Аусуратә ныҟәараан урҭ Афырхацәа Раллеиаҿы игылоу 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи, иара убас Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи раан иҭахаз аибашьцәа рбаҟақәа рымҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои иара убас ауааԥсыра ирыҿцәажәеит.
Анаҩс, Сергеи Кириенкои Бадра Гәынбеи араионтә хәышәтәырҭа хадеи Тҟәарчал ақалақь аполиклиникеи ирҭааит, амедицинатә усзуҩцәа ирыҿцәажәеит, амедицинатә рҭагылазаашьа гәарҭеит.
Сергеи Кириенко амедицинатә усҳәарҭақәа адгылара рыҭара иамоу аҵакы азгәаҭаны, ахәышәтәырҭа ҳамҭас иаиҭеит афымцакардиографиа аппарат. Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Сергеи Владилен-иԥа амедусбарҭазы даара ихәарҭаны иҟоу аҳамҭазы иҭабуп ҳәа иалҳәеит.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
