Ижәлар дрыԥхеит Феридун Аҟәсба

Ааигәа Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рҟнытә илахьеиқәҵагоу ажәабжь ааҩит – 78 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ҳџьынџьуаҩ Феридун Аҟәсба. Аԥсуа диаспорақәа рҟны еиԥш, Аԥсны уи дыздыруаз зегьы даара гәалсра дула ирыдыркылеит.


Ҳаамҭазы ҳџьынџьуаа инарылукаауаз иреиуаз Феридун Аҟәсба иааҧсарақәа шьардоуп Аҧсни Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспореи реимадараҿы.
Феридун Аҟәсба ҩынтә далырххьан Ҭырқәтәыла еиҿкаау аҧсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа ахантәаҩыс. Напхгара ззиуаз Афедерациа аԥҵаҩцәа дреиуан. Зныкымкәа Аԥсны даҭаахьан, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рхьарԥшраҿы илшамҭақәа маҷым. Аус аиҿкаара даманшәалан, аҳәынҭқарратә знеишьа илан. Уи иахәҭоу аҵареи аԥышәеи иман, аҧсуаҵас зхы мҩаԥызгоз, ижәлар рԥеиԥш инахараны иазхәыцуаз дреиуан. Аԥсшәеи аҭырқәшәеи реиԥш, еиламырсӡакәа идыруан, дагьцәажәон англыз бызшәала. Аԥсуаҵас иааӡаз Феридун Аҟәсба аҿаҧыц бзиа иҿан, аҳәатәи аҳәашьеи дақәшәон. Сҭампыл еиуеиԥшым аҭоурыхтә рыцхәқәа разгәаҭараан, ишаԥу еиԥш, асасцәа нарыԥхьоит. Шамахамзар Аԥсны ахаҭарнакцәагьы аладырхәуеит, Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә еилакы аҟнытә лассы-лассы Аԥсуа Федерациа ашҟа инарыԥхьоит, убас – аныҳәақәа раангьы. Лассы-лассы реиқәшәарақәа рахь инарыԥхьо иреиуоуп Сҭампыл иҟоу Урыстәылатәи аконсули уи иҩызцәеи, насгьы – зны-зынла егьырҭ атәылақәа рхаҭарнакцәагьы. Лабҿаба избахьан Феридун итәашьа-игылашьа, ихымҩаԥгашьа, ицәажәара шаҟа аамсҭашәара ацыз. Уи мацарагьы акәымкәа, ишиҟазшьаз еиԥш, ззанааҭ иақәнагоу аҵара змоу адипломатцәа англыз бызшәала драцәажәон.
Феридун Аҟәсба идырреи ир­ҳахьаз аԥышәеи ихы иархәаны еснагь аҿыц дашьҭан, ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь амҩа аиҵыхра дашьҭан, илагала бзиагьы ыҟоуп. Ҭырқәтәыла еиԥш, Аԥсныгьы Феридун Аҟәсба ҳаҭыр иқәын, аимадарақәа рырҿиара иазааԥсоз иакәны дырдыруан, аҩызцәагьы рацәаҩны иман. Уи знык иадамзаргьы инаиҿцәажәаз, игәыблра ииркуан, убас иҟаз ацәаҩа ҟазшьа илан, зегьы дырзааигәан, досу изнеишьа дақәшәон. Иԥсҭазаараҿы зехьынџьара мҩанызас имаз иаԥсуара еснагь иара изы цхыраагӡан, амҩа иаша дықәнаҵон. Абарҭқәа рыла аԥсуа идунеи дазааигәан, дагьазгәдуун. Аҵыхәтәанынӡагьы уи Аԥсуа Федерациа абыргцәа рхеилак далан, иажәа иахаҵгылон, изызкызгьы ҳџьынџьуааи рҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадарақәа ракәын, хәарҭарагьы алан. Ааԥсара иқәымкәа бзиа иибоз ижәлар рымаҵ иуан.
Феридун Аҟәсба иааԥсара Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟнытә ахәшьара аман, илшамҭақәа рзы ианашьан аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-аҧша " аорден ахҧатәи аҩаӡара. Иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи рахь адышшыларақәа шьҭын: Аԥсны Ахада, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы, аԥсуа-абаза жәлар Адунеизегьтәи Рконгресс уҳәа рҟнытә. Аԥсны еиԥш, аҳәаанырцәтәи аԥсуа диаспорақәа рыҩнуҵҟа иналукааша ахаҭарнакцәа ируаӡәкыз Феридун Аҟәсба ҳтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых адаҟьақәа рҟны ишьҭа лашаӡа иаанижьит. Аҳаҭыр ду зҽаԥсазтәхьаз аҵеи лаша наунагӡа ижәлар ргәалашәараҿы даанхоит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me