭазгьы, хыҧхьаӡарала ирацәаҩымзаргьы.
Ирҳәоит, аамҭа ахәра анану, аҟаза дахәырбҕьыцуп ҳәа. Ииуеит алашарбагақәа, ауаажәлар ахақәиҭра алашара иазрыцҳамхарц. Диуеит «аҟаза» дызхылҵшьҭроу иҧсадгьыл дазымшхарц, ижәлар иага шәарҭа бааҧс ихықәгылазаргьы, еиқәхарц азы ацәашьеиҧш дбылларц.
Убысҟан акәхоит ажәлар ры­бзиабара даналнахуагьы. Ус еи­ҧш иҟоу аҵеицәа хьӡырхәага­қәа роуп изызку жәлар рпоет Б. Шьынқәба еицырдыруа ицә­аҳәақәа:

Жәлар рыбзиабара ҟьалан
иааӡом,
Иалнахыз – далнахит,
иаҧсам – дабаӡом!

Ааи, ажәлар рыбзиабара иалнахыз хымҧада изырымкырц алшом ажәеи ашәеи. Насыҧ ду имоуп, ииашаҵәҟьаны, ажәлар еицҿакны лыҧха зырҭаз, инаӡаӡатәхо урҭ рашәа аҽаҧсатәра злахьынҵахаз.
Аҩбатәи азқьышықәса ан­ҵәамҭазы ҳажәлар адунеиаҿ имҩаҧысуаз ахҭысқәа рӡыблара бааҧсы иалаӡыр аналшоз, иреиҳаӡоу рхықәкы –ахьҧшымра рыҧсы ахҭнырҵо аҟнынӡа ине­ины ианыҟаз, аамҭа дцәырнагеит Аҧсадгьыл азы ақәҧара доуҳала иазыхиаз, уи иацу аҭакҧхықәра дырны, ҟәыҕарыла ажәлар уаҵәтәи рлахьынҵа аӡбаразы агәаҕьра аазырҧшуаз, аҳәашьагьы анагӡашьагьы здыруаз ажәлар раҧхьагылаҩ. Уи аҭоурых наӡаӡа иазынхаз, жәлары зегьы иеицырзеиҧшу афырхаҵа - Владислав Арӡынба иакәын.
Милаҭла иаҧсыуаау ҳзы мацара акәым, ҳтәыла иқәынхо егьырҭ ажәларқәа рзгьы, иара уи анҭыҵгьы иҧшьоу хаҭароуп ахааназ, аҧсуа жәлар рҧыза ду – Владислав Арӡынба ихьӡ.
Аҧсуа литературеи аҟазареи рҿы аҭакҧхықәра ҕәҕәа змоу атемақәа ируакуп, еиқәтәарак ззымдырӡо еилашуаз, Арӡынба Владислав иҧсҭазаареи, иҳәынҭқарратәи, иуаажәларратәи усуреи раарҧшра. Уи изкны еиуеиҧшым аҟазара хкқәа рырҿиаҩцәа иаҧырҵахьеит ауаажәларра гәыблыла ирыдыркылахьоу алитературатә, апоезиатә, амузыкатә, аҿыханҵатә рҿиамҭақәа жәпаки, адокументалтә фильмқәеи. Аха уи иаанагом ари азҵаара хаҭәааны иахьынӡахәҭоу инагӡоуп ҳәа. Ҳаҧхьаҟагьы, егьа аамҭа царгьы, ари атема ҧсра ақәӡам, избанзар, уи абиҧарас еиҵагылозаалакгьы ираамҭантәу, ираҧызоу иакәны даанхоит.
Гәыла-ҧсыла, доуҳала зы­жә­лари зыҧсадгьыли бзиа иззымбо илшомызт, ашьха рҩаш хыҽҽақәа рыцыҧхьқәа реиҧш, ажәлар рыбзиабареи раҳаҭыр дуи ҿыпны изқәыҧсоз Владислав Григори-иҧа дызнысыз амҩа аныларагьы, анысрагьы. Дарбан аҧсуазаалак изы еилкаауп агәаҕьреи ахаранаҧшреи згымыз уи иаҧхьагылара ишабзоуроу, ҳаҧсадгьыли ҳажәлари ираҭәашьахаз, аринахысгьы изеиҷаҳаны еихаҳалатәу, зқьышықәсала инаӡаӡахаша аус – ахы ақәиҭра.
Владислав Арӡынба ижәлар рыҧсҭазаара ахәыц ианакыз уи иалихуаз амҩа, иааникылоз ахырхарҭа, ижәлари иареи иеицырҳәоз ажәа Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи риураҿы акырӡа зҵазкуаз шьаҿахон. Ҳәарас иаҭахузеи, аи­ааира згаз ажәлар роуп, аха Владислав Арӡынба иеиҧш иҟаз аҧыза дрымамызҭгьы уи ҟалашьа аиуамызт.
Егьа жәашықәса мҩасыргьы, ахааназы ԥсра иқәым Владислав Арӡынба избанзар, уи иус, иидеиақәа ҧхьаҟа ҳнаскьацыҧхьаӡа еиҳагьы рҽырҭбааны ажәлар ирылаҵәоит, ҳаҧсҭазаара зегь рымҽхаркуеит. Шаҟа аамҭа цо аҟара, убри аҟара иҕәҕәахоит, зыдгьыл ҳаҭәашьоу Анцәа имҭаны, ҳажәлар адунеи ианымӡаарцаз ари ауаҩы ишьҭеиҵаз ауасхыр. Уи изкны егьараан ажәеи, ашәеи аҧырҵап, ҳара ихаану ҳнаҩс, ҳашьҭахь изызҳауа абиҧарақәагьы, иара убри алагьы ихьыӡ адунеи иақәлан иаанхап наӡаӡа.

 

Ахра Анқәаб

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me