Алеқсандр Анқәаби Дмитри Вольвачи реиԥылара

Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә рҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи аусуратә еиԥылара мҩаԥыргеит.

Уи иалахәын асоциал-економикатә усеицуразы Аԥсни Урыстәылеи Реиҳабырабжьаратә комиссиа алахәылацәа, Урыстәыла аекономикатә рҿиареи, аенергетикеи, атранспорти, агәабзиарахьчареи, аџьеи, аҵареи рминистррақәа, анагӡаратә мчра афедералтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа.

Аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ ҷыда Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова.

Аганқәа рылацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанпҵареи Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵареи реишьаршәаларала Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рзеиԥш социалтә, економикатә қәыԥшылара ашьақәыргылара Апрограмма анагӡара, Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара иазку Аинвестициатә программақәа 2024 шықәсазы рынагӡара, аекономика аусхкқәа аҳәынҭқарра аганахьала рыдгылара, Аԥсны иазымхо афымцамчы ала аиқәыршәара уҳәа азҵаарақәа.

Урыстәылатәи аделегациа Аԥсны иҟазаауеит ииун 15 азынӡа. Абри аамҭа иалагӡаны ирҭаауеит Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара иазку Аинвестициатә программақәа рыла идыргыло аобиектқәа. Иара убас иарбоуп В.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» аусура аларгара иазку аинвестициатә проект ианагӡашьоу ахылаԥшразы аусуратә гәыԥ аилатәара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me