Ахаҵареи агәаҕьреи раамҭа

Владислав Арӡынба игәалашәарақәа рышәҟәы «Сара сыҧсҭазаара» аҟнытә

«Абгахәыҷы
шкәакәа» абжьы
Ақырҭуа архәҭақәа шҳақәлаз атәы сара исаҳаит асааҭ 10 рзы аҟара, Очамчыра араион ахадара аиҳабы И.Гәыргәлиа, 1992 шықәса апрель 10 азы амаҵура иахаргылаз иҟнытә. Исеиҳәеит атанкқәа Очамчыра ишалсхьаз. Зыҧшрак ҳәа ҟамҵакәа, Гиви Камыгә-иҧа адҵа исҭеит Кьалашәыр аӡиас аҿы дырҿагыланы ҧхьаҟа имышьҭырц, аха уи залымшеит, аҕа иаанкылара ахьалыршахаз Ацҳа ҟаҧшь аҟны акәхеит, ақырҭуа танкқәа ақалақь иалалахьан. Аҭел сизасит Шеварднаӡе, мышкы уажәаҧхьа сақәиргәыҕхьан, ари ҟалашьас иаиузеи, иаанагозеи ҳәа.
Сара исаҳауан август 13 азы исацәажәоз иакәымкәа даҽаӡәы ибжьы. Шеварднаӡе ихы дақәгәыҕны аус шыҟаҵоу, шьҭа уи ашҟа ахьаҳәра ишаҧсам зныҧшуаз бжьыла. Иамеикуамызт, мацара исеиҳәаз абри ауп: «Владислав Григори-иҧа, иҟалаз ҟалеит. Апарламент еизыжәга, шәышҟа снеиуеит, уа зегьы ҳрылацәажәап». Еилыскааит ари ақәылаҩ гыгшәыг иацәажәара ҵакы шамамыз, убри аҽныҵәҟьа телехәаҧшрала Аҧсны жәлар срыҧхьеит Аҧсадгьыл ахьчарахь. «Иуадаҩу абри асааҭ азы ҳхьамҵроуп, ҳагьхьаҵуам, Аҧсны аҧсра ажәла зҟьо, ҳаҩнқәа зырбго даҵаҳархоит…»

Раҧхьатәи амшқәа
инадыркны
Аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны аҧсуа жәлар ршьапы иқәгылт, ахыхьчара агәыҧқәа реиҿкаара иалагеит. Аибашьра алагамҭазыҵәҟьа аҭагылазаашьа бааҧсӡан, ҳхы злаҳахьчаша акымзарак ҳамамызт: хыц-ҩыцқәак автоматқәа рыла аҕа ҳаиҿагыланы иҳалшоз маҷӡахон. Гәдоуҭа, Урыстәылатәи арратә база аҿаҧхьа ажәлар еизеит, абџьар ҳашәҭ ҳәа иқәгылт. К.Озган аҭел дысзасит, дсазҵааит иҟасҵарызеи ҳәа. «Абџьар жәга» – аҭак исҭеит. Қырҭтәыла анапхгара ақәгәыҕуамызт ҳажәлар абасҟак агәаҕьра аарҧшны аҿагылара ҟарҵоит ҳәа. Агрессорцәа иаҳагьы ирзымбатәбарахеит Нхыҵ-Кавказ ҳашьцәа рганахьала Аҧсны имҩаҧысуаз ахҭысқәа абасҟак ахаҵгылара ахьроуз. Август 14 аҽныҵәҟьа, Маиҟәаҧ еиҿкаан Аҧсны адгылара Ахеилак, имҩаҧысит ҟабардаа реиҿкаара «Адыге хасе», аҟабарда жәлар Рконгресс, август 15 азы акәзар, Кавказ Ашьхаруа жәларқәа Рконфедерациа, Шеварднаӡе «қьаадла еибарку абжьас» ҳәа ззиҳәаз, Жәларбжьаратәи ачерқьесцәа Рассоциациа реилатәарақәа. Урҭ Нхыҵ-Кавказ ажәларқәа ирыҧхьеит Аҧсны ахьчара иазықәгыларц. С.Сосналиев хадас дызмаз Ҟабардантәи, М.Кьылба напхгара зиҭоз Ҟарачы-Черқьестәылантәи хатәгәаҧхарала аибашьцәа раҧхьатәи ргәыҧқәа ааит. Ҳақәҧараҿы аҭыҧ ҷыда ааныркылеит М.Шанибови Аконфедерациа Апарламент Ахантәаҩы И.Сосламбекови зхагылаз Кавказ Ашьхаруа жәларқәа Рконфедерациа.

Сентиабр 3 азтәи аиҿцәажәарақәа
Сентиабр 3 рзтәи ахҭысқәа даара ибзианы исгәалашәоит, избанзар урҭ акырӡа зҵазкуа ароль ааныркылоит. Сентиабр 3 сара сыҧсҭазаараҿы зегь раасҭа мшы хьамҭаны исшьоит. Аиҧылара аламҭалазы Москва ҳнеит. Инықәырҧшшәа 14:00 сааҭ азы Урыстәыла ФСБ Ахантәаҩы дааит, ҳаиманы Б.Н.Ельцин иахь амҩа ҳақәлеит. Борис Николаи-иҧа иҳәон Аҧсны аинтересқәа сыхьчоит, ақырҭуа архәҭақәа ралгара алсыршоит ҳәа. Уи иажәа наимыгӡеит. Ус ҟазшьас иман.
Аилатәара мҩаҧысуан «Президент-отель» аҟны. Астенограммала иубоит ахәмарра ҳара ҳгәашәқәа рҿы ишымҩаҧысуаз. Б.Н.Ельцин ихымҩаҧгашьала иубартә иҟан ҧаҭлика мацарак ала дшаанымгылаз, актәи «идикылахьан» сара снеиаанӡа: Шеварднаӡе ицижәхьан. Аӡәырҩы ирҳәо саҳахьан, Ельцин Шеварднаӡе дшааибалак иҳәатәахьы диаигоит ҳәа. ИАР аиҧыларақәа раан Шеварднаӡе Ельцин дшынеиҿаҧшлак иаразнак зегьы рҽырыҧсахуан. Актәи аҧаҭлика ашьҭахь Ельцин ак иҳәон, аҩбатәи анидикылалак – даҽакы. Аиқәшаҳаҭра атекст ҳауит аилатәара алагамҭазыҵәҟьа,убри аҟнытә уи иаҳәо аилкааразы, аҧхьаразы аамҭа шысҭаху сҳәеит, аха Козырев дахыццакны агәра ҳиргарц далагеит уаанӡа аусуратә гәыҧқәа еиқәдыршаҳаҭыз атекст аредакциатә ҟазшьа змоу аҧсахрақәа ҧшьба заҵәык роуп иалагалоу ҳәа. Сара иҿасырхьит, иагьысҳәеит иҳамоу атекст аҟны иҟаҳҵаз ажәалагалақәа шыҟам. Статиа-статиала ахцәажәарахь ҳаниас, рҽеирақәак рыҟаҵара саналага, Шеварднаӡе дҳәаҵәы-ҳәыҵәуа агәамҵра далагеит…

Ажәа анирҭа
Адокумент анапаҵаҩра ашьҭахь имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы Ельцини Шеварднаӡеи анықәгыла, анаҩс ажәа сырҭеит. Аиҿцәажәарақәа уадаҩны ишымҩаҧысызгьы, урҭ рылҵшәақәа ҳгәы ишамыхәзгьы, аҧсуа жәлар агеноцид шырзыруа сҳәарц азы ари амомент схы иасырхәеит. Шеварднаӡе уиҿаҧшыр иубон, гәаҕла деиҵатәы дшыҟаз, ихатә пресс-конференциа амҩаҧгара игәы ишҭаз. Снаидгылан иасҳәеит, убри иҭахызар, ҳара дҵаны ишықәҳаргыло апресс-конференциа аицымҩаҧгара. Иара дшәеит, иаҧшьигарц ииҭахыз мап ацәикит. 1992 ш. сентиабр 4 азы иҟасҵаз аҳәамҭаҿы ҩаҧхьа иаҵысшьит «Аҧсны ақырҭуа архәҭақәа рыҟазаара аҭагылазаашьа шьақәызҟьо фактор хаданы ишаанхо»,убри аҟнытә урҭ ралгара «аҭынчра аиҭашьақәыргыларазы ҧҟара хаданы ишыҟоу». Аха ари алдыршараны иҟазма Аҧсны архәҭақәа алазгалаз. Аҧсны архәҭақәа ралгара азҵаара шьҭысхуеит ҳәа аҧхьа ҳақәзыргәыҕыз Ельцин иажәа деижьеит, Шеварднаӡе ихәашаз адокумент инапы аҵеиҩит. Ҳаргьы иҟаҳҵоз, адокумент ҳнапы аҵаҳҩит, аха ҳара ҳтәала. Убас иҟалеит, аҵыхәтәан. Сара ахаангьы исхашҭран сыҟаӡам убри аҽны исхызгаз.
1992 ш. октиабр 7,
Лыхны ақыҭан
Аӡәырҩы исабжьыргон Черқьеск имҩаҧызгарц, Аконгресс алахәылацәа ршәарҭадара аҵыхәала, аха сара стәы иасыргеит. Иҟалаз убри ауп, ари аус ҳҽазыҟаҳҵоижьҭеи акрааҵуан, аибашьра ҳҧырхагахеит акәымзар. Аконгресс аусура аҽалархәра рылшеит 140-ҩык аделегатцәа рахьтә 125-ҩык, убрахь иналаҵаны Ҭырқәтәылеи, Германиеи, Франциеи, Голландиеи рҟнытә ҳдиаспора ахаҭарнакцәа.Аконгресс аартраҿы сықәгыланы исҳәеит «аибашьра ҳшацәымшәаз… ҳажәлар рымч шақәхо рыҧсадгьыл ахьчара, аҭынч зҵаарақәа рҭыҧ рықәҵарагь».Машәыршәа акәӡам сықәгылараҿы изысҳәаз аекономикеи аполитикеи рганахьала ҳагәҭакқәа ртәы, иара убас XIX ашә. азы аурыскавказтә еибашьра иахҟьаны Кавказ ашьхаруа жәларқәа изакәанымкәа рықәцара аганахьала аҭоурыхтә иашара аиҭашьақәыргылара шаҭаху. Аконгресс аусура ианалага уи иалахәыз ООН ашҟа ааҧхьара ҟарҵет аҧсуа жәлар хьчахарц, жәларбжьаратәи азакәанқәа инарықәыршәаны ахатә ҳәаақәҵаразы рзин нагӡахарц. Агәыҕра дуқәа адаҳҳәалон ООН, аха ҳаизыҟазаашьақәа марианы изышьақәгыломызт.

Гагра аҭарцәра
Акырӡа зҵазкуаз аҭыҧ ааннакылар акәын иаалырҟьаны ажәылара. Уи иалагеит октиабр 1 азы. Ажәабжьс иҳаҳарызеи ҳәа, Сулҭан Асламбек-иҧеи сареи аштаб аҟны ҳтәан, ашьыжь асааҭ 4 рзы аҟара ҳар рштаб аиҳабы С.П.Дбар иҽанҳамеидаз. Шәабаҟоу, шәабанеихьоу ҳәа азҵаара аҭакс, уи иҳәеит ажәылара убасҟак ирласны ицоит, абыржәыҵәҟьа ҳар ахьыҟоу аҳәара шицәыуадаҩу. Акырҭцәа абаҟоу ҳәа азҵаара аҭак ркьаҿны иҟаиҵеит: «Ршьамхы рҽадыргоит». Иара убас иҳәеит ихьаҵуаз аҳәынҭсоветаа икарыжьыз аштабтә машьына аҟнытә дшасуа, аха аус шауа. Абарҭ ажәыларақәа раан, иааидкыланы аибашьраҿы аиҧш,хаҵаҵас ихы ааирҧшит Чечентәылантәи хатәгәаҧхарала аибашьҩы Х.Ханкаров – аибашьҩы гәымшәаҵәҟьа. Гагра анаҳга, егьи хатәгәаҧхарала аибашьҩы И.Арсамиков, ҳаштаб аҟны Нхыҵ-Кавказ ахаҭарнак инапынҵақәа назыгӡоз, сара дсыҳәеит аҧсуа бираҟ исҭарц ҳҳәааҿы иқәиргыларазы. Аха аҳәааҿы даннеиз, уа ишәыршәыруан Кавказ Ажәларқәа Рконфедерациеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи Рбираҟқәа. Ашьҭахь, рыцҳара дуны иҟалаз, аҩыџьагьы ҭахеит.
Гагра ахақәиҭтәреи аҳәаахь акылсреи акырӡа иармариеит ҳҭагылазаашьа. Абџьарла, џьаҧҳаныла, техникала ирацәаны аҳәаҭҳа ҳауит. Гагра ашьҭахь ауп ианҳау аҭанкқәа, БМП-қәа, БТР-қәа, Град».

Ауаӷеимшхара мшы
Ҳара иаҳҿагыланы еибашьуан ақырҭуа агрессорцәа рымацара ракәымкәа, Украина, Уна-унсо аҟнытә 500-ҩык инареиҳаны, «Арго» ҳәа хьӡыс измаз абаталион аҟны. 1993 ш. март азы Украинантәи Аҟәа итәеит аџьаҧҳани 700-ҩык аруааи зҭаз аҳаирпланқәа 4. Украина Қырҭтәыла ацхырааразы 1500-ҩык раашьҭра агәы иҭан (Ашәҟәы шкәакәа… Ад.162).
Зхыҧхьаӡара маҷу, зымч кәадоу ивагыланы аибашьра аҭыҧан, Нхыҵ-Кавкази Алада Урыстәылеи рҟнытә хатәгәаҧхарала ишыҟарҵаз аиҧш акәымкәа, ҳаҕа идгыланы еибашьуан, дара ргәы излаанагоз ала, Москва иабашьуан. Капеи кылҵәак даҧсам иҧсычу иҿагыланы ақәҧараҿы «зҽалызкааз».
Шәиҧхьыӡ рымазааит 1992 ш. декабр 14 азы аиҳараӡак аҳәсеи ахәыҷқәеи зықәтәаз аверталиот иеихсны илазышьҭыз, 84-ҩык зҭатәаз. Ҳҭоурых аҿы ари мшы еиқәаҵәоуп. Ари гыгшәыгран. Аверталиот иҭаблыз рыҧсыбаҩқәа Гәдоуҭа иааганы анышә иаҳҭеит, ибзианы исгәалашәоит, ахаангьы исхашҭраны иҟаӡам ари ауаҕеимшхара мшы.

Ажәыларақәа маҷмызт…
Ҳаибашьраан ажәыларақәа маҷымкәа иҟан: ақәҿиара змаз, иҳақәымҿиаз. Абри афакт иҳанаҳәоит аиааирахь амҩа аҧшаара ҳшашьҭаз. Аамҭа аҭахын анхара-анҵыра иаҿыз ауаа арратә леишәа рылааӡара, аибашьра аҟазара дырҵара. Абри аҟынтә, лҵшәак рмоуит Шроматәи ажәылара (1992 ш. ноиабр 3-4), Аҟәа агаразы ианвартәи ажәылара (1993 ш. ианвар 5), иаҳараӡак марттәи ажәылара (1993 ш. март 15-16), даара ацәыӡ дуқәа ахьҳауз. Иҭахаз реиҧш, ирацәаҩын ахәрақәа заузгьы. Аҭагылазаашьақәа убас иҟалеит, иҟоуп аӡы ирыргаз, ирзырымгаз.
Абри инамаданы исгәаласыршәоит иџьеишьаз фактк азы С.Сосналиев исеиҳәаз. Ажәылара аламҭалазы ишҟа инеит абыргцәа гәыҧҩык, иарҳәеит минала ирыҧхыз адәы аҧхьа дара ықәсырц шырҭахыз, аҷкәынцәа еиқәдырхарц азы. Сосналиев, ҟалашьас иамаз, мап рцәикит, аха рхымҩаҧгашьа даршанхеит.
Исзыҵәахәам, ажәылара алҵ­шәақәа рзыҧшра еиҳау хьамҭара шыҟам: утәоуп ашьал укәыршаны: арахь ашыӡ ухьызшәа уарыхьҭышьуеит.
Ажәылара аҽны амш бааҧсын, ҳара иаҳҧырхагахарц аҭахын (1992-1993 шықәса абжьааҧнеиҧш акәымкәа, ихьҭан, асоура иатәын), ҳазшаз аиааира ҳаҧсоу-ҳаҧсаму ҧишәошәа.

Адесант рыӡхыҵра
Ҳиааира аҭоурых аҟны даара акырӡа зҵазкуа аҭыҧ ааныркылоит Очамчыра араион Тамшь ақыҭан ҩ-десантк рыӡхыҵра. Аҟәаҟа аҕа ирхәҭақәа раашьҭра аҧырҟәҟәаареи уа игылаз агәыҧқәа рҭахкаареи рзы 1993 ш. ииуль 2 ауха иӡхыҵит 300-ҩык рҟынӡа злахәыз арра- мшынтә десант. Аҕа рхы имырбакәа, цәыӡ рмоукәа адесант Мрагыларатәи афронт архәҭақәеи дареи рҽеиҧыршьит. Хыҧхьаӡара рацәала аҕа ирхәҭақәа урҭ ирыжәырҵеит бџьархкыс ирымаз зегьы, аха ҳаибашьцәа убасҟак хамеигӡарала еибашьуан,аҕа игәы иаанагон, 1500-ҩык зхыҵызшәа.
Тамшьтәи аоперациа акырӡа зҵазкуаз аҵак ҷыда аман Гәымсҭатәи афронт аҟны ажәыларақәа рымҩаҧгаразы, ииашаҵәҟьаны адҵала иарбаз ҩымш рҭыҧан, 8 мшы амҩа ркит, Қырҭтәылантәи аҕа ирезервқәа раашьҭра алдмыршеит, имчқәа рыҧсаҟьеит, Аҟәа ашьҭыхразы ҳжәылара хада акырӡа иахуеит.
Иӡхыҵзи Мрагыларатәи афронт аибашьцәеи ирблит, иҭадырхеит атанкқәа 5, БМП-қәа 3, аибашьыга верталиотқәа 2, иргеит атанкқәа 3, БМП-1, БТР-қәа 2, иршьит, ирхәит 1.500-ҩык рҟынӡа.
Ажәыларақәа раан Мрагыларатәи афронт архәҭақәеи адесанти ирыцәҭахеит 58-ҩык, 200-ҩык раҟара ахәрақәа роуит.

Аԥышәара хьамҭа
Аибашьраан ҧышәара хьамҭаны исзыҟан ҳаҷкәынцәа рҭахара атәы. Ажәыларақәа раан агәабзиарахьчара аминистр ҳцәыӡқәа ртәы зҳәоз адырраҭарақәа арбаны аконверт ҷыда сзааишьҭуан. Иахьа уажәраанӡагьы конвертқәак еиқәырханы исымоуп. Шаҟа исцәыуадаҩыз урҭ раартра. Акы, миллионла асолдатцәа еидызкыло ар уреиҳабуп, иуздырӡом урҭ ранацәа, рабацәа, рабдуцәа, рандуцәа. Даҽа усуп, зегьы анеибадыруа, ацәгьа-абзиа анырзеилоу. Арахь еилукаауеит: аӡәы дҭахеит, егьи дхуп, даҽаӡәы – ҕәҕәала. Аибашьра еибашьроуп, рыцҳарас иҟалаз, иузымдыруаз, ма ибзианы иудыруаз есымша рыҧсҭазаара ахҭнырҵон Рыҧсадгьыл. Сара зегьы згәаҵахь иназго уаҩуп, ҳцәыӡқәа хьаа ҕәҕәаны исзыҟалон. Еилыскаауан аҩны аиҭашьақәыргылара шауа, архивқәеи акультуратә баҟақәеи – убасҵәҟьа. Еиҳау иҟоузеи, ауаҩы иҧсҭазаара, иара уи ахаҭа шкьаҿугьы. Аӡәгьы иҭахӡам ари адунеи заа аҧырҵра, иаҳагьы иуадаҩуп абри ақәҧара иахагылоу урҭ аницәыӡуа. Схьаа, сгәырҩа, сыгәҭыха сан илныруан. «Сыҷкәын, аибашьра – хьанҭоуп, ҧсҭбарада ҟалашьа амаӡам. Аӡәы дҭахароуп, егьи деиқәхароуп» – лҳәон лара.

Саргьы ус акәын сшазхәыцуаз, аха сан сҭагылазаашьа ахьеилылкаауаз, сгәы ахьлырҕәҕәоз, дахьсыдгылоз еиҳаз даҽак сымамызт ари адунеи аҟны.

Алаҭраҿы
Аҧсны адгьылҵакыра ахәҭак ақырҭцәа ирымпыҵахаланы ианыҟаз, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсны аҭҵаарадырратә институти Аҧснытәи архиви (1992 ш. октиабр 22) рымацара ракәында, акультура егьырҭ ахәышҭаарақәагьы рблит. Аҧсуа институт рыблаанӡа, уи дырҳәит, акыр иаҧсаз зегь дәылыргеит. Уи шьақәзырҕәҕәо акакәны иҟоуп, аибашьра ашьҭахь акырџьара ирбеит ашәҟәқәа – атрофеиқәа. В.Ҭырқьба, иҷкәыни иареи Аҟәа, Ҷанба имҩаҿы, алаҭраҿы ирымҧыхьашәеит Аҧсуа институт абиблиотека иатәыз хәызмаӡам атлас – Ф.Диубуа де Монпере ишәҟәы «Кавказ акәша-мыкәша аныҟәара» (францыз бызшәала, Париж, 1937). Анаҩс сара уи абиблиотека иасҭеит. Харҭәаашьа змам цәыӡны иаанхеит архив мацара акәымкәа, зҧыхьашәара уадаҩу ашәҟәқәа ахьыҵәахыз абиблиотекагьы.
Аинститут архив аҟны, ҧҟарак аиҧш, уа ишьҭан сџьатә шәҟәгьы. Аибашьра ашьҭахь Аҷараҟа иагеит, нас, усҟан Аҷара Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс иҟаз А.Абашиӡе исзааиҭит. Даара ҭабуп ҳәа иасҳәеит: аџьатә шәҟәқәа мбылуазаап.

«Пастухов ирдәына»
Ииульмзазтәи аинышәаразы аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагон Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Б.Н.Пастухови сареи. Урҭ мҩаҧысуан Гәдоуҭатәи срезиденциа аҿаҧхьа иҟаз абаҳчамаҷ аҟны. Абжьааҧнеиҧш, Борис Николаи-иҧеи ҳареи аҵәаҵла амҵан ҳнатәаны ацәажәара ҳналагон, уи мҩаҧысуан даара аимак-аиҿак ацны. Еснагь, абри аҵла амҵан ҳанынатәоз, ардәынак ааны инықәтәон, ҳаиҿцәажәарақәа ашәа хаала ихнарҷон. Абри аҟынтә, уи «Пастухов ирдәына» ҳәа ҳашьҭан. Аамҭақәак анҵы, ҳашҟа дааит Сергеи Кужугет-иҧа Шоигу, исырбеит ардәына. Сергеи Кужугет-иҧа, алаф зҿоу уаҩуп, ардәына днахәаҧшны, ус ҿааиҭит: «Шәара, убра иқәҿашәҳәома?»
Б.Н.Пастухов икабинет аҟны снеихьан, ачаи бзиа еицаажәхьан. Ҳаиҧыларақәа ирыбзоураны уи ибзианы дыздырит, абри аҟнытә ҿыҕәҕәала исҳәарц сылшоит ҳара ҳазҧылақәоз раасҭа хыла-хшыҩла акыр дшыҳаракыз.
Аибашьра аанкылареи Аҧсны ақырҭуа архәҭақәа ралгареи рзы аиқәшаҳаҭра анагӡараҿы аџьабаа ду ибеит Сергеи Кужугет-иҧа Шоигу. Зхыҧхьаӡара рацәоу аинтервиуқәа рҟны иҳәон, аҧсуа ган ахыдҵақәа шынарыгӡауа, ақырҭуа ган – мап.

Грачов дааит
ҳиааира ҳамихырц
Ажәыларақәа қәҿиарала идә­ықәло ианалага, сентиабр 17 азы Гәдоуҭа дааит П.С.Грачов. Еилкаан уи Урыстәыла Апрезидент дшааишьҭыз, урҭ ирнырит ҳар Аҟәа ахақәиҭтәра шрылшоз, ирҭахын иааҟалалакгьы ахҭысқәа абасеиҧш рҿиашьа еиҧырҟьарц. Грачов исыдигалеит еиҿагылоу амчқәа реидыгаразы Аҧсны адивизиа алагалара, иҭахын ҳиааира ҳамихырц.
Идыру мзызқәак ирыхҟьаны усҟан «мап» сзымҳәеит. Сақәшаҳаҭхар акәхеит. Иара убри аҽны Грачови Шеварднаӡеи Адлер еиқәшәеит. Насыҧны иаҳзыҟалаз, Шеварднаӡе Аҧсны Урыстәыла архәҭақәа ралагалара, ақырҭуеи аҧсуеи архәҭақәа реидыгара инаҿаршәны мап ацәикит, иара убриалагьы Аҟәа агараҿы дҳацхрааит.
Ҩ-литрак аӡы
Сентиабр 27 азы, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ҩаҧхьа Аҧсны анапхгара ажәылара шәаҟәыҵ, абжьаҟазара ҳазхиоуп ҳәа анҳарҳәа аҽны Аҟәа ахы иақәиҭтәын. 12 мшы ицоз ажәыларақәа ирыбзоураны ицҟьа-шәҟьа иқәҵан 12 нызқьҩык рыла ишьақәгылаз ақырҭуа архәҭақәа, иҭархан ҵҩа змамыз аибашьыгатә техника.
Сентиабр 28 аҽны акомандирцәа еизганы аилацәажәара мҩаҧызгеит, Аҟәа ахақәиҭтәра азы ҭабуп ҳәа расҳәеит, насгьы интересс иҟасҵеит аҧхьаҟатәи аусқәа рзы гәаанагарас ирымоу.
Дара зегь еицҿакны аҷкәынцәа ааҧсеит, Кьалашәыр аӡиас ахықәаҿ ҳҽышьақәҳарҕәҕәап, нас мызкы ашьҭахь ажәылара иацаҳҵап ҳәа анырҳәа,схы сызнымкылеит, иагьсырҧхашьеит, иргәаласыршәеит Мрагыларатәи афронт аибашьцәа рымч еизыркәкәаны Аҟәаҟа еихо ақырҭуа архәҭақәа раанкылара ишаҿу, ҳара ҳнеира ишазыҧшу.
Сентиабр 29, ашьжьымҭан напаркын ҩ-фронтк реиҧыларазы аусқәа. Сентиабр 30, 20:00 азы Аҧсуа ар Егры аӡиас аҿы Аҳәынҭқарратә ҳәаахь икылсит, уа ишьҭырхит Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ. Убри аҽныҵәҟьа Аҧсны атәылахьчара аминистр С.Сосналиев ӡыхәашьла иҭәыз, ҩ-литрак зкуаз аграфин сзааигеит. «Ари Егры аӡы ауп», – иҳәеит Сулҭан Асламбек-иҧа. Абри ауаҩ ҟәыш, агәымшәа, ахаҵа ҕьеҩ зегьы иреиҳаз аҳамҭа сзыҟаиҵеит.
Урыстәылантәгьы ҳаззыҧшыз «аҳамҭа» ҳауит – афымцамч ҳамырхит, аҧсуа ган ақәҕәҕәаразы иҵегьы аусмҩаҧгатәқәа рыдыркылт, мамза­ргь­ иҟаз-шыҟаҵәҟьаз уҳәозар, Аҧсны млакрала рнапаҿы иааргарц рыӡбеит.

Акьыԥхь иазирхиеит
Борис Қаџьиа

 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me