Уи иааигеит амш аусхәаԥштә азҵаара хадақәа хԥа: асқьала маҷ ареставрациа, аҭӡы ианырҵо амуралқәа, амшынҿықә ахаҿра арԥшӡара. Иҳәеит апрель 14 азы ишымҩаԥысыз аҳҭны-қалақь ахадара ахаҭарнакцәеи Краснодар архитектор хада еиҳабыс дызмоу Краснодартәи атәылаҿацә аделегациеи реиԥылара.
Аспециалистцәа асқьала ианахәаԥш ашьҭахь, апроблема аӡбаразы ҩ-вариантк ааргеит: раԥхьатәи ахаҿра аиқәырхареи мамзаргь даҽа проектк аҟаҵареи.
Ахадара аиҳабы иазгәеиҭеит, ҳасаб шырзутәу абри азҵааразы иҟоу агәаанагарақәа зегьы.
Ҳара аӡбамҭа шьҭыхны ауаажәларра рҟынӡа инаагароуп. Аамҭа даара имаҷуп», – иҳәеит Агрба.
Аилатәара иалахәыз Аҟәатәи асқьала маҷ апроект иахцәажәеит. Аҟәа архитектор хада Светлана Шаменкова иазгәалҭеит, аобиект ахаҿра шеиқәырхатәу, избанзар иара архитеркуратә баҟаны ишыҟоу, уи ахаҿра аиҭакрагьы ауаажәлар рақәыршаҳаҭра шаҭаху. Илҳәеит асиа аҟнытә ус баша ацәаҳәа ахьшьра шамуа.
«Абри азы имҩаԥаагароуп асқьала амашәыр ахылҿиаар алшоит, аиҭашьақәыргылара ауам ҳәа анџьнырцәа иҟарҵо алкаа ашьаҭала аҭҵаарадырра-методикатә хеилак. Уи ахеилак аҭоурых-культуратә ҭынха обиектқәа иҟоу ахыхь рсиа ианнахроуп. Абарҭ аусмҩаԥгатәқәа алшара ҳарҭоит даҽа проекттә ӡбамҭак азкылсра», – лҳәеит лара.
Шаменкова иазгәалҭеит аурыс-аԥсуа комиссиа ари аобиект амашәыр ахылҿиаар алшоит ҳәа агәаанагара шамоу. «Уи уԥсахыр ауеит, абыржәы иҳамоу аобиект жәапроценк раҟара иаҳзеиқәырхозар. Ҳазлацәажәо ахҭыс аганахьала ҳара еиқәҳархо ҳәа ахымзарак ыҟаӡам», – иацылҵеит лара.
Ақалақьргыларатә хеилак алахәылаҩцәақәак ажәалагала шьҭырхит асқьала иаҳа ирӷәӷәаны, иара убас амшынҿықә иацызҵо, ианаало акакәны аҟаҵара.
Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара Аҳәынҭусбарҭа аиҳабы Гарик Сангәлиа иҳәеит, асқьала раԥхьатәи ахаҿра шышьақәыргылатәу. Архитектор, адизаинер, Аҟәа астудиа Kama Katsiva Creative Croup аԥҵаҩы Кама Кациа иазгәалҭеит абри асқьала ҳхы иаҳархәарц шаҳҭаху аилкаара.
«Аԥхьаӡа ари амшын аганахьала ақалақь ушьапы злалаургылоз мҩан. Уажәы урҭ рацәахеит, ҳәарас иаҭахузеи, сара исҭахын асқьала афункциақәа рырҭбаара, кыдгыларҭак аҳасаб акәымкәа, ақалақь уадзыԥхьало, уахьлеиҩеиуа, иара убас арлахҿыхратә усқәа ахьымҩаԥырго ҭыԥны аҟаҵара», – илҳәеит лара.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵаҭатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиа иазгәалҭеит, уи арҿыцра шаҭаху, аха аобиект архитектуратә хаҿра ишазхәыцтәу, иара иатәым шадгалатәым. Ақалақьргыларатә хеилак иалоу Арда Инал-иԥа уи азгәаҭара дадгылеит. Иара убас иаҵылшьит апроблема аӡбара аганахьала ачынуаа аҭакԥхықәра шрыдлауа.
«Закәанла ари азҵаара даара маршәакрала иазнеитәуп. Сара зынӡаск саҿагылаӡом уи аиҭакра, аха ҳасаб ззутәу аҭыԥқәа ыҟоуп», – лҳәеит лара.
Светлана Шаменкова иазгәалҭеит иахьа ишыҟаҵәҟьоу обиект аиқәырхара шамуа, абри аҟнытә абаҟақәа рсиа аныхразы азҵаара аҭыԥ ишықәҵатәу.
Асахьаҭыхҩы Леонид Еныкь иҳәеит, раԥхьаӡа иргыланы, акырӡа шаҵанакуа аобиект астратегиатә ҵакы ашьақәыргылара.
«Аҭоурыхтә обиект аиқәырхара аимитациа аҽазкра аҭахӡам. Уи аус аулароуп, аха еиуеиԥшым афункциақәа адгаланы аидара аҵаҵара аҭахӡам. Еиқәырхатәуп уи аҭоурыхтә хаҿра», – иҳәеит иара.
Аилацәажәара аихшьалақәа рыла иазыӡбан уаанӡа ишыҟаз аиԥш Аҟәатәи асқьала аиҭашьақәыргылара.
Ақалақьргыларатә хеилак аилатәараҿы иара убас ирылацәажәеит аҭӡы ианырҵо амуралқәа рызҵаарагьы. Апрель 8 азы Аҟәа иааит аихагыла рацәа змоу аҩнқәа рыҭӡамцқәа амуралқәа рыла рырԥшӡараз Урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа. Аԥхьа иалырхит Коӷониа имҩа, аҩны №62. Аҳҭны қалақь архитектор хада Светлана Шаменкова иазгәалҭеит аҩнқәа жәаба амуралқәа рнырҵарц ажәалагала шыҟаҵоу, аха ианырҵо асахьақәагьы ралхра шаҭаху.
«Сара, архитекторк иаҳасабала, сгәы иҵхоит Ешба имҩала ақалақь уахьналалауа игылоу ахыбрақәа ԥшьба амуралқәа рыла рҩычара азҵаара», – лҳәеит лара, иагьацылҵеит, хыбра заҵәыкгьы шазхоз.
Ахеилак иалахәу зынӡаск мап рцәыркит Урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа иааргаз аҭыхымҭақәа.
Аҟәа ахадара анхарҭа-коммуналтә нхамҩа адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба еиҭеиҳәеит амуралқәа ридеиа шцәырҵыз. Сергеи Кириенко раԥхьа Аԥсны даныҟаз илаԥш ақәшәеит Коӷониа имҩаҿ игылоу аҩны ахаҿра зеиԥшраз.
«Уи ажәалагала ҟаиҵеит абри аҩны иагыу-иабзоу ҟарҵарц, ҳамҭак аҳасабалагьы аварахьтәи аҭӡы асахьақәа анырҵарц. Ари даара ибзиоуп, ҳаамҭа иақәшәоит. Абри ашьҭахь, ақалақь ауааԥсыра ҳарԥылеит. Урҭ ажәалагала ҟарҵеит Леуарса Быҭәба иусумҭақәа рхы иадырхәарц, аха асахьаҭыхыҩцәа дара рескизқәа ҟарҵеит, – иҳәеит уи.
Ақалақьргыларатә хеилак аҟны аилацәажәара алҵшәақәа рыла ҩ-ҩнык рганахьала аӡбамҭа рыдыркылеит: Коӷониа имҩа 62, уаҟа Леуарса Быҭәба иҭыхымҭа ашьаҭала амурал ҟарҵоит, Агрба имҩа, 9 аҟны игылоу аҩны ианырҵо амурал зеиԥшроу иаарласны еилкаахоит.