Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Иналукааӡаша аҳәынҭқарратә усзуҩ, ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкны Аԥсны Ахада идҵа инақәыршәаны, ҳазну ашықәс азы акультура Аминистрра еиҿнакаауеит абарҭ аусмҩаԥгатәқәа:
2025 шықәса маи 14 азы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаԥысуеит В.Г.Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку агәырӷьаратә еилатәара. Еиҿкаахоит агәалашәара ахәылԥаз, иара убас иԥсҭазаареи иусуреи раамҭа хадақәа зныԥшуа ацәыргақәҵа ҷыда.
2025 шықәса маи инаркны декабр азынӡа акультура араионтә ҩнқәа рҟны еиҿкаахоит есымзатәи акиноцикл «Президент». Идырбахоит Раԥхьатәи Ахада изку адокументтә фильмқәа, ателедырраҭарақәа.
Аҟәа, Амилаҭтә сахьатә галереиаҿы имҩаԥгахоит Владислав Арӡынба ихаҿреи ҭоурыхла иҵаки зныԥшуа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа иаԥырҵаз аусумҭақәа рцәыргақәҵа.
Раԥхьатәи Ахада Ишықәс аусмҩаԥгатәқәа инарықәыршәаны еиҿкаахоит В.Г.Арӡынба изку авокалтә композициақәа раԥҵаразы амузыкатә рҿиамҭақәа рреспубликатә конкурс.
Акультура Аминистрреи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи еиҿыркаауеит апоезиатә хәылԥазы «Ахада изку ажәа».
В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-Аԥша Аҳәынҭқарратә музеи ахыбраҿы иқәыргылахоит агорелиеф. Иааиԥмырҟьаӡакәа аус ауеит «15 шықәса Владислав ида» ҳәа хьӡыс измоу афотоцәыргақәҵа.
2025 шықәса аҩнуҵҟала И.Г.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭ библиотекеи аҿар Рҳәынҭқарратә республикатә библиотекеи рҟны иазгәаҭоуп алитература-ҵаралашаратә хәылԥазқәа рымҩаԥгара.
Акультура Аминистрра еиҿнакаауеит акультура араионтә, ақыҭатә ҩнқәа рҟны анҭыҵтәи афотоцәыргақәҵақәа.
2025 шықәса декабр азы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаԥысуеит агәырӷьаратә еилатәара «Ҳара ҳ-Владислав».
Раԥхьаӡа иргыланы, гәык-ԥсык ала срыдныҳәалоит аԥсуа-абаза жәлар Актәи адунеизегьтәи рконгресс аделегатцәа, асасцәа зегьы. Ҷыдала срыдныҳәалоит иуадаҩу, ашәарҭара зцу аҭагылазаашьаан абрахь иаҳзааз аҳәаанырцәтәи ҳашьцәа, Нхыҵ-Кавказынтәи иаҳҭааз аделегатцәа, асасцәа. Иаҳзылыԥхааит шәаргьы ҳаргьы ҭоурыхла иаҳзеиԥшу Аԥсадгьыл – Аԥсны.
Аԥсуаа (абаза) агрессор игәы ишаанагоз еиԥшҵәҟьа иагьмаҷҩым. Ҳара иҳадгылеит ҳашьцәа абазақәа, адыгцәа, ачеченцәа, аурысқәа, Нхыҵ-Кавказынтәи аказакцәа. Аԥсны рыхьчарц азы абџьар шьҭырхит мшыннырцәынтәи иаҳзааз ҳашьцәа. Ажәакала, иахьа ҳажәлар ирылшоит Рыԥсадгьыл ахьчарагьы, аҭынчра азҵаарақәа рыӡбарагьы. Аԥсуаа-абазақәа иахьа ахәура рҭацалара залшом.
Владислав Арӡынба
1992 ш. Октиабр 7. Лыхны ақыҭа