Цәыббрамза 15 рзы имҩаԥысит Агәыҳалалратә фонд «Аԥсны» ахада Лаша Сақаниеи аиереи Виссариаон Аԥлиааи реиԥылара. Аиԥылара рхы аладырхәит иара убас амеценат Владимир Грызлови уи иԥшәмаԥҳәыс Наталиеи.
Лаша Сақаниа еиҭеиҳәеит афонд апланқәа рҿы ишырбоу араионқәа зегьы рҟны иҟоу аныхабаақәа, аиҳарак раԥхьа иргыланы акыр шықәса раахыс азхьаԥшра змауц, шьаҿа-шьаҿала реиҭашьақәыргылара.
«Ҳара ҳтәылаҿы ианакәызаалакгьы ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭон ақьырсиантә динхаҵара, уи иарҵабыргуеит атәыла араионқәа зегьы рҿы иаанханы иҟоу, акыр шықәса зхыҵуа аиашахаҵаратә уахәамақәа, урҭ реиҳарак анапы рҭахны иҟоуп. Ҳара, Урыстәылантәи ҳҩызцәа рыцхыраарала, еиҳа ацхыраара зҭаху аныхабаақәа реиқәырхара аус ҳадгылоит. Ҳалагоит Чхәарҭал ақыҭа ала. Избан акәзар, уаҟа инхо ауааԥсыра изныкымәа уатәи аныхабаа аиҭашьақәыргыларазы ацхыраара иаҳәахьеит», – иҳәеит Лаша Сақаниа.
Аиереи Виссарион (Аԥлиаа) ари аидеиа дақәшаҳаҭхеит, афонд ас еиԥш иҟоу хра злоу аус аҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи азеиӷьаишьеит. «Адунеи аҿы уажәы зегьы акыр иҭышәынтәалам, анцәахаҵара ауп ауаҩы ииашоу амҩа ылхны ԥхьаҟацараҿы ицхраауа. Шәыгәҭакқәа зегьы нагӡахааит», – иазгәеиҭеит Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама аиҳабы.