АХҬЫСҚӘА

Ҭырқәтәыла иаԥҵоуп «Аԥсны аҩызара агәыԥ»

Анкара имҩаԥысит «Аԥсны аҩызара агәыԥ» аԥҵаратә еизара. Аиԥылара еиҿыркааит Ҭырқәтәыла амилаҭтә еизара Ду адепутатцәа, аԥшьгаратә гәыԥ «Аԥсны аҭахкаара аҵыхәа ԥҵәатәуп» ҳәа аԥшьгаратә гәыԥ адгыларала.

Ноиабр 17 азы имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Ҭырқәтәыла аполитикатә ԥартиақәа жәба хаҭарнакра рзызуа 20-ҩык инареиҳаны адепутатцәа, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба,  каказтәи акультуратә центрқәа Рфедерациа анапхгаҩы Иашар Асланкаиа (Хагундока), акультуратә, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, иара убас Ҭырқәтәыла инхо аџьынџьуаа.

Аԥснытәи аделегациа иалан: Демур Гогиа, Инар Гыцба – Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа; Гәыли Кьычба – Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ; Вадим Ҳаразиа – арепатриациазы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы иабжьгаҩ; Инал Хәытаба – Аҳәынҭеилакы адиаспора рҟны аимадарақәа рзы аҟәша аиҳабы; Гугуца Џьыкырба – С.Дбар ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-Аԥша Гәдоуҭатәи амузеи аиҳабы; Октаи Ҷкотуа – ауаажәларратә усзуҩ, ашәҟәыҩҩы; Ҭемыр Рекәаа – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза ассоциациа Аҟәатәи аофиас анапхгаҩы.

Аизара аартуа, «Аԥсны аҩызара агәыԥ»  аиҿкаара аԥшьгаҩцәа ируаӡәку Аныт Папба дрылацәажәеит имҩаԥгоу аусуреи аринахыстәи апланқәеи. Аҭырқә политикатә партиақәа рхаҭарнакцәа аԥшьгамҭа иадгылеит, ирҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра апаспортқәеи егьырҭ аофициалтә документқәеи Қырҭтәыла аганахьала разхаҵара азҵаара аҭыԥ ақәҵара ацхраара ишазхиоу.

Алахәылацәа ҷыдала хшыҩзышьҭра азыруит ари аԥшьгамҭа агуманитартә ҟазшьа шамоу. Иазгәаҭан аԥсуа документқәа уаҩы ихы иахьизамырхәо атәылауаа аԥынгылақәа шырнаҭо аҵареи амедицинатә цхыраареи риуразы, хақәиҭрала аныҟәаразы, Амшын еиқәа нырцә-аарцә рыуацәа-рҭахцәа рҟны аҭаацәаратә еимадарақәа реиқәырхара.

Аԥсны аделегациа рыхьӡала иқәгылаз Инар Гыцба иаҵишьит ареспублика жәларбжьаратәи аҭахкаара аԥыхра акырӡа шаҵанакуа, иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла аԥсуа документқәа разхаҵара ишалнаршо атәылауаа ринтересқәа ирыхькьысуа хра злоу азҵаарақәа жәпакы рыӡбара.

Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Демур Гогиа агәра ганы дшыҟоу иҳәеит Ҭырқәтәыла адепутатцәеи аԥсуа-ачерқьес диаспорақәеи рҽазышәарақәа шацхраауа аԥшьгамҭа ԥхьаҟа агара, ажәларқәа рыҩбагь рыбжьара аимадарақәа рырӷәӷәара.

Аԥсны Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гули Кьычба иазгәалҭеит аусеицура акырӡа шаҵанакуа, агәра ганы дыҟоуп ишьҭыху ахықәкқәа ралыршара.

Ауаажәларратә усзуҩ Октаи Ҷкотуа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Ҭырқәтәылеи рҭоурыхтә, ркультуратә, риашьаратә еимадарақәа, «Аԥсны аҩызара агәыԥ» аԥҵара ҩганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы акырӡа зҵазкуа шьаҿоуп ҳәа дахцәажәеит.

Аԥҵаратә еизара иаанарԥшит аԥшьгамҭа инарҭбааны аполитикатә, ауаажәларратә дгылара шаиуз. Ҭырқәтәыла аполитикатә партиақәа жәбеи зхыԥхьаӡара рацәоу Кавказтәи адиаспорақәеи рхаҭарнакцәа ралахәра шаҳаҭра ауеит аҭырқә-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рырҿиара инпересс ишрымоу азы.

Аҩызара агәыԥ аиҿкаара иауалуп апарламентбжьаратә еицәажәаразы, Аԥсны аԥахкаара аԥыхра иазку апрактикатә ӡбамҭақәеи рзы ҭыԥны аҟалара. Аԥхьаҟатәи аусура ахырхарҭа хада акәны алахәылацәа иалыркааит хықәкылатәи алҵшәақәа ралыршара, раԥхьаӡа иргыланы аԥсуа паспортқәеи аофициалтә документқәеи разхаҵара азҵаара аганахьала.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image