«Сахьыҟазаалак ухьӡ схуп – Аҧсны!»

Ааигәа лиубилеи азгәалҭеит абаҩхатәра злоу апоет, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу Гәында Сергеи-иҧҳа Кәыҵниаԥҳа.

Дышқәыԥшыз алитература иа­зхьаԥшыз, зхатәы жәеинраалақәа зыҩуаз, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет даналга нахыс еиҳагьы алитературатә ԥсҭазаара лҽалалырхәуан. Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан аус луан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аклуб аиҳабыс, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аҧсуа радио аредакторс. Еснагь алитературахь агәацԥыҳәара лыман. 2005 ш. инаркны аҧсуа бызшәа арҿиара Аҳәынҭқарратә фонд аиҳабыс даниарга иааԥшит леиҿкааратә баҩхатәрагьы. Иахьа ҩаԥхьа аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭа напхгара алҭоит.
Заа акьыԥхь аҟны лцәырҵрала иааԥшит агәырҵҟәыл бзиа шлылаз. Ахәыҷтәы журнал «Амцабз» еиԥш, рҿиаҩык иаҳасабала данышьақәгыла лажәеинраалақәа ркьыҧхьуан аԥсуа журналқәа реиԥш, анҭыҵ – урыс бызшәалагьы. Лажәеинраалақәа агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа ХХ ашә.» (Аҟәа - Москва, 2001; 2009) уҳәа. Лажәеинраалақәа еиҭаганы ирнылахьеит иара убас «Сухумская крепость» еиԥш иҟоу еиуеиԥшым аизгақәа.
Ажәеинраалақәа еидызкыло ашәҟәқәа жәпакы ҭлыжьхьеит, уахь иаҵанакуеит ахәыҷтәы жәеинраалақәа реизгақәагьы.
Апоет дазааԥсахьеит аиҭагара аусгьы. «Аҧсалҭыр» аԥсшәахь аиҭагаҩцәа ды­руаӡәкуп, насгьы «Ахәыҷқәа рзы абиблиа», «Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Жәларбжьаратәи Адекларациа» уҳәа.
Иҭышәынтәалахьоу апоет Гәында Кәыҵниаԥҳа лпоезиа ианыԥшуеит даҽакы иаламҩашьо лхатә дунеи, уи есааирагьы аҽарҭбаауеит.
Агазеҭ «Аԥсны» аредакциа ан­апхгареи аусзуҩцәеи гәык-­ԥсыкала апоет лиубилеи лыдаҳныҳәалоит, арҿиара агәацԥыҳәара лыцзааит, еиҳау аихьӡарақәа лзыԥшызааит.

 

АМРА ААНЫЗКЫЛАЗ

Амра аанызкылаз,
Днахәаҧшны лаҧшыла,
Амш еиҵызхыз ашәа еиҧш,
Аҧсҭазаара днаҧылан,

О, лҳатәы лҳауазма,
Лықәҵатәы қәылҵозма,
Акәымжәи акабеи изылӡахыр,
Илгәаҧхаз дигозма!..

Амш лызхомызт амыжда,
Мацәысымҭак иҟам.
О, згәаҧхара лымаздаз,
Дылзыгәаҕьуа дыҟам!

Лус илыду лзыҟамҵар,
Инаӡом лгәы иҭалкыз.
Гәыла уи дазыҟаҵан,
Лынашана иҧхьалкуаз,

Уажә иаацәырган, лымч зегьы
Лылаҧш ахь инаршәны,
Зныкшәа амра днахәаҧшит,
Ҵаҟа лгәыр нкаршәны.

Амра цом иаангылазшәа,
Иҧшын ишьхынҧсылан.
Гәыла амра дацәажәон,
Лыӡахтәы аанкылан.

Амш еиҵылхуан ашәа еиҧш,
Аҧсҭазаара даҧылан,
Рыҧхыӡ далоуп арҧарцәа
Амра аанызкылаз.

Рыҧхыӡ дшалоу, дшалаӡоу,
Лабҿаба днарҧылар,
Убриоуп сгәы иалоугьы –
Дырзаанымкылар,

Уи дрыцәцар дымрашәахәан,
Дара шанха ишгылоу…
Абра инҵәоит са сашәагьы
Амра аанызкылаз лзы.

О, сҳатәы сҳауазма,
Сықәҵатәы қәысҵозма,
Аҧсреи абзареи срыбжьаланы,
Ацҳа сықәсны сцозма…

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me