Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Амифи аритуали» - ашәҟәы аӡыргара

 

Абас ахьӡуп ааигәа Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт иҭнажьыз Цира Габниа лышәҟәы.

Август 9 азы абри аинститут ахыбраҿы имҩаҧысит ари ашәҟәы аӡыргара. Насыҧ духарын ари аҭыжьымҭа аӡыргара автор далахәызҭгьы, аха ус изыҟамлеит. Аиҧылара аартуа, аӡыргара иалахәыз зегьы минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит аҵарауаҩ, афольклорҭҵааҩ Цира Смаил-иҧҳа Габниа.

Ашәҟәы аҟны раҧхьаӡа акәны иҭҵааны, аетнофольклортә материалқәа рыла ишьақәырҕәҕәаны аҧхьаҩ идгалоуп аҧсуаа рыбзазараҿы акырӡа зҵазкуа аҵасқәеи, ақьабзқәеи, амилаҭ цәа рхазҵо адоуҳатә баҟақәеи.

Адоуҳатә культура ажәлар рыҧсҭазаара ҩныҵҟала изырҕәҕәо, жәларыкны иҟазҵо, ракзаара иацхраауа мчы дууп. Уи аҭыҧ амоуп рыҧсҭазаара аетапқәа зегьы рҿы. Аха еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны, урҭ аамҭақәа зегьы рҿы аихаҳашьа, аҿиашьа еиҧшӡамызт. Ус иага иҟазаргьы, зегь раасҭа аҿиарамҩа анҭшәахо аамҭазгьы, измырӡуа аҿар аҵагылоит. Урҭ ирыбзоураны аҧеиҧш аиуеит, еиҵагыло абиҧара ҿыц ирымардаша нхоит.

Аҵасқәеи ақьабзқәеи, убри азҵаара аганахьала урыхәаҧшуазар, зегь реиҳа имаҷны зҽызымҧсахуа доуҳатә малуп. Зыӡбахә ҳамоу аҕәҕәара ҟазҵо дара ныҟәызго, ауааи дареи реизыҟазаашьақәа роуп. Урҭ абаагәареиҧш еибахьчоит. Ара иҟоуп агәреибагара, аибааӡара, агәшәеибакра, аҳаҭыреиқәҵара.

Абри ашәҟәы иагәылоуп аенциклопедиа ҟазшьа змоу, аҧсуаа жәынгьы-ҿангьы рыҧсҭазаараҿ лашарбагаҵас имҩақәызҵоз, ирыхәоз аныҳәарақәеи рмифологиатә, ретнологиатә символқәеи ирызку анҵамҭақәа.

Ашәҟәы аӡыргара – аиҧылара, агәалашәаратә ҵакы аман. Арахь иааит аҵарауаҩ лыуацәа, лҭахцәа, акыр шықәса аус лыцызуаз лҩызцәа.

Аиҧылараҿ ргәалашәарақәа рыла иқәгылеит Аҧсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа, апрофессор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валентин Кәаҕәаниа, Аҧснытәи ауниверситет аҧсуа литература акафедра аиҳабы Диана Џьынџьалҧҳа, апрофессор Џьулетта Адлеиҧҳа, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор  Лили Ҳагба, аҵарауаа Сима Дбар, Валери Бигәаа, Ҭали Џьапуа, Ирина Кәакәасқьыр, Оҭар Ӡиӡариа, Аида Ладариа.

Алаҕырӡ, агәхьаагара шацызгьы урҭ рықәгыларақәа, лҩызцәа ргәалашәара лаша ҽазныкгьы ишьақәнарҕәҕәон Цира Габниа иалукаашаз хаҭараны дшыҟаз. Аҧсадгьыл апатриот иаша, аҩыза бзиа, аҧсуа ҟазшьа, аҵас, ақьабз хазынақәа ахьеимхәыц еиҧш еидызыҟәшәалоз ҩыза гәыразын.

Ҭали Џьапуа-ҧҳа лгәалашәараҿы дазааҭгылеит, адунеи азна иразыз Цира лҟазшьақәа. Уи лҩымҭақәа, ланҵамҭақәа зегьы ирхыҵхырҭоуп лыжәлар, раҧхьа инаргыланы лҭаацәа, лан, лаб рҳәамҭақәа.

Акырӡа илзааигәаз лҩыза Сима Дбарҧҳа лықәгылараҿ илҳәеит; Цира Габниа лыхьӡ зху ахәыҷтәы фонд аҧҵара ҳақны ишылыҧхьаӡо. Уи иадгылеит егьырҭ лҩызцәагьы.

Ашәҟәы аӡыргараҿы иазгәаҭан зыҭҵаарадырра аҩаӡара ҳаракыз Цира Габниа дзыҧсахуа дшыҟам, лара иҭылҵаауаз ахырхарҭаҿы.

Ари аҭыжьымҭа «Амифи аритуали» – хәы змаӡам лагала дууп афольклорҭҵааҩцәа, аетнологцәа, алитератураҭҵааҩцәа, аспирантцәа, астудентцәа зегьы рзы.

Аҧсуа жәлар ҩнуҵҟала рыҕәҕәара, иахьа уажәраанӡа жәларык раҳасабала рхы рыҧхьаӡо иҟалартә еиҧш еиқәырханы рааира зыбзоуроу рыҧсҭазаашьа аиҿкаашьа ауп, ҳәарада: аҭаацәарақәа рыбзазашьа, реибаркыра, реидгылара, реихаҵгылара, реибааӡара, рҭибагара, аҭаацәарақәа рыҩны, ргәара, урҭ реиқәырхаразы иҟарҵо, ацәгьа рҽеишьас иарҭо, абзиа ҳәа изыдгыло.

Аҧсҭазаараҿ ауаҩытәыҩса иҧыло азҵаара хадақәа, аҕьырак рҭак аҧхьаҩ иҧылоит аҭҵаарадырратә статиақәа рҟны. Ари актәи ашәҟәы ауп. Иҭыҵраны иҟоуп уи адагьы аҩбатәи атом. Ашьхыц еиҧш есыҽны зусура ҧкымыз аҵарауаҩ зҭыжьра дахьымӡаз лҩымҭақәа аус рыдырулоит лҩызцәа.

Исҭахуп сыстатиа хсыркәшарц зышьҭа ҭҕәыхаа аҭҵаарадырраҿ инзыжьыз Цира Смаил-иҧҳа Габниа лажәақәа рыла: «Иахьатәи аамҭа аасҭа уаҵәтәи еиҕьхароуп, анацәеи абацәеи раасҭа – рыхшара. Афатә-ажәтә ҧсымышьҭыгазар ауп. Адоуҳа – хеиқәырхагоуп! Асаркьеиҧш уи ианыҷҷалоит ҳхаҿра абзиарақәа, ацәгьа ҧшшәыдоуп!


Наира Сабекиа

  • Last modified on Aҧшьаша, 18 Нанҳәа 2022 15:03
    Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me