Аҟәеи Гәдоуҭеи рыкәша-мыкәша

Севастопольтәи аҳәынҭқарратә Университет археологцәа жәларбжьаратәи аӡаҵаҟа-рхеологиатә експедициа аилазаараҿы имҩаԥгаз археологиатә ҭҵаарақәа ирылҵшәаны Аҟәатәи ашыцәаҟны ирбеит абжьарашәышықәсатәи аамҭа иаҵанакуа ажәытә ргыламҭа ахыжәжәарақәеи антикатә кыцлыхқәеи, ҳәа РИА Новости ахь адырра ҟанаҵеит аҵараиурҭа апресс-маҵзура.


Аппаратура ҷыда ахархәарала аӡхәыҵалаҩцәа адыԥхьаланы археологцәа рашәарамза-ԥхынҷәынмза, 2023 шықәса рзы, Гәдоуҭеи Аҟәеи рӡымҽхак иахьаҵанакуа 1 метрак инаркны 60 метра рҟынӡа аӡы аҵаулараҿы акультуратә ҭынха аобиект аҟазааразы аҭҵаарақәа мҩаԥыргеит. Археологцәа ргәаанагарала, еиҳа аинтерес зҵоу аԥшаамҭа Аҟәатәи ашыцәаҟны, Басла амшын иахьалало ирбеит. Араҟа иҟазар алшон ажәытәӡатәи ақалақь Диоскуриа, - адырра ҟаиҵеит аҭоурыхҭҵааратә наукақәа ркандидат, Ставропольтәи аҳәынҭқарратә университет акафедра адоцент, Урыстәыла анаукақәа Ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут Ҟрымтәи аҭҵаарақәа Рцентр анапхгаҩы Виктор Лебедински. Уи ишаҳзеиҭеиҳәаз ала, Баслаҭа аӡиас Аҟәатәи ашыцәа иахьалало 2,4 метра аҵаулараҟны иԥшаан ихыргьежьаау аргыламҭа ахыжәжәарақәа. Агәаанагара ыҟоуп аҭӡы иадҟаҵалаз абаашқәа ракәзар ҟалап ҳәа.
«Уаанӡа, 1970-1980 шш. рзы араҟа ирыԥшаахьан антикатә стела. Уи уажәы Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны иҟоуп. 2,4 метра рҟынӡа аҵаулараҿы ирыԥшааит ихыргьежьааны еиқәҵоу аргыламҭа ахыжәжәарақәа. Уи акьыр иалашьыху абӷанҷ ала иҟаҵоу ргыламҭан, иара иалоуп иара убас анышәаԥшьӡгьы», — еиҭеиҳәеит аҵарауаҩ.
Иара ишазгәеиҭаз ала, иарбоу аҭыԥ аҿы аӡы ирацәаны алыкьи аԥслымӡи алоуп. Убри аҟнытә, аҭҵааҩцәа анаҩс аплан ашьақәыргыларазы ирцәыуадаҩын ари аобиект аҭыхымҭақәа рыҟаҵара. Ари археологиатә баҟа инарҭбааны аҭҵаара иазку аусурақәа азԥхьагәаҭоуп 2024-2025 шықәсақәа рыҩныҵҟа.
Гәдоуҭа аӡымҽхакыраҿы ирԥыхьашәеит абжьарашәышықәсатәи аамҭа иаҵанакуа акыцлыхқәа рацәаны. Виктор Лебедински игәаанагарала, уи иӡааҟәрылаз аӷба иақәыз аидара ауп.
«Иаагозар, ҳара аҟәара аҟынтәи 4,5-5 км. ҳнаскьаны, 48-50 метр рҟынӡа аҵаулараҿы иҳаԥшааит антикатә маҭәар. Ҳгәы ишаанаго ала, уа иҟалар алшоит ииасны ицоз, мамзаргьы иӡааҟәрылаз аӷба иақәыз аидара. Убарҭқәа реилкааразы мҽхакы ҭбаала аҭҵааратә усурақәа мҩаԥаагеит», – иҳәеит Виктор Лебедински.
Уи иажәақәа рыла, агидролокаторқәа рхархәарала аҵарауаа ирԥыхьашәеит акрызҵазкуа аӡаҵатәи аобиектқәа 11, урҭ иааиуа ашықәсқәа рзы аӡәхәыҵалаҩцәа иҭырҵаауеит.
Ажәытәӡатәи аамҭақәеи абжьарашәышықәсатәи аамҭеи рзы Адгьылбжьарамшын иахьаҵанакуа мшынланыҟәара, аӷбаргылара, мшынла ахәаахәҭра аҭоурых аҭҵаара иазку апроект ду аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭҵаарақәа имҩаԥыргон Севастопольтәи аҳәынҭуниверситети, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститути, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеии рҵарауаа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me