Гагра ахақәиҭтәра – 32 шықәса

1992 шықәса октиабр 2 азы ақырҭуа агрессорцәа ирҿагыланы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы раԥхьатәи аиааира ган – ахы иақәиҭтәын Гагра ақалақь.

Октиабр 6 азы аԥсуа еибашьцәа кылсит Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаахь. Аԥсны зҭакыз амацәаз аҵыхәа ԥҵәан.

«Афырҭын» ҳәа ахьӡ ҷыда змаз Гагратәи ажәылара иалагеит октиабр 1, асааҭ 14.30 азы. Уи напхгара арҭон афронт акомандаҟаҵаҩ инапынҵақәа назыгӡоз Сергеи Дбари афронт аԥшыхәра аиҳабы Муҳамед Кьылбеи. Арӷьарахьтәи аганахьала ижәылон Оҭар Хьециа, Џьемал Чирикбаиа, Зурик Хәарҵкиа, Џьонџьик Тәанба, рыруаа. Амҩаду хадала ижәылон Гена Ҷанба напхгара зиҭоз Гагратәи абаталион.

Ажәылара активла иалахәын Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала аибашьцәа ргәыԥқәа. Урҭ ирылагыланы еибашьуан Бзыԥтәи Мгәыӡырхәатәи агәыԥ (акомандир В.Еныкь). Октиабр 2, асааҭ 2 азы ижәылоз агәыԥқәа иахьатәи КБРЦ ахыбраҟынӡа инаӡеит. Абраҟа урҭи егьырҭ агәыԥқәеи рҽеиԥыршьит. Акомандаҟаҵаҩцәа убри ахыбра ааигәара инрыжьит аӷа иҭархаразы иаҭаххашаз агәыԥқәа, егьырҭ аӷа ишьҭаланы ицон. Абраҟа рҽалыркааит аказакцәа ргәыԥ. Урҭ ҳәаҭҳаны иргаз ахыԥсаҟьагала ахыбра аҟнытә аӷа дықәырцеит.

Асааҭ 16 азы иахыкәшо амҩала иаауаз Нхыҵ-Кавказтәи агәыԥқәа XVII апартиа аизара ду ахьӡ зхыз асанаториахь икылсит. Иԥыххааса иқәҵан Қырҭтәыла аҳәынҭсовет амч хадақәа.

16.30 азы Гагра агәаны (асасааирҭа «Аԥсны», аҩнуҵҟатәи аусқәа рықалақьтә ҟәша ахыбра) аӷа иҿагылара хәаҽын. 17. 30 азы иара убас асанаториа «Украина» ааигәара аӷа иҿагыларагьы аҵыхәа ԥҵәан. Аха убри аамҭазы ақалақь иалахысуан аӷа иеибашьыгатә ҳаирпланқәа, анҳарҭа ҩнқәа аԥхасҭа ду рырҭеит.

Амҭаказы аӷа иԥхьацара аанкылара, ҳаибашьцәа ԥсеиҭакрак рыҭара анырыӡба, аӷа ихы инапаҿы иааигеит, иҽышьақәирӷәӷәеит зыргылара иаҿыз ацҳа ааигәара. Аӷа иҳаирпланқәа ақалақь ишалахысыц иалахысуан.

Октиабр 4 азы Аҟәа иҟаз амитинг аҟны Едуард Шеварднаӡе иҳәеит: «Гагра ыҟан, иагьаанхоит Қырҭтәыла мраҭашәаратәи агәашәқәа ракәны, ҳаргьы уи ҳархынҳәыроуп».

Октиабр 6 аҽны, ашьжьымҭан Қаԥшь игәыԥ Ҳашԥсы аӡиас ашҟа албаара иалагеит Цандрыԥшьтәи ацҳахь икылсырц азы. Ашьыжь асааҭ 5 рзы Шамил Басаиев игәыԥ  «Холоднаиа речкахь» икылсит. Аӷа ишьамхы иҽаиргон атанкқәа, абџьар, аџьаԥҳаны кажьны Гьечрыԥшь аганахь. Урҭ рыхәҭак абна рҽарҭеит, егьырҭ иаанхаз Ԥсоу аӡиас ала Урыстәылаҟа иҩит. 1992 шықәса Октиабр 6, асааҭ 6. 40 азы Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа иахашәыршәырит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ.

Ақырҭцәа рганахьала абџьар иаҵагылан ԥшьнызықьҩык инареиҳаны. Урҭ ирыцхраауан 40 цыра инареиҳаны акәалӡтехника, жәабала абзарбзанқәа, аминаршәгақәа, абвиациа.

Гагреи уи акәша-мыкәшеи рхы рақәиҭтәразы ажәыларақәа раан аԥсуаа иргеит 35 цыра аибашьыгатә техника, жәабала абзарбзанқәа, аминаршәгақәа, хыԥхьаӡара рацәала аџьаԥҳаны.

Аԥсны аганахьала Гагратәи ажәылара иалахәын бџьарла еибыҭаз 570-ҩык  егьырҭ ашәарыцага шәақьқәа ракәын иркыз. Аибашьыгатә техника иаҵанакуа атәы акәзар, аԥсуа еибашьцәа ирыман атанкқәа ҩба, иара убас аполктә минаршәгақәа ҩба.

Гагратәи ажәылара иалахәын аршьаҟауаа реибашьыгартә машьынақәа хԥа: «06» – акомандир Шамил Аӡынба, «07» – акамандир Рафаель Амԥар, «08» – акомандир Витали Еныкь. БМП авзвод деиҳабын Лиониа Аҩӡба.

Ҷыдала иҽаликааит БМП-07 ахысҩы Роберт Кәарҷиа, уи аибашьыгатә техника, аршьаҟауаа зықәтәаз автобус ҭеирхеит. Дҭахеит Гагратәи амилициа ахыбра ааигәара,  данҭаха ашьҭахь ианашьан Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ.

Гагратәи ажәылара иабзоураны Аԥсны ақырҭцәа рблокада иҭыҵит, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаахь икылсит. Зхыԥхьаӡара маҷу аԥсуа жәлар хыԥхьаӡарала акырӡа иреиҳау Қырҭтәыла иаҿагыланы иҟарҵо ақәԥара лҵшәа аиуам ҳәа адунеи ауаажәлар ирымаз агәаанагарагьы аҵыхәа ԥҵәан. Аԥсны ажәлари анапхгареи ҵыхәаԥҵала аӷа ишииааиуазы ирымаз агәрагара иаҳагьы аҽарӷәӷәеит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me