Иналукааша ауаԥс поет, амилаҭтә литература ашьаҭаркҩы, адраматург, асахьаҭыхҩы, ауаажәларратә усзуаҩ Косҭа Леван-иԥа Хеҭагуров диит октиабр 15, 1859 шықәсазы Аахыҵ-Уаԥстәыла Нар ақыҭан. Изырацәамхаз инҵыра мҩасит акыр амыҟәмабарақәеи аиҭеиҭашәарақәеи рыла ишьақәгылаз аамҭа уадаҩ аан. Аха, егьа ус акәзаргьы, уи ашәышықәсақәа ирықәлахо арҿиара иҭынхеит. Раԥхьаӡа иргыланы, иара иоуп изыбзоуроу аирон диалект ашьаҭала ауаԥс литературатә бызшәа ашьақәыргылара.
Косҭа Хеҭагуров аҵарадырра иоуит Владикавказтәи Ставропольтәи агимнази-ақәеи Петербургтәи асахьаҭыхратә Академиеи рҟны. Идгьыл гәакьахь даныхынҳә арҿиаратә усура инаваргыланы, ажәлар рҟны ҽышәала арккаратә усмҩаԥгатәқәагьы драԥшьгаҩын. Аамҭақәак рнаҩс, аҵаралашара аларҵәара дахьазықәԥаҩыз харас идҵаны Терсктәи аобласт ашҟа дахыган 5 шықәса ҿҳәарас иқәҵаны.
1893 шықәсазы агазеҭ «Северный Кавказ» аредакторс дҟалоит. Икьыԥхьымҭақәеи ажәлар рҿахәы иаартны аҳәаразы иааирԥшуаз агәаӷьреи рзы, хара имгакәа деиҭахырҵоит Уаԥстәылантәи. Ҩы-шықәса рышьҭахь дхынҳәит, аха атәыла анҭыҵ иҟазаара игәабзиара анырра ианаҭаз ахы инардыруа иалагеит, дычмазаҩхеит ӷәӷәала, уаҳа арҿиараус дазыхынҳәыртә залымшеит. Иԥсҭазаара далҵит 47 шықәса дшырҭагылаз, апрель 1, 1906 шықәсазы, Ҟубантәи аобласт, Георгиевско-Осетинское ақыҭан.
Даара иҭбаауп Косҭа Хеҭагуров иҭынхаз ирҿиара – хә-томк инархыҳәҳәоит али-рикатә ажәеинраалақәеи, аромантикатә, асатиратә поемақәеи, ажәамаанақәеи, аус зыдулоу ажәлар рҳәамҭақәеи назлоу иаԥҵамҭақәа. Дыҩуан ауаԥс, аурыс бызшәақәа рыла.
Аурыс бызшәала иаԥҵоу иажәеинраалақәеи ипоемақәеи еидызкылоз ашәҟәы раԥхьаӡа акәны иҭыҵит 1895 шықәсазы «Ажәеинраалақәа» ҳәа хьӡыс иаманы. Аха, ибаҩхатәра ҳараки иԥсабаратә ҟыбаҩи инарҵауланы ианышьақәырӷәӷәаха, 1899 шықәсазы аизга «Ауаԥс лира» (Ирон фандыр) анҭыҵ ауп. Убасгьы, Косҭа Леван-иԥа ирҿиараҿы аҭыԥ хада аанызкыло аԥҵамҭақәа иреиуоуп: аетнографиатә очерк «Особа», зхыркәшара дахьымӡаз, нхыҵ-кавказтәи ажәларқәа XIV ашә. азы ам-пыҵахалаҩцәа ирҿагыланы рықәԥара аазырԥшуа аҭоурыхтә поема «Хетаг», «Иҵәуо ацаҟьа» уҳәа иҵегьы. Ирҿиара зегьы иагәыцә хадоуп итәыла гәакьа –иабацәа рџьынџь абзиабареи ахӡыӡаареи, азышәаҳәареи.
Косҭа Хеҭагуров ирҿиара инарҭбааны азхаҵара еиҳаракгьы ианаиу, XX ашәышықәса алагамҭазы, асовет аамҭа анышьақәгыла нахыс ауп. Уи иҩымҭақәа еиҭаган асовет ҳәынҭқарра еиднакылоз ажәларқәа зегьы рбызшәақәа рахь еиԥш, европатәи акыр абызшәақәа рахьгьы.
Косҭа Хеҭагуров ирҿиара Аԥсныгьы ибзианы ирдыруеит. Иреиӷьӡоу уи иҩымҭақәа, иаҳҳәозар: ажәеинраалақәа «Аӷар игәы», «Додои», «Ан», «Сара аԥсра сацәшәом», «Урыхәаԥш», «Ауасиаҭ», «Агәыӷра», «Ахәыцра» уҳәа уб. иҵ. аԥсышәала идырцәажәахьеит еицырдыруа аԥсуа поетцәа: Д.Гәлиа, Гь.Гәыблиа, К.Ломиа, Ан.Аџьынџьал, М.Лашәриа, Н.Кәыҵниа. Арҭ аиҭагамҭақәа рахьтә акыр ҳтәыла абжьаратәи иреиҳауи аҵараиурҭақәа рырҵаратә программақәа ирылоуп.
Иара убас, иахьа аӷьараҳәа ҳауаажәларратә бзазара иалагылоу, ҳмилаҭтә сахьажәа арҿиаҩцәа хатәрақәа ируаӡәку Г. Аламиа аԥсшәахь еиҭаганы иҭижьхьеит, 125 шықәса раԥхьа иҭыҵыз Косҭа Хеҭагуров ихьӡ-иԥша ҳаразкыз иеизга «Ауаԥс фандыр». Уи ахә ҳаракны иршьеит Уаԥстәыла аиҳабыреи ауаажәларреи, ҳажәларқәа риешьара шьақәзырӷәӷәо ашьаҿа хадақәа ируакны. Убри аҟнытә, Геннади Шьаликәа-иԥа уахь днаԥхьаны Н.Џьусоиҭы ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианаршьеит.
Ишдыру еиԥш, Косҭа Хеҭагуров ажәа сахьарк ҟазарыла амаҵ аура анаҩсангьы, раԥхьатәи ауаԥс сахьаҭыхҩ дуун. Уи иҳараку баҩхатәрала иқыцә иҵыҵит, ижәлар рыԥсҭазаареи иԥсадгьыл зыхәҭаку Кавказ аԥсабара аԥшӡарақәеи ахьаарԥшу, агәыблреи аԥсҭазаара абзиабареи рыла иҭәу, алашьцара иҭаҵәаху ауаҩытәыҩса игәы-иԥсы иахышәу аблақәа хызкуа ашәыгақәа рыла иаԥҵоу аҿыханҵатә аԥҵамҭа ссирқәа маҷымкәа.
Косҭа Хетагуров ихаҭареи ирҿиареи, XIX-XX ашәышықәсақәа реилысымҭазы, аамҭа аӡыблара иазымхәаҽыз Кавказтәи ашьхаруа жәларқәа ргәыжәла аӷәӷәара ма-цара акәӡам иаанарԥшуа, уи ҿырԥштәы бзиаӡоуп анаҩстәи абиԥарақәа рзгьы Кавказтәи ажәларқәа рдоуҳаи рԥеиԥши бзанҵы ҿыцәаара шрықәым арҵабыргразы.
Уаԥстәыла аҵеи лаша ицәырҵра, ижәлар рҭоурыхтә лахьынҵаҿы, игәраргагаз аԥеиԥш иазхьазырԥшыз даҟьахеит. Уи иӡбахә ауаԥсаа реиԥш, Кавказтәи ажәларқәа ирхаҭарнаку дарбанызаалакгьы инаҭоит агәадура, изцәырнагоит апатриоттә цәанырра ҳаракы, ижәлар ԥхьаҟатәи рԥеиԥш лашазы агәрагара нагӡа. Уи ус шакәу арҵабыргуан Нхыҵи Аахыҵ Уаԥстәылеи реиԥш, урҭ рынҭыҵгьы – Черқьеск, Санкт-Петербург, Москва уҳәа арҭ амшқәа рзы имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа.
Аиубилеитә мшы ахәылбыҽха аҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы ахәаԥшцәа ирыдгалан Роман Габриа илитературатә-музыкатә қәыргыламҭа «Косҭа». Октиабр 22-23 рзы ари асценаҿы идырбахоит арежиссиор Тамерлан Дзудцов инапхгарала аиубилиар иҩымҭа ала иаԥҵоу аспектакль «Фатима». Убасгьы, ари аҩымҭа иалху амиузикл «Фатима» дырбахоит ареспублика анҭыҵ, Мариинтәи атеатр афилал аҟны октиабр 24 рзы.
Амиузикл «Фатима» ақәыргылара азырхиара мҩаԥысуан шықәсыки бжаки инеиҳаны. Уи азҿлымҳара ҳаракы азаадырԥшуеит атеатр аусзуҩцәа мацара ракәымкәа, адоуҳатә культура иазааԥсо зегьы, ауаажәларра рхаҭарнакцәагьы назлоу, ҳтәылаҿтәиқәа реиԥш уи анҭыҵгьы» - ҳәа азгәеиҭеит амиузикл апродиуссер Казбек Хабицов.
Зымҽхак акырӡа иҭбаау ари апроект иалахәуп 150-ҩык рҟнынӡа актиорцәа, акәашацәа, аӡахҩцәа, ақәыргылаҩцәа уҳәа еиуеиԥшым аҟазара хкқәа знапы рыла-ку ауаа. Хықәкыла иаразы мацара иаԥҵан 30 инарыцны ашәақәа, иӡахуп 100 рҟнынӡа акостиумқәа, иазырхиоуп тоннала адекорациақәа. Амиузикл «Фатима» иашьаҭоу аҩымҭа асценари ала, 1958 ш. рзы асовет ҳәынҭқарра акиностудиақәа руак иҭнаххьан асахьаркыратә фильм. Уаҟа ароль хада налыгӡон Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз артистка, ауаԥс ҭыԥҳа Ҭамара Кокова.
Октиабр 14 инаркны Аахыҵ-Уаԥстәыла амилаҭтә музеи аҟны иаатит ацәыргақәҵа. Уи аҭааҩцәа ирбарц рылшоит Косҭа Хеҭагуров иаԥҵамҭоу еицырдыруа аҭыхымҭақәа: «Анна Попова», «Спас нерукотворный», «Лик Христа». Араҟа, иара убасгьы ицәыргақәҵоуп, Уаԥстәыла анҭыҵгьы зыхьӡ наҩхьоу аҟаза Борис Санакоев иусумҭақәагьы, даҽакала иуҳәозар, Косҭа Хеҭагуров иҿыханҵатә усумҭақәа: «Падший ангел», «Дети на каменаломне», «Горянка идущая за водой» уҳәа рыхҩылаа-қәҭыхымҭақәа. Ацәыргақәҵа хадырҭәаауеит аҿыханҵаҩ ҟаза Мухарбек Туганови егьырҭ Уаԥстәылатәи асахьаҭыхҩцәеи, жәлар рҵеи ихаҭара ахьаарԥшу русумҭақәагьы маҷымкәа.
«Араҟа иугәалаумыршәар залшом аҵарауаҩ Васо Абаев иажәақәа: Англиаа дрыман Шекспир, Шотландиаа – Берн, Германиаа – Гиоте, Италиаа – Данте, Урыстәылаа ракәзар – Пушкин Ду, ҳарҭ Уаԥстәылаа ҳназлоу Кавказаа ҳизгәдууп – Косҭа. Уи дҳаракӡан, ихаҭареи ирҿиареи уааҟәымҵӡакәа урылацәажәалар алшоит» ҳәа агәеизҳаратә ажәақәа рыла иааиртит Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынқарратә университет аҟны октиабр 16 рзы, Косҭа Хеҭагуров диижьҭеи 165 ш. аҵра иазкны излагаз аиубилеитә ҭҵаарадырратә конференциа, ауаԥс литература акафедра арҵаҩы еиҳабы Сергеи Плита. Аконференциа еиднакылеит амилаҭ рыхьӡырҳәага ирҿиара аҳаҭырбаҩцәа, ареспублика арҿиаратәи аҭҵаарадырратәи интеллигенциа рхаҭарнакцәа жәпаҩны.
Атәыла Ахада иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Константин Џьиоев аусмҩаԥгатә алахәцәа Ахада ихьӡала ирыдныҳәало, ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа. Аҭҵаарадырратә усмҩаԥгатә аҟны, ауаԥс литературатә бызшәа ашьаҭаркҩы, апоет, асахьаҭыхҩы иԥсҭазаареи ирҿиара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла алахәцәа рзы даара акыр зҵазкуаз ахҭысқәеи аҭагылазаашьақәеи ирызкны адырра рызназгоз ажәахәқәа жәба ҟаҵан.
Цхьынвалтәи араион иаҵанакуа ақыҭа Хеҭагурово, октиабр 16 рзы имҩаԥысит ауаԥс рккаҩы ишықәсхыҵра ахьӡала, атәыла егьырҭ араионқәа рхаҭарнакцәагьы злахәыз аҽырҩра. Уаҟа аԥхьахәтә ҭыԥқәа аанызкылаз зегьы ахраҿақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи, зыхә ҳараку аҳамҭақәеи ранашьан араион анапхгара рыхьӡала.
Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыламҭалаз аконцерттә зал «Чермен» аҟны имҩаԥысит, ажурнал «Фидуаг» уаанӡа ирыланаҳәахьаз, атәыла Ахада Алан Гаглоев идҵала апремиақәа ззыԥҵәаз, К.Хеҭагуров ихьӡынҩылоу асахьаркыратә рҿиамҭа аԥҵаразы алитературатә конкурс аҟны иалкаахаз ранашьара иазкыз аусмҩаԥгатә.
Нхыҵи Аахыҵи Уаԥстәыла ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи рыла ишьақәгылаз аӡбаҩцәа ргәыԥ аихшьаалақәа рыла, апремиа актәи аҩаӡара ранашьахеит: Георги Гогичаеви Едуард Баззаеви; аҩбатәи, ахԥатәи, аԥшьбатәи аҩаӡарақәа иаԥсахеит – Жанна Козанова, Заур Хубаев, Анна Тибак, Сослан Моргоев, Лиудмила Хачирова, Луиза Догузова.
Октиабр 18 рзы Знауртәи араионтә центр аҟны иаадыртит, ари араион аҟны ииз, изызҳаз Леонид Гаглоев ихатә харџь ала иқәыргылахаз Косҭа Хеҭагуров ибаҟа.
Араион иаҵанакуа Зиууат ақыҭантәи абиблиотекаҿы, ахәыҷтәы рҿиара Цхьынвалтәи Ахан аҟны уҳәа, атәыла ахы-аҵыхәа акырџьара имҩаԥысуеит ауаԥс литература ашьаҭаркҩы ииубилеитә шықәсхыҵра ахьӡала аиԥыларақәеи, ҩаӡаралеи ҵакылеи еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәеи.
«Адунеи зегьы – сара исбаашуп, абзиабара – сара исныхаԥшьоуп, адгьыл – сџьынџьоуп…» – Апоет Ду ицәаҳәақәа рыла иаартын уи иқыҭа гәакьа Нарҭтәи абжьаратә школ ахыбраҟны, ииубилеи ахьӡала имҩаԥысхьоу еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рҟны зҽалызкаахьоу аҵаҩцәа злахәыз, аҵара аминистрра анапхгарала еиҿкааз арҿиаратә хәылԥазы.
Ахәылԥаз алахәцәа ирыдгалан асахьаҭыхҩцәа қәыԥшцәа рцәыргақәҵа еиԥш, урҭ ргәацԥыҳәаны, ҟазара ҳаракыла инарыгӡоз рҵеи лаша иажәеинраалақәеи, ухызхуа бжьы хаала ауаԥс, аурыс англыз бызшәақәа рыла ашәақәеи, еиуеиԥшым амилаҭтә кәашарақәеи, ирҿиара ацыԥҵәахақәа рыла асценатә қәыргыламҭақәеи. Анаҩс, хәыҷи-дуи зегьы зҿлымҳара ҳаракыла ирыхәаԥшит Косҭа Хеҭагуров Иҩны-амузеи аҟны идырбаз зегьы.
Ари аусмҩаԥгатә даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит ауаԥс милаҭтә доуҳа ауасхыршьҭаҵаҩ ихьӡи иус ԥшьеи ахааназ еицакра шрықәым.
Косҭа Хеҭагуров диижьҭеи 165 ш. аҵра иазкны имҩаԥгоу ауснагӡатәқәа ирхадаран уҳәар алшоит октиаб 18 рзы, Цхьынвал аҳәынҭқарратә концерттә зал аҟны имҩаԥысыз, хәышықәса рахьтә зны иранашьахо, ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа зҽаԥсазтәыз рнапаҿы рыҭара иазкыз агәырӷьаратә еилатәара. Уи ранаршьоит амилаҭтә доуҳатә культура хә-хырхарҭак: «аҭоурыхтә ҭҵаарадырра», «ауаԥс литература», «ауаԥс филологиа», «апублицистика», «аҟазара» рҟны зылшамҭақәа рыла аихьӡара ҳаракқәа аазырԥшыз. Сынтәа урҭ иреиуахеит: аҵарауаа – Лиудвиг Чибирови Инал Тибилови, апоет – Серго Плиев, асахьаҭыхҩы – Ирбег Алборты, аскульптор – Георги Шавлохов. «Апублицистика» азы иреиҳаӡоу ари аҳамҭа иаԥсахеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭуниверситет ателехәаԥшреи, сынтәа 100 ш. ахыҵра азгәазҭо амилаҭтә газеҭ «Хәырзарин» (аредактор хада Ирина Домбегова) аредакциеи. Гәык-ԥсыкала ирыдаҳныҳәалоит ҳколлегацәа рџьабаа ахәшьара ҳаракы ахьаҭоу азы!
Косҭа Хеҭагуров, сынтәа ҳаргьы 150 ш. ахыҵра азгәаҳҭо Дырмит Ду иеиԥш ижәлар рзы мацара акәымкәа, адунеи егьырҭ ажәларқәа зегьы дырҵеиуп. Избанзар, урҭ аҩыџьегьы рыԥсҭазаарақәа ззыркыз, амилаҭтә доуҳа иауасхыру асахьаркыратә литература аԥҵарала идырҵабыргит, ажәлар рхеиқәырхаразы мали бџьари зегьы ишреиҳау ахатәы бызшәа – ан лбызшәа ахӡыӡаареи амаҵ ауреи. Урҭ ахааназгьы ашәышықәсақәа ишырҵеицәоу иаанхоит.
Ахра Анқәаб