1979 ш. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи рахь дрыдыркылеит, 1999 ш. раахыс Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп, ианашьоуп Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп, ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара.
Р. Қапба диит 1935 ш. апрель 14 рзы Очамчыра араион Арасаӡыхь ақыҭан. Ихаҭа дшыԥшқаз иаб акыр заа машәырла иҧсҭазаара ҿахҵәеит. Иан Уардшька Мамсыр-иҧҳа Допуа лхаҭагьы 29 шықәсазаҵәык роуп инылҵыз. Заҧхьаҟа иҵарауаҩхараны иҟаз Руслан Хәанеи-иԥеи иара убас иашьцәеи иаҳәшьцәеи раншьцәа аибара дмырбакәа ирааӡеит, ршьапы иқәдыргылеит.
Р. Қапба Арасаӡыхьтәи 8-шықәсатәи ашкол даналга нахыс абжьаратә ҵара хиркәшеит 1954 ш. Тамшьтәи ашкол аҟны, дагьҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа-аурыс ҟәша. 1959 ш. иҵара даналга дрыдыркылоит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны») аредакциаҿы литературатә усзуҩыс, ашьҭахь – арҵаҩцәа реиҭазыҟаҵара Аҟәатәи афилиал аҟны аус иуан.
Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан аус иуан: ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредакторс, ажурнал «Ашколи аҧсҭазаареи» аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс, 1989 ш. инаркны аинститут аҟны иусура инаҷыданы Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет аҟны астудентцәа аҧсуа литература аҭоурых иазкны алекциақәа дырзаԥхьон. Иахьа Аԥсуаҭҵаара аинститут алитература аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы нага ҳәа дыԥхьаӡоуп.
Р. Қапба Тамшьтәи ашкол ахь даниас еиҳагьы дазҿлымҳахо далагеит аҵарадырра. Ибзианы ишигәалашәо ала, уи аус ҧшьа иацхрааит арҵаҩцәа дуқәа Надежда Кобахиа, Вианор Занҭариа, Гьаргь Бжьаниа уҳәа.
Усҟан аҵара ицызҵоз заҧхьаҟа акыр зылҵраны иҟаз иқәлацәеи иареи реиҩызара дырӡуамызт. Хьаас имоу – иҩызцәа рахьтә аӡәырҩы рыԥсҭазаара иалҵхьеит.
Р. Қапба алитература азҿлымҳара анаҩсангьы заа ихатә ҩымҭақәа раҧҵаразы иҽҧишәо далагеит. 9-тәи акласс аҟны дантәаз инаркны агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциахь ақыҭа ҧсҭазаара иазкыз ажәабжь кьаҿқәа ааишьҭуан.
Руслан Хәанеи-иԥа ианшьа, аҵарауаҩ ду Хә. Бӷажәба ҽнак иабжьеигеит ҿыц иҭыҵыз М. Лакрба иновеллақәа реизга иазкны арецензиа иҩырц, убри алагьы иҽҧишәарц. Иахьа дшазхәыцуа ала, раҧхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵоз ақәыҧш изы уи гәаӷьыуацәан. Аха аҩра иаҧшьигеит. Иахьынӡаилшоз игәцаракны дазнеит. Ианыхиркәша Хә. Бӷажәба даирҧхьеит. «Ицәгьам, аха ирацәаны уаҧхьалароуп», – ҳәа иеиҳәаз ажәақәа ихамыршҭкәа игәникылеит. Уи нахыс есааира аҧышәа ирҳауан, дҭышәынтәалон.
Аҧсуа литератураҭҵаареи акритикеи ирызкны 200 инареиҳаны астатиақәеи аочеркқәеи знапы иҵызххьоу, 30 инареиҳаны ашәҟәқәа ҭзыжьхьоу Р. Қапба, аханатә еиҧш, арҿиара ианапы алакуп. М. Лакрба изикыз ашәҟәы «Рыцарь аламыса», иара убас Хә. Бӷажәба изку «Хухут Бгажба. Жизнь и творчество» аурысшәахь еиҭаганы иҭыҵхьеит. Арҭ аҿырҧшқәа иаҳдырбоит аҵарауаҩ имонографиақәа шаҟа инарҭбааны, инарҵауланы дрызнеиуа.
Аҧсҭазаара ду ахь амҩа дананыла, еснагь мҩанызас имаз иабацәа рҵас-рқьабз, раҧсуара, рыламыс, ржәытә ажәабжьқәа, урҭ ирыцу аҳауа зҩыда шьагәыҭс, уасхырс иамоуп аҵарауаҩ иеизҳара, ишьақәгылара. Иразҟы иалан иахьакәзаалакгьы аҩызцәа бзиақәеи иареи реиқәшәара. Аха зегьы инарҷыданы 40 шықәса зыҧсҭазаара еилаз, иаамҭамкәа здунеи зыҧсахыз, лыжәлари лыҧсадгьыли ламысла рымаҵ зухьаз, аҵара-ааӡара аус акырӡа иазааҧсахьаз иҧшәмаҧҳәыс Маро Нинуа дарӷьажәҩаны дахьивагылаз ирҿиара агәацҧыҳәара инаҭон.
Алитература-критикатә статиақәеи аочеркқәеи реизгақәа: «Акритикатә етиудқәа», «Ахәышҭаареи азқәаҭыԥи», «Аԥсҭазаара ахаҿсахьақәа», «Ҩ-лахьынҵак», «Ҳара ҳазҽеихар…», «Аамҭеикәшара зегьы азылагом», «Ажәа сахьарк абчараҳцәа», «Адоуҳа ашҭа», «Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы» уҳәа рҟны рырҿиара дахцәажәоит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа: Б. Шьынқәба, А. Џьонуа, А Гогәуа, Н. Ҭарԥҳа, А. Џьениа, М. Лашәриа, Н. Кәыҵниа, П. Бебиа уҳәа аӡәырҩы. Араҟа лымкаала иазааҭгыламзар ауам даҽакгьы. Р. Қапба шьарда илиршахьеит заатәи аԥсуа журналистика аҭоурых аҭҵаара инамаданы уи амаҵ азызуаз аҟазацәа рыԥсҭазаареи рырҿиареи рыҭҵаараҿы.
Ааигәа иҭыҵит аҵарауаҩ аҭыжьра иазирхиаз аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аус здиулоз ашәҟәыҩҩы С. Кәыҵниа иҧсҭазаареи ирҿиареи ирызку ишәҟәы. Р.Қапба аханатә еиҧш арҿиара агәацҧыҳәара имоуп. Ишәҟәқәа амилаҭтә литература знысхьоу амҩа аадырҧшуеит.
Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу адоктор абжьааҧнеиҧш, истатиақәеи иочеркқәеи апериодикатә кьыҧхь ианылоит, еиуеиҧшым аизгақәа иргәыларҵоит, ишҭыцыц иҭыҵуеит ишәҟәқәа.
Агазеҭ «Аԥсны» анапхгареи аусзуҩцәеи гәык-ҧсыкала Руслан Хәанеи-иԥа Қапба 90 шықәса ихыҵра идныҳәалауа, изеиӷьаҳшьоит агәабзиареи аԥсуа иқәранҵыра дуи.