Апринци Гагреи

Лаҵарамза 21, 1844 шықәсазы диит еицырдыруа аԥсуа меценат, агуманист, акурорттә қалақь Гагра ашьаҭаркҩы Алеқсандр Пиотр-иԥа Ольденбургски.Сынтәа диижьҭеи 180 ш. ҵит.


Алеқсандр Пиотр-иԥа Ольденбургски аимператор Павел I иԥа имаҭа иакәын, еицырдыруа анемец хылҵшьҭра еиуаз аурыс герцогтә ҭауадшьҭра датәын.
1835 шықәсазы апринц Ольденбургски иаб иаԥшьгарала дахысуеит Санкт-Петербург иаартыз Азиндырратә ҵараиурҭа аҟны ихарҭәаау акурс. Иаб иеиԥшҵәҟьа апринц ауаа рыцхыраареи, арккаратә ус амҩаԥгареи рахь агәазыҳәара иман. «Иара агәыҳалалратә цхыраара ҟаиҵон: хылаԥшра риҭон ахәыҷтәы хәшәтәырҭеи, Ацқьа Гьаргь Аиааирагаҩ ихьӡ зхыз агәшаҭаратә гәыԥқәеи, арыжәтә мап ацәызкыз ргәыԥи, иара убасгьы адгылара ииҭон аурыс ҵарауаҩ Иван Павлов – Урыстәыла афизиологиатә школ аԥҵаразы имҩаԥигоз аус аҟны», — иҩуеит ажурналист Анатоли Клиуев, «Апринц Ольденбургски – акурорт Гагра «аб» ҳәа хьӡыс измоу истатиа аҟны.
1856 шықәса инаркны 1890 шықәсанӡа Алеқсандр Пиотр-иԥа апоручик инаиркны аинрал-адиутант иҟынӡа арратә мҩа данысит. Ианашьан хыԥхьаӡара рацәала аорденқәа, иара убас аҳәаанырцәтәи аорденқәеи амедалқәеи 16.

1881 шықәса инаркны агәыҳалалратә усура далагоит. Иреиҳаӡоу ақәыршаҳаҭрала азиндырра Аимператортә ҵараиурҭа, апринц П. Г. Ольденбургски ихьӡ зху Ахәыҷы-еиба­цәа рааӡарҭа, агәыҳалалра-еиҳәшьцәа Иԥшьоу Реилазаара аԥҵаҩыс дҟалоит. Аҵарадырра, агәабзиарахьчара аусхкқәа рҿы агәыҳалалратә усура наигӡон. 1890 шықәсазы Ольденбургаа рҭаацәаратә ԥарала, апринц ихаҭа далахәны Санкт-Петербург иаартын аексперименттә медициназы Аимператортә Институт.
Апринц Ольденбургски игәалашәара ҷыдала ҳаҭыр рзақәуп аԥсуа жәлар.
Дышԥақәнагалеи апринц Аԥсныҟа, насгьы ҭоурыхла уи дышԥамадоу акурорт Гагра ашьақәгылара? Уи атәы инарҭбааны истатиаҿы далацәажәоит апрофессор, аҭоурыхҭҵааҩы Станислав Лакоба. XIX ашәышықәсазы Гагра аӡмахрақәа ахьырацәаз ҭыԥын, араҟа ашыӡ чымазара ыҟан. Аԥхынра – иааузымычҳауа ихәыҵашоуран.
Апринц Ольденбургски раԥхьа­ӡакәны Гагра даҭааит 1901 шықәсазы. «Ашьыжь уи, асааҭ 6 рзы, аӷба «Ледокол» Гагратәи абаа хыжәжәарақәа инрыдгылеит, — иҩуеит уи аамҭа иазааҭгыло аҵарауаҩ Станислав Лакоба, — Аҟәатәи аокруг аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, акаԥдан Зинченко аруаа ишырҟазшьоу еиԥш аԥсшәа иеиҳәеит». Иара убасгьы, Калдахәара ақыҭантә иааит гәыԥҩык аԥсуаа ҳәарада, чеиџьыкала апринц иԥылеит: ирхианы игылаз аишәа иқәын асыс ӡны, аԥсуа ҩы, ашә».

Уи аиԥылараан иҟалеит даараӡа аинтерес зҵаз хҭыск. Ладариа зыжәлаз аиҭагаҩ ила, аԥсуаа апринц иахь аҳәара ҟарҵеит, иара дзыхьчоз рабџьар аҟнытә шәақьқәак аамҭала ириҭарц, ашьхара ицаны абнаҳәа, мамзар абнакәты шьны изааргарц азы. Араҟа иҳәатәуп, усҟан иҟаҵаз адҵала 1898 шықәса инаркны Гәдоуҭа аҵакырадгьыл аҟны инхоз ауааԥсыра зегьы абџьар шрымхыз атәы.
«Апринц ажәлар рхаҭарнакцәа рахь ихы нарханы дааԥышәырччан, х-шәақьк аԥсуаа ирышәҭ ҳәа адҵа ҟаиҵеит», – иҩуеит Станислав Лакоба. Хара имгакәа ашәарыцаҩцәа хынҳәуеит абнаџьмақәа ҩба шьны. Апринц даараӡа игәаԥхеит ари аиқәшәара, акрифон, акрижәуан, «аԥсуаа ргәабзиаразы» аныҳәаҿа ашьҭыхрагьы ихашҭуамызт. Мышқәак рышьҭахь, апринц даҭаауеит Афон Ҿыц, анаҩс – Аҟәа.
1901 шықәса, абҵарамза инаркны акурорт аргылара нап аркын, ишьҭаҵаз аихамҩала адәыӷбақәа аргыларатә маҭәахәқәа ааргон. Апринц Ольденбургски иаан ауп Гагратәи ижәытәӡоу абааш Абааҭа анрыцқьаз, иагыз-иабзаз аныҟаҵаз. «Апринцесса Ольденбургскаиа лԥарала, аханатә иамаз аԥшра еиқәырханы ареставрациа азун Ацқьа Ипати иуахәама. Ауахәама ахыбра иахаргылан ахаҳәтә џьарқәа, аҭӡамцқәа, аныхачаԥақәа ҭихит еицырдыруа аурыс сахьаҭыхҩы Михаил Нестеров, ҷыдала уи азы Санкт-Петербургынтә Аԥсныҟа иаагаз», – иазгәеиҭоит Клиуев истатиаҟны.
Акурорт Гагра ргылан ҩышықәсеи мызқәаки рыла. Амшын азааигәара иаԥҵан асубтропикатә баҳча бзиа, уи аҩнуҵҟа иҟан аскульптурақәа, аӡҭачқәа, апальмақәа, аламала иуԥымло аҵлақәа. Ашьха анаараҿы иҟаҵан аӡыхәышәтәырҭа, амармалташь иалхыз англыз ваннақәа. Ақалақь аҿы иргылан аҩнқәа, адәқьанқәа, аресторанқәа, аӷбакыдгыларҭа, ателеграф-пошьҭатә маҵзура аус ауан.
Зегь реиҳа иԥшӡаз аргыларақәа ируакын аресторан «Гагрыԥшь».

Уамашәа иубаратәы иҟан, асасааирҭақәеи аресторанқәеи ахьӡқәа рыҭараан апринц аҭыԥантәи атопонимика ахьалихуаз, иара убасгьы лассы-лассы идикылон аԥсуа ҭауадцәеи аамысҭацәеи.
Акурорт аартра гәырӷьарала имҩаԥысит 1903 шықәса, ажьырныҳәа 9 рзы, аресторан «Гагрыԥшь» аҟны. «Асасцәеи адныҳәаларақәеи идкыло, Ольденбургски аҵәцақәа реинҟьабжьы зыҩныҩуаз аресторан аҟны раԥхьатәи аԥсшьаҩцәа иранеишьон араӡны медалқәа, аныҳәамш азы ҷыдала ичаԥаз», –иҩуеит Анатоли Клиуев.
Анаҩс, апринц Александр Пиотр-иԥа Ольденбургски иԥҳәыси иареи ԥсшьараҳәа лассы-лассы Гаграҟа иаалон, акыраамҭагьы араҟа ирхыргон. Аԥсны аҭоурых аҿы Алеқсандр Ольденбургски ихьӡ наунагӡа иаанхоит Аԥсни, Кавказтәи амшынҿықәи рҟны иреиӷьӡоу акурорттә қалақь аргылаҩ иаҳасабала.
1917 шықәсазы ареволиуциа анҵысы, апринц Ольденбургски Урыстәылатәи аимпериа аҟнытә дықәҵны, Финлиандиа далсны Германиаҟа дцоит. Аҵыхәтәантәи ишықәсқәа ихигеит афранцыз қалақь Биарриц аҟны. Иԥсҭазаара далҵит 1932 шықәсазы, 88 шықәса шихыҵуаз. Анышә дамадоуп дахьынхоз ақалақь аҟны.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me