Лаҵара 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥҳәызба гәымшәа

Сынтәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду еилгеижьҭеи 79 шықәса ҵит. Ашықәсқәа цацԥхьаӡа еиҳа-е­иҳа иаҳцәыӡуеит ҳветеранцәа.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалагеит 1941 шықәса рашәарамза 22 рзы. Аԥснынтәи иалахәын 55,5 нызқь-ҩык инарзынаԥшуа. Урҭ рахьынтә 17 нызқьи 430-ҩык рыҩныҟа изыхнымҳәӡеит. 22- ҩык Аԥсны иалҵыз аҵеицәа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп.
Иҟамлазар ҟалап аԥсуа ҭаацәарак зҵеицәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәымыз, ма уи ахыԥша зхьымсыз. Аибашьра иалагеит ҳәа заҳаз, аибашьра иалахәыз, иахьа зыдунеи зыԥсаххьоу, аибашьреи аџьеи рветеран, Арасаӡыхь ақыҭан ииз, иааӡаз Цацикәа Дарсалиа дшәаны аӡәы ишьҭахь игылоз лакәмызт. Аԥсадгьыл ахьчара дцоит.
Цацикәа Кәынта-иԥҳа Дарсалиа диит Очамчыра араион Арасаӡыхь ақыҭан.1940 шықәса рзы Мықәтәи абжьаратә школ даналга, лықәлацәа зегь реиԥш, ларгьы илҭахын бзиа илбоз азаанаҭ ала (аҳасабеилыргаҩ изаанаҭ) лҵара иацылҵарц. Аха лгәахәтәхьӡара еиԥҟьеит, 1941 шықәсазы Аџьынџьтәылатә еибашьра ҵысит. Афашисттә Германиа Асовет Еидгыла ианақәла Аԥсадгьыл ахьчаразы ицоз раԥхьатәиқәа дрылан Цацикәа Дарсалиа-ԥҳа.
Аԥсуа ԥҳәызба дахырыԥхьаӡалеит Баҭымтәи азениттә артиллериа архәҭа. Урҭ ирыхьчон Аҷареи Ҭырқәтәылеи рҳәаа – аӡиас Ҷорох (анкьаӡа Аԥсара ҳәа изышьҭаз) ихыз ацҳа. Ари ацҳа аӷа идиверсантцәа иҭаԥшыхәны ирыман. Уахык иагьақәыркит уи ацҳа ԥыржәарц. Ари ауха Цацикәа ацҳа лҷаԥшьон. Аӷацәа нышьла ишаауаз гәазҭаз аԥҳәызба цхыраарак дамыҳәаӡакәа урҭ рыԥхьацара лхахьы илгеит. Ус егьыҟалҵеит, егьлыллыршеит.
Абри ахҭыс аҿы иаалырԥшыз агәымшәаразы асержант ҳәа арратә чын лоуит, «Кавказ ахьчаразы» амедал ланаршьеит. Ари раԥхьатәи ҳамҭан. Уи ашьҭахьтәи леибашьратә мҩаҿы иаалырԥшуаз агәымшәара дыршаҳаҭуан жәабала лгәышԥы зҩычоз аорденқәеи амедалқәеи.
Аибашьра иааирала ианеилга ашьҭахь ԥсшьарак ҟамҵаӡакәа, Цацикәа Дарсалиа бзиа илбоз азанааҭ ала жәашықәсала лқыҭауаа рымаҵ луан. Уи леибашьратә гәымшәареи, лџьатә усуреи, луаҩытәыҩсатә цәаҩа-ҟазшьа бзиеи рыла наунагӡа дыздыруаз зегьы ргәаҵаҿы даанхоит.

Стелла Сақаниа

Аԥсра иазмырӡуа ахьӡ

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945 ш.ш.)

иалахәыз аибашьреи аџьеи рветеран Цацикәа Дарсалиа-ԥҳа илыхьӡынҩылоуп

Наӡаӡа инбыжьит ба быԥсадгьыл,
Изыхҭныбҵоз бхы-быԥсы.
Ҳара ҳахьыҟам ганк быҽнадкыл,
Бымҩа бықәлоит ҳныжь зегьы.

Са сбызхәыцуеит абра сахьгыло,
Схаҿы иааиуеит аамҭақәак.
Афашистцәа цхлымуа ианжәылоз,
Иԥырҵәарц ҳ-Аидгыла аҵыхәтәа.

Усҟан баҭахуп анырҳәа
Бқәыԥшра бамеигӡеит – еибашьран.
Бнарывагылеит афырхацәа-гәымшәа,
Амца ацрамзи, ашьа кашуан.

Аԥсны иааӡаз аԥсуа ԥҳәызба,
Хьаҵра ззымдыруаз аҭыԥҳа!
Ианаҭахызгьы быжәлар рзыҳәа,
Баҿын урҭ рымаҵ аура.

Быԥхыӡ иалан Ҷорохә аӡиас,
Иҭаимԥшыхәуаз уи аӷа.
Ацҳа дықәсны знык даниас
Аԥснгьы иаԥеиԥшызеи ҳаӷеиҭа.

Аус амуазеи ба б-«Зенитка»!
Амцаԥшь ижәызҵоз ҳаӷа,
Бгәы ҭрысшазма аԥсуа ԥҳәызба,
Бара ианбырҭа агәрагара.

…Аҭынч бзазарахь ҳажәлар аниас,
Усҟангьы ибнымԥшит ааԥсарак.
Аԥшалас бныздоз Мықә аӡиас,
Еснагь иарҿыхон бгәаԥхара.

Быԥсы рылан башҭа-бгәара,
Еиҵаҭәы иҟаз бҭаацәара.
Урҭ ба бзыҳәан ибаагәаран.
Бымшра аҿымзи азҳара.

Иаратәы ҟанаҵоит аамҭа,
Аамҭа – зегьы злаӡо, зегь зырхо.
Бҳамазарц ҳҭахын шьардаамҭа,
Аха иҟалеит ҳамч змырхо.

Уажә ҳаанбыжьуеит зегь наӡаӡа,
Бзиала ҳәа барҳәоит быуа-бдыр.
Нарцәы балхмыз, быԥсы ҭынчыз,
Ибзыразуп бтәыла Аԥсны.

Зина Аргәын-ԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me