Ираԥхьагылоу ҳхьыбҿар

Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы ансамбль «Адац» Санкт-Петербург имҩаԥысуаз аконкурс «Амилаҭтә культурақәа ркалеидоскоп» аҿы иаԥсахеит агран-при.

Ари аусмҩаԥгатә, акультура-ҭоурыхтә фестиваль «Ажәларқәа реиҩызара» иахәҭакын, уи рхы аладырхәит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи хынҩажәеижәаба рҟынӡа ахаԥшьгаратә гәыԥқәа.
Ари аусмҩаԥгатә аҟны ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль «Адац» инарыгӡеит ҩ-кәашарак – «аԥсуа чара кәашара» , иара убас «анхаҩцәа рыкәашара».
Гәдоуҭа араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Витали Агрба, Гәдоуҭа араион абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Валико Гобечиа «Жәларбжьаратәи акультура-ҭоурыхтә ҭынхақәа» рфестиваль аҟны аиааира згаз ансамбль «Адац» Аԥсныҟа ианыхынҳә ирыдырныҳәалеит. Урҭ ирзеиӷьаршьеит раԥхьаҟа еиҳау ақәҿиареи аманшәалареи.

«Ҳансамбль раԥхьаӡакәны ауп ас еиԥш зымҽхак ҭбаау аусмҩаԥгатә рхы аналадырхә. Ахәыҷқәа даара ргәы хыҭ-хыҭуан, аха дара уи рнымԥшит. Рықәгылараан, иқәыԥшӡоу акәашаҩ - хәышықәса зхыҵуа, асценахь данцәырҵ, ахәаԥшцәа ршьапы иқәгыланы ауп рнапы шеинырҟьоз» ҳәа «Sputnik» аинтервиу анрылҭоз инаҵшьны иазгәалҭеит ахәыҷқәа азыҟазҵо Амина Цеиба. Аҵыхәтәан, афестиваль аиҿкааҩцәа «Евразиа аҟазареи акультуреи иаԥсоу аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианаршьеит ансамбль «Адац» асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Руслан Дбар.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me