Лаҵара 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Франкфурт зызқәаҭыԥхаз

Ҳҭаацәара ҳаҭыр дула иаҳзыҟоу, акыршықәса рҵаҩыс, иара убас Ҭхьынатәи абжьаратәи ашкол аҟны аҵара аҟәша аиҳабыс аус зухьоу, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәо ауаҩ ҟәыш Иура Бигәаа ааигәа аҭел дысзасит: «Бызбар сҭахын, аусура бҟалозар» – ҳәа.


Уи аамҭазы, саргьы аусурахь амҩа сықәын. Сусурҭаҿы саннеи, актәи аихагылаҿы исзыҧшны игылаз Иура Бигәаа, аҧсшәа шеибаҳҳәаз еиҧш, материал гәарҭаки ажәытә патреҭқәеи згәылаз ақьҭаҧ аартуа, исырбо, иагәылоу зызку Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа аветеран, зыҧсыбаҩ Одер иӡхгылоу анемец қалақь Франкфурт аҟны анышә иамардаз, иахьа Ҭхьынатәи абжьаратәи ашкол зыхьӡ аху Николаи Алықьса-иҧа Воуба шиакәу сеилыркаауа сышҟа аҿааирхеит. «Абра иҟоуп уи иҭоурых атәы зҳәо аматериалқәа, акы ишәыхәозар, Аиааира Ду Амш – маи 9 иазкны иҭшәыжьуа агазеҭ «Аҧсны» аномер аҟны ишәкьыҧхьыр бзиан, ус еиҧш алшара ыҟазар» – ҳәа нациҵеиит.
Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) ианалага, анемец фашист ирхәҭақәа иманы, Ҳаԥсадгьыл Ду данақәла, Асовет Еидгыла иаҵанакуаз ареспубликақәа зегьы, милаҭ еилых ҟамҵакәан, хацәнамырха аӷа иҿагылеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан зықьҩыла аԥсуаа рҵеицәагьы. Ҳәарада, аԥсуа жәлар рзы ахаҵара, агәымшәара реиԥш иҟоу аҟазшьақәа рыцәтәмым, уи ишалааӡоу еилкаауп, даҽакалагьы рхымҩаԥгашьа залшомызт. Ақәылара, аибашьра даара иазыҟаҵаз анемец фашист Гитлер ирхәҭақәа Асовет Еидгыла ралцаразы, Ҳаԥсадгьыл Ду ахьчараҿы, фырхаҵарыла, хамеигӡарыла зхы аазырԥшыз аԥсуа ҵеицәа маҷҩым. Урҭ дыруаӡәкуп Ҭхьынатәи арԥыс, иахьа уи абжьаратәи ашкол зыхьӡ аху Николаи Воуба.
Николаи Воуба Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа иалагаанӡа дынхон иқыҭа гәакьа Ҭхьына, иҭәы-иԥха иҟаз аԥсуа ҭаацәараҿы. Иара ахшара дреиҳабын. Ԥшьҩык иашьцәеи иареи иахьрызҳауаз, аурыс ӡӷаб хәыҷы Нина захьӡыз ааӡара дыргеит иани иаби. Ажәакала, хәҩык ахшара – ахацәарԥар дырзацлеит, бзиа еицырбоз, афбатәи ахшара – раҳәшьа Нина.

Николаи Воуба абжьаратә школ даналга ашьҭахь, аус иуан Аԥсны акомҿареидгыла акомитет аҟны, анаҩс–Аҟәа араион аҟны напхгара аиҭон аспорттә усура. Ахәыҷқәа рахь имаз абзиабара иабзоураны уи арҵаҩратә ԥсҭазаарахь диасуеит. Аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс араион аҵара аҟәша аҟнытә дрышьҭуеит иқыҭа гәакьахь, Ҭхьынаҟа.
1940 шықәсазы Николаи Воуба аррамаҵура дахысуеит арра-м­шынтә авиациаҿы, ахысҩы-радистс дыҟан. 2007 шықәса маи 8 рзы иҭыҵыз агазеҭ «Эхо Абхазии» (№18) аҟны, «Абхазец Вова» – захьӡу астатиаҿы иаагоуп хыԥхьаӡара рацәала, хаҭала Николаи Воуба инапала ииҩуаз асалам шәҟәқәа. Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа ианалага нахыс раԥхьатәи салам шәҟәуп – 1941 шықәса август 6 рзы ииҩыз. Иаҳәшьцәа иреиуаз, зымаӡақәа еилаз, еиҳа иазааигәаз, лассы-лассы асалам шәҟәқәа ааишьҭуан Полина Михаил-иԥҳа Бебиа лыхьӡала. Урҭ асалам шәҟәқәа рҿы Лили ҳәа ауп лыхьӡ шиҩуа.
Лили лысалам шәҟәы аҭакс Николаи иҩуеит, гәкаҳарак инымԥшуа, Аиааира агәра шиго, ишааигәахо азгәаҭо. «Сара иахьсыхәҭоу аҭыԥ аҿы сыҟоуп, солдаҭк иаҳасабала суалԥшьа анагӡара сыхәҭоуп сыԥсадгьыл аҿаԥхьа. Гәхьаас сшәымкын, аҩызцәа бзиақәа сымоуп, акомандаҟаҵаҩцәа ракәзар, зынӡа ихазынақәоуп», – иҩуеит уи. Асалам шәҟәы хыркәшо Нина захьӡу ҭыԥҳак, асалам сызлыҭ ҳәа лзиҩуеит иаҳәшьа Лили, иара убас, урҭ реибабара шыҟало азы агәыӷрагьы шимаз аныԥшуеит асалам шәҟәы…
Аррамаҵура дшахысуаз, Аибашьра Дуӡӡа ианалага, ҳәарада, Аԥсадгьыл Ду ахьчаразы ихы имшаҭеит аԥсуа жәлар рԥа Николаи Воуба.
Аҳаир аҟны аибашьрақәа, ажәыларақәа руак аан, Н.Воуба дызҭаз аҳаирплан еихсуеит аӷацәа, ааха ӷәӷәа арҭоит, иаргьы ӷәӷәала дыхәны аӷа димпыҵашәоит. Уи акраамҭа иҩызцәа аӡәырҩы реиԥш, Берлин ааигәара иҟаз лагерк аҟны дытҟ́әаны дрыман.
Атҟәара дшақәшәазгьы, Николаи Воуба Асовет архәҭақәа дызларыцхраашаз аусмҩаԥгатәқәа дрызхәыцуан, маӡалатәи агәыԥқәа рнапхгаҩцәа гәымшәақәа дыруаӡәкын.
«Николаи Воуба дпартизанын» – захьӡу астатиаҿы иаҳәоит, уи иҩыза Меԥариашвили игәалашәара. Николаи атҟ́әацәа рыҩнуҵҟа аларҵәаратә усура шынаигӡоз, афашизм иаҿагыланы ақәԥараҿы ааԥсарак зықәӡамыз еибашьыҩны дшыҟаз. Анемец ар рықәҿиарақәа шаамҭалатәыз деилиркаауан, аполитикатә бӷьыцқәа рылаирҵәон. Асовет Ар ацхыраара рыҭара ргәы азҭеиҵон.

Аԥсуа партизан дызлаз маӡалатәи агәыԥ афабрикақәеи азауадқәеи рҟны аҵшәааратә усурақәа нарыгӡон. Урҭ ҭоуба руит Асовет Ар Германиа ишнеилак, дара рахь ииасны аӷа иабашьразы. Амаӡа аҵәахра, ахықәкы анагӡара уҳәа рыдҵақәа рынагӡараҿы рхы ишамеигӡо рҳәеит. Ашьоуцәа рхықәкы хьыӡла-ԥшала инарыгӡон. Н.Воубагьы иԥсҭазаара аҵыхәтәанынӡа еилеимгеит иҭоуба.
Аиааира Ду ашьҭахь, Николаи Воуба ахәра ӷәӷәа шимаз иҭаацәа ирамҳәакәан, урҭ ргәы рмыхьырц ирцәиӡон.
1945 шықәса раԥхьатәи Аиааира ашьҭахьтәи, иҭаацәа ирзааишьҭыз асалам шәҟәы – «Снеимҭаз аҩы рацәаны иҭашәҭәа, ацыфа шәырхиа, еиҳарак аиаҵәара!» – ҳәа лафла ихиркәшоит.
Аха, анаҩс, есааира игәабзиара уашәшәырахо ианалага, аҵыхәтәантәи исалам шәҟәқәа руак аҿы иазгәеиҭоит ахәышәтәырҭаҿ дшышьҭоу, аҳақьымцәа иеиқәырхара рыҽшазыршәо. Акыр аамҭа иҭаацәа ргәыӷуа ишааигоз, 1945 шықәса август 5 рзы игәыӷра шҿыцәааз иҩуеит: «Сгәабзиара аиӷьхара ыҟам, агәыӷра сымам шьҭа шәареи сареи ҳаибабоит ҳәа. Даара сгәы сыхьуеит, аха… Шәԥа, шәашьа Николаи Воуба».
Ари асалам шәҟәы аниҩ, хәымш рышьҭахь, 1945 ш. август 10 рзы, 27 шықәса дшырҭагылаз аибашьраҿы иоуз ахәра ӷәӷәақәеи ихигаз агәаҟрақәеи ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит Ҭхьынатәи аибашьҩы гәымшәа, апартизан Николаи Воуба.
Зыԥсадгьыл гәакьаҿы знышәнап ҟамлаз, зҭаацәеи згәакьацәеи лабжышла ирзымкәабаз, урҭ рылабара ишазгәышьуаз анемец фашист итәылаҿы зыдунеи зыԥсахыз, Франкфурт зыхчнызахаз, аԥсуа жәлар рҵеи Николаи Воуба ихьӡ кашәара ақәым, уи дыруаӡәкуп хьыӡла-ԥшала зыхьӡ аҭоурых иазынхо, Аиааира Ду аазгаз ҳҵеицәа гәымшәақәа.
Николаи Воуба анышә дамадоуп Одер иӡыхгылоу Франкфурт ақалақь аҟны. Уи ихьӡ акамыршәразы Ҭхьына иргылоуп абаҟа, ихьӡ ахҵоуп ашкол.

Алиса Гәажә-ԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me