Сара 1967, 1978 ашықәсқәа рзы Аҧсны имҩаҧысыз ауаажәларра-политикатә хҭысқәа ирызкны инеиҵыху амонографиа зыҩхьеит – «Аҧсны: 1967, 1978 шықәсқәа рзы» ҳәа. Убри аҟнытә, араҟа сажәа мроукәа, иркьаҿӡаны акәзаргьы, ихадоу ҳәа исҧхьаӡо зҵаарақәак сырзааҭгылоит…
«Аҧсуа шәҟәы» знапы аҵазыҩыз рахьтә, зегь раҵкьысгьы зықәра дуны, зыҧсы ҭаны иҳамоу рахьтә иалскаауеит – исыжәлантәу, саб иашьа иҧа, 92 шықәса сынтәа изхыҵыз Мархолиа Владимир Мсураҭ-иҧа, аҧсуа ҵарауаа дуқәа, 93 шықәса зхыҵқәаз – Раиса Кәасҭа-иҧҳа Ҕәблиа-ҧҳаи, Алықьса Луман-иҧа Папасқьыри. Анцәа Ду сиҳәоит, егьырҭ, ашәҟәы знапы аҵаҩны зыҧсы ҭоу зегьы – 100 шықәса инреиҳаны инырҵразы!..
1977 шықәса, декабр 10 аҽны Аҟәа ииз, иҩҩыз «Аҧсуа шәҟәы», иара зҭагылаз аамҭа иахылҵит, уи, иаҧоуп! Усҟантәи асоветтә аҳәынҭқарратә-еиҿкаашьақәа ирхылҿиааит!
«Аҧсуа шәҟәы» ианыҧшит Аҧсни аҧсуа жәлари шҭагылаз асовет-ақырҭуатә колониализм, аҧсуаа – ақырҭқәа рхәура ишҭаз! Қарҭ-аметрополиа ишьақәнарҕәҕәоз, зҳәатәы иахыҧар ҟамлоз, Аҧсны апартиатә напхгараҿы иахадыргылақәоз аҧсуаа-ачынуаа, раҧсуа жәлар рзакәантә-рконституциатә зинқәа шырзымыхьчоз! Аҧсны иазуз ақырҭуа демографиатә експансиа, аҧсуаа раасҭа, ақырҭқәа ҩынтә рыла еиҳаны рхыҧхьаӡара Аҧсны ишынаӡахьаз, ишҳаиҳахахьаз! Аҧсуа жәлар рақырҭуатәразы – аетноцид ишҭагылаз, ақырҭуа ҵарауаа ишқырҭуартәыз аҧсуа ҭыҧ-хьыӡқәа, ақырҭуатәра ишаҿыз иҵаулаӡоу Аҧсни аҧсуа жәлари рҭоурых, рбызшәа, ркультура!.. Ақырҭқәа Аҧсны ишымҩаҧыргоз аилагарақәа рацәаӡаны!..
Асоветтә аамҭазы Асоветтә ҳәынҭқарраҿы – СССР зыхьӡыз аҟны, амилаҭтә зҵаара ӡбуп ҳәа иҟан! Уалацәажәар - шьауҕатә усын! Аҧсны Қарҭтәыла алгара азҵаара – ҟалашьа змамыз усын! Ақырҭқәа ус азҵаара аҧсуаа Аҧсны ишьҭаҳхуаз – рҽаҿыршьаауан! Ируӡомызт, иалдыршаӡомызт! Сталин иаамышҭахьгьы, Москва абҕа шрымац ирыман, уаҟа ақырҭуа лобби амчгьы ҕәҕәан!..
Амитингқәа, ажәлар реизарақәа рымҩаҧгарақәа – ҟалаӡомызт. Аха, аҧсуа жәлар – еизон, иқәҧон Рхақәиҭразы! Аҧсуажәларзегьтәи реизара дуӡӡуқәа мҩаҧган – 1957, 1967, 1978, 1989 шықәсақәа рзы. Избанзар, асоветтә аамҭазы ас аҧсуа жәлар изҭагылаз аҳәынҭқарратә, асоциалтә-политикатә џьамыҕәацәгьа изанышәомызт! Иаҿагыланы иқәҧон Қарҭтәыла анапхгара Аҧсны имаҩҧнагоз аполитика бааҧсӡа.
Шеварднаӡе ихаан - Қарҭтәылеи Аҧсни – иполициатә тәылақәаны иҟаиҵахьан! Ақырҭуа КГБ иҕәҕәаӡаны аус ауан. Аҧсны уи «абызкаҭаҳара» иаднаҧхьаланы, аус днаруан имаҷымкәан аҧсуаагьы – «маӡалатәи ацәгьаҳәаҩцәа», - аҵымҵҳәҳәаруаа… Абас иҟаз ашәарҭара дуӡӡа Аҧсны ҳашҭагылазгьы, агәаҕьра, агәымшәара дуӡӡа аарҧшны, Аҟәа маӡала иааҩит ҳара абри «Аҧсуа шәҟәы»! Убасҵәҟьа, агәаҕьреи, агәымшәара дуӡӡақәа аарҧшны, уадаҩрас ирыхьраны, изқәшәараны иҟаз хьаас имкӡакәан, иҭаркуазаргьы имшәаӡакәан, абри «Аҧсуа шәҟәы» рнапы аҵарҩит уаа 130-ҩык аҧсуа жәлар рҵеицәа бзиаӡақәа, ҷышәшәыра змамыз ауаа цқьақәа, ауаа нагақәа!..
Урҭ рахьтә, иахьанӡа зыҧсы ҭоу зегьы –даараӡа иҭабуп ҳәа расҳәоит, усҟан иаадырҧшыз агәымшәареи, агәаҕьреи, афырхаҵареи рзы! Ақәра дуӡӡақәа нырҵааит!..
Иахьа ҳазлацәажәо «Аҧсуа шәҟәы» аҩра аидеиа ахы ахьанаркыз ақалақь Гагра ауп: аҧсуа патриотцәа дуқәа рыгәҭаны, Борис Кьахьыриҧа зханы дгылаз рҿы.
1977 шықәсазы СССР Аконституциа (Азакәан Хада) ҿыц рыдыркылараны иҟан, нас, иааиуаз - 1978 ашықәсан, иара убас - ирыдыркылараны иҟан Қарҭтәылеи Аҧснытәылеи Рконституциақәагьы. Иҩтәын абарҭ ахҭысқәа ирышьашәалаз, «аҧсуа жәлар рҿахәы зҳәашаз», «Аҧсны иахәашаз» шәҟәыкгьы!.. Аҧсуаа - ҿымҭ ҳазтәомызт!.. Ҳгәалақәа рацәаӡан азы!..
Ас еиҧш иҟаз ашәҟәы аҩра сара исыдырҵыит гаграа. Избанзар, сара усҟан Аҟәатәи арҵаҩратә аинститут аҟны латәарада аҵара сҵон, аҭоурыхтә факультет аҩбатәи акурс аҟны стәан. Зыргылара иаҿыз Амзаратәи – Пицундатәи акурорт дуӡӡа аҟны ргылаҩс, прорабс аус зуан… Аха, ҳажәлар рзы, Аҧсны азы ақырҭқәа аилагарақәа иҟарҵақәахьаз рацәаны афакҭқәа еизганы исыман, Аҧсны аҭоурых аицакрақәа, аҧсуа ҭыҧхьыӡқәа иақырҭуатәны иахьырыҩқәахьаз, изныз акьыҧхьтә хыҵхырҭақәа рацәаны издыруан…
Донецкынтәи Гагра зыҧсы зшьоз иуристк дыҧшааны, иара дахьынхоз сцаны, уи сареи еицааҩит ҩ-хкык (ҩ-вариантк) ари ашәҟәы, нас – Аҟәа, аҵарауаҩы Артур Аншба иҿы исыманы снеит. Уи иареи сареи ҳаибадыруон, ҳагәра еибагон, 1967 шықәсазы Аҧсны имҩаҧысыз ауаажәларра-политикатә хҭыс дуқәа раахысижьҭеи…
Аха, Гагра, ҳашәҟәқәа ракәымкәан, Аҟәа иит еиҳа теқстла иҭбааз, иахьа зыӡбахә ҳамоу «Аҧсуа шәҟәы». Уи аҕьырак иҩит Олег Дамениа, уа ианылоз атеқст зегьы хәҭа-хәҭала, иахьышьақәҳарҕәҕәоз Артур Аншба иуадаҿоуп. Ари ашәҟәы аҩра ҳалахәын, – сара, Роман Ҷанба, Владимир Аҵнариа.
Иагьа сҽысҟьазаргьы, усҟан абри ашәҟәы аҟәаа ианырымҵаӡит – «Аҧснытәыла - Қарҭтәыла иалгазароуп!» ҳәа зҳәоз аҳәоу… Анапаҵаҩрахь ҳаиасаанӡа, ашәҟәы зсырбаз Борис Кьыхьыриҧа, даараӡа ацҭәа ҟаиҵит! 1967 шықәсазы Москваҟа ижәгаз «Аҧсуа шәҟәы» «Аҧсны - Қарҭтәыла иалгазароуп!» ҳәа анышәҵит, ари аҟны - аҟәаа ианырҵаратәы узалмыршаӡит! Ҳадҵала, ари ашәҟәы аҩра знапы ианаҳҵаз, уара уакәын! Уажәшьҭа уҭакҧхықәрагьы – ҕәҕәоуп ҳәа, сгәы сҽаниҵеит!
Аҟәа ашәҟәы ҩны ҳалгеит 1977 шықәса, декабр 10 аҽны. Гал араион ада, Аҧсны араионқәа зегьы рҿы, маӡала анапаҵаҩрақәа мҩаҧаагеит. Маӡала ашәҟәы ҳашьҭит усҟан Москва имҩаҧысраны иҟаз СССР Иреиҳаӡоу асессиа Апрезидиум ахьӡала, иара убас - Асоветтә ҳәынҭқарра анапхгаҩыс иҟаз Леонид Брежнев иахьгьы…
Аха, ари ҳ-«Аҧсуа шәҟәы» Москва иахәымҧшӡакәан, Қарҭҟа иаарышьҭит! «Ишақәнагоу аҭыҧ иқәиҵаразы» Қарҭтәыла анапхгаҩы - Едуард Шеварднаӡе ирҭеит! Уи, Аҧсныҟа, иҳәатәнагӡаҩцәа-анапхгаҩцәа рахь ирзааишьҭит: ас еиҧш игәаҕьны изҩыз аҧсуаа «рықәнага иақәдыршәарц» рыдиҵеит! Ари - «аҧсуаа рнапала – аҧсуаа рахьырхәра, рыҧҟара!» акәын, иаанагоз!..
1978 шықәсазы, февраль 22 аҽны, Қырҭтәылатәи Акомпартиа Аҧснытәи аобком актәи амаӡаныҟәгаҩыс усҟан иҟаз Валери Хынҭәба Аҟәа имҩаҧигеит ихҩаз Абиуро реилазааратә пленум. 130-ҩык «Аҧсуа шәҟәы» знапы аҵаҩу рахьтә, еиҳа рмаҵурақәа ҳракыуп ҳәа иҧхьаӡаны, иара араҟа апартиатә Абиуро аҟны излаз акоммунисттә партиа иалырцеит Алықьса Џьениа – ажурнал «Алашара» аредактор хада, Иура Аргәын – Аҧсуа милаҭтә ҳәынҭқарратә музеи адиреқҭор, Есыф Ахьиба – Гәдоуҭатәи араионтә газеҭ аредақҭор ихаҭыҧуаҩы!.. «Ашәҟәы аҩра еиҿызкааз иоуп», «ашәҟәы зҩыз дыруаӡәкыуп, знапы аҵазҩызгьы иоуп!» ҳәа, зны сызлаз акоммунисттә партиа салырцеит саргьы! Аха, нас, сучеттә карточка аҟны «лахь-ҕәҕәаӡа» сзанҵаны, спартбилеҭ сзаанрыжьит!..
Усҟантәи аамҭақәа рзы, акоммунисттә партиа алцара – ауаҩы абхаҭа иҭакрахьы «амҩа аартра!» акәын ҭагылазаашьаз дызқәшәоз!.. Иара, егьырҭгьы, «Аҧсуа шәҟәы» знапы аҵазыҩыз зегьы, уамеиқәаҵәа иақәдыршәеит! Аҧсны – Сталини Бериеи рхаантәи аамҭақәа ҳгәаладыршәо аҭагылазаашьақәа ҳзаҧырҵеит!..
Ари «Аҧсуа шәҟәы» знапы аҵазыҩыз наҟ-наҟтәи ҳҧеиҧш бааҧсӡахон, ҳразҟы папаҵҟәырхон - аҧсуа жәлар ҳдымгылазҭгьы!!! 1978 шықәсазы, Аҧсны имҩаҧысит Аҧсуажәларзегьтәи аизара дуӡӡақәа - Лыхнашҭа (аҧрель 2 аҽны), Ҧақәашь (аҧрель 5 аҽны), Ҭҟәарчал (аҧрель 9 аҽны), Аҟәа (маи 22 аҽны), Лыхнашҭа (ииун 7 аҽны)… «Аҧсуа шәҟәы» иану зегь иашоуп, ҳаргьы ҳнапы аҵааҩит ҳәа ишәҧхьаӡа!» - ҳәа, арҭ аизара дуӡӡақәа рҿы, рыҩнапык ашьҭхрала, ҳажәлар адгылара арҭеит - ашәҟәи, уи знапы аҵаҩыз, ҳареи… Сталин дыҧсижьҭеи, аҧсуа жәлар ртәылан Аҧсны ас рыбжьы ҕәҕәацаӡа идмыргацызт!..
1978 шықәсазы Аҧсны имҩаҧган даараӡа, аҳәынҭқарратә-политика азы, зҵакы ҕәҕаӡоу - анапаҵыҩратә референдум («письменный референдум»).. Уи азкын, ҿыц иҳадҳкылараны иҟаз «Аҧснытәи АССР (Азакәан Хада) Аконституциа» ахцәажәара! Уи Аконституциа анҳадаҳкылоз, усҟантәи СССР анапхгаҩцәа рҿаҧхьа, ихадаӡоу, хырҧашьа змам акы акәны, аҧсуа жәлар еицҿакны, референдумала, иқәдыргылеит - «Аҧсны - Қырҭтәыла алгара!» - азҵаара!.. Иахьақәнагаз, Аҧсны Аконституциа ахәҭаҷаҿы иаҳарбеит – «Аҧсны Қырҭтәыла алҵра иақәиҭызтәоз» ахәҭаҷ ҷыда!
Аха, илҵшәадыртәит Москва-Кремль усҟантәи анапхгаҩцәа! «Аҧсны Қарҭтәыла алҵра иақәиҭаҳтәыр – ҳара Урыстәылатәи ҳҳәынҭқарра – «РСФСР» зыхьӡугьы - еилаҳоит. Усҟан, уантә иалҵыр рҭаххоит – Аҭаҭартәыла, Ачечентәыла уҳәа!» - рҳәеит дара… Москвантә Аҟәа иааз, ЦК КПСС амаӡаныҟәгаҩ Иван Капитонов иҿала, Ленин иашҭаҿы, маи 22 аҽны еизаз аҧсуаа иаҳирҳаит: «…Сочтено нецелесообразным в какой-либо форме решать этот вопрос…»! - ҳәа…Уи ишьҭахь, мчыла ацәажәара зҽаҧшьазгаз - Едуард Шеварднаӡе аҧсуаа аҵыршә изасны, атрибуна дықәырцеит! «Аҧсуаа! Иқәшәыргылаз азҵаара - Қарҭтәыла алҵра ада, иаашәҭахыу зегьы шәзыҟасҵоит!» - ҳәа, амцҳәара даналага!..
Ус иагьа иҟазаргьы, ҳазхцәажәо «Аҧсуа шәҟәы» иабзоуроуп, 1978 шықәсазы, Москва ирыдыркылаз – «Аҧснытәи АССР аекономикеи акультуреи рыҿиаразы» ҳәа Ақәҵара ду! Уи анагӡаразы иазоужьҭын аҧара дуӡӡагьы – усҟантәи аҧара ишьҭнахоз аҵакала! Ихадаӡақәоу рахьтә, иҳауит Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет, Аҧсуа телехәаҧшра, ахыбра ҿыцгьы нацны! Ажурнал ҿыцқәа ҩба – «Аҧсны аҟазареи», «Ашколи аҧсҭазаареи». Иацлеит Аҧсны иҭыҵуаз агазетқәеи, ажурналқәеи рҿыгҳарақәеи, рхыҧхьаӡареи (ртиражқәеи). Аҧсны ашәҟәҭыжьырҭа ақәиҭыртәит аҭҵаарадырратә усумҭақәа – ашәҟәқәа Аҟәа рҭыжьра уҳәа…
Аха, ишыжәдыруо еиҧш, 1977 шықәсазы ииз «Аҧсуа шәҟәы» аамышьҭахьгьы, аҧсуа жәлар ргәаҟ-ҵәаҟра уаҳа нҵәара ақәымзаарын! Иџьбараӡаны иаҳзыҟалеит – 1989-тәи ашықәс! Уи ашықәс инаркны СССР ахыбгалара иалагеит! Аҧсны аарыдкыланы СССР ҳалҵоит ҳәа иаҧшьазгаз, ақырҭқәа еибашьрала Аҧсны иақәлеит! «Аибашьра-маҷ» мҩаҧыргеит – Аҟәеи, Аалӡга ацҳаҿы – ақалақь Уачамчыра! Ашьҭахь, иара Шеварднаӡе ихаҭа, ир иманы Аҧсны дақәлеит еибашьрала! «Аҧсуаа шьаҭанкыла инҳарҵәоит! Агьеноцид рзаауоит!» - ҳәа рыӡбит ақырҭқәа. 1992-1993 шықәсақәа рзы, аҧсуа жәлар рзы Аҧсны имҩаҧысит Аџьынџьтәылатәи еибашьра дуӡӡа!..
Рыҧсы сакәыхшоуп Аҧсны зхы ақәызҵаз зегьы! Зыбзоурала аҧсуа жәлар Риааира шьақәгылаз, иахьа иҳамоу Аҧсны Аҳәынҭқарра ауасхыр азышьҭаҵара, аргылара, уи иамоу - Ахьҧшмра, Азхаҵара зыбзоуроу! Иҧсы сакәыхшоуп Владислав АРӠЫНБА – Аныханӡанра –Аҧсни аҧсуа жәлари Рҧыза, ақырҭуатә хәура – аколониализм ҳҭызгаз, Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аҧсуа жәлар Аиааира дзыргаз, Раҧхьатәи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада! Ҳала ишабоз, бзиа иибоз иҧсадгьыл Аҧсны азы – ацәашьеиҧш иӡҭыз.
Уа, Анцәа ду сиҳәоит, аҧсуа жәлар рыҧсадгьыл аҧшәмара рымазкуа уаҳа мыч зыҟамлааит! Ҳажәлар насыҧ шкәакәа рымазааит рыҧсадгьыл аҿы! Иҕьацааит, амҽхак ҭбаахааит аҧсуа бызшәа! Иҿиааит, иазҳааит аҧсуа ихыҧхьаӡара!..
Наунагӡа – АҦСЫНРА!
Игор Марыхәба,
аҵарауаҩ-аҭоурыхҭҵааҩ