Адлеиба Вениа Мирон-иԥҳа диит 1959 шықәсазы, Очамчыра араион Уаҭаԥ ақыҭан. 1976 шықәсазы қәҿиарала Џьгьардатәи абжьаратә школ далгоит. 1977 шықәсазы дҭалоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет апедагогикатә факультет латәарадатәи аҟәша, дагьалгеит қәҿиарала 1982 шықәсазы.
1978 шықәсазы 2-тәи акурс ахь даниас инаркны аусура далагеит Маркәылатәи 8-шықәсатәи ашкол аҿы (1983 шықәсазы ибжьаратә школхеит ), аиҳабыратә классқәа рҿы аԥсуа бызшәеи алитературеи длырҵон. 1991 шықәсазы Џьалтәи абжьаратә школ анаадырт, диаган алагарҭатә классқәа рахь рҵаҩыс. Аибашьра ашьҭахь, аҭаацәа иҟарҵаз аҳәарала шьапыла ф-километрак ахьыбжьаз Џьал ақыҭа дцаны даауан. Уалафахәыда аус луан, ҩышықәса рышьҭахь Маркәылаҟа диаган, ақыҭа ахадарахь маӡаныҟәгаҩыс. 20 шықәса аус луан, уи азанааҭ ала, иара убас лышкол гәакьаҿы еилалыгӡон ҩ-уск.
Аибашьра ианалага амш инаркны аибашьцәа рхәы ҟалҵон ааԥсарак ҟамҵаӡакәа. «Аԥхынтәи аԥсшьара мшқәа раан ачаи ҿысхуан. Аибашьра ианалага амш нанҳәа 14, 1992 шықәсазы шаанӡа ачаиҭра арыцқьара ҳшаҿыз, аҳаирплан агәгәаҳәа иаҳхыԥрааны ицеит, атехника хьанҭа абжьы ааҩуа иалагеит. Ҳсовнхара аиҳабы Иллорион Кәакәасқьыр деиханы машьаныла дааит, доусы шәыҩныҟақәа рахь шәеиха, аибашьра иалагеит ҳәа ажәабжь хьанҭа ҳалеиҳәеит.
Аха зегь реиҳа сгәалашәараҿы иаанхаз мшхеит нанҳәа 20. Ажәабжьқәак ҳаҳауазар ҳәа ҳаизалон ачаи фабрика иахьаҵанакуаз. Ашьыжь ҳҽанааилҳарга сгәылаԥҳәыси сареи ҳнеит уахь. Аҭыԥ ҳазааигәахахьан еиԥш, хаҵак даҳԥылан иҳаиҳәеит атанкқәа рыла ар ааираны иҟоуп ҳәа. Агәра ҳамгакәа аҩнеихагылақәа рахь ҳҿынаҳхеит. Уи акәхеит, адгьыл ырхыџхыџуа атанкқәа хәба, амашьына дуқәа КАМАЗ ҳәа изышьҭоу, еиқәаҵәа маҭәала еилаҳәаны, рыхқәа алентақәа акәыршаны, равтоматқәа харшаланы иаакылсит. Урҭ «мхедрионаа» ҳәа изышьҭаз ракәын.
Азныказы зегьы ҳшәаны ауадақәа рахь ҳаибарҩит, ачаи фабрикаҿы аус зуаз зегьы ҩ-ҩнеихагылак рҿы инхон. Аԥенџьыр ҳкылԥшны ҳрыхәаԥшуан, сара азныказы сшәеит, аха нас сшәара сыхҟьеит.
Ауадақәа ԥҽны, иҩналаны арҳәра иалагеит, аԥхьа адәқьан, акрыфарҭа иҩназ зегьы дәылыргеит, амашьынақәа ирықәрыжьуан афатә-ажәтә. Аусҳәарҭа иҩназ ахацәа 17-ҩык раҟара дәылыргеит, рџьыбақәа еимырдеит, амацәаз зымӷаз ирымӷырхуан, аԥара зџьыба иҭаз ицәыргон, сыԥшәма Борис Ашәуагьы урҭ дрылан. Рнапқәа ирҩаханы ацәаҳәа ишықәгылаз, амҩаду ианырҵеит ирышьклахысуа, аха аӡәгьы имаахеит. Дара арҳәра иаҿын, аҩналарҭақәа рҿы амардуан иаҿатәаны агәырқәа рыларҵон.
Аԥшқацәа змаз аҳәса руадақәа рахь ишәаны изыҩналомызт, рхәыҷқәа еибархьусуа иркын. Ԥҳәыск лхәыҷи лареи сыманы сдәылҵит сымшәаӡакәа. - Шәара ҳашәԥырхагаӡам, шәхәыҷы акриҿашәҵа, шәымшәан,-иҳәеит аӡәы амардуан дахьаҿатәаз.
-Шәзаазеи ҳәа санразҵаа, - Ҳара аихамҩа ахьчара ҳааит, - рҳәеит. Аихамҩа хьчатәызар, ҳара иҳахьчартә ҳаҟоуп, аибашьра шәгәы иҭазар, шәеибганы шәзыхынҳәӡом ҳәа расҳәеит.
Хәҩык ахацәа кны иргеит, аха Баслахә абжьаларҭаҿы идырхынҳәит ирыламкьысӡакәа. Ирбоз зегьы анеизырга, иқәҵны ицеит. Хәылбыҽхала иаауа, ҳаҩнқәа ирыҩналаны арҳәра ианалага, ианшәарҭаха, схәыҷқәа сыманы Уатаԥҟа сҭаацәа рахь сцеит, уаҟа иааныжьны схынҳәит.
Хәыҷы-хәыҷла аибашьцәа рышәарыцага шәақьқәа рыманы агәыԥқәа реиҿкаара ианалага, ҳаблала рыфатә еизаҳго ҳалагеит. Ҽнак рхәы аныҟаҳҵоз ашыла мгьалқәа ацха аҭаны ирзыҟасҵеит, иргәаԥхеит. Аблокада иҭакыз ача ҳазҭодаз, аџьықәреи ажәлар ирылганы, аӡы ӡлагара шьақәыргыланы, уахынла иадтәаланы ирлагон, ахрыӷгьы ашылагьы еилаҵаны иаҳкәаҳауан.
Сыԥшәмагьы аибашьра далахәын, аштаб ҳазааигәаны ҳанхон, ақьырмыт иалхны ауаџьаҟи аплитеи ҳаман. Саргьы сыхәҭак алазгалап аибашьраҿы ҳәа гәҭакыс иҟаҵаны, амгьалқәа сӡлоит ҳәа ақәскит. Ҳқыҭаҿы ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа ирылшоз ҟарҵон, изӡуаз амгьалқәа агәаргәалеи ианҵаны, иргон 70-цыра мышкала ианызӡуаз ыҟан. Аџьабаа лбеит, амгьал аӡра дсыцхраауан сгәыла, санхәа лашьа иԥҳәыс (лыԥшәма дҭахеит ) Кәарҷиа-Шьониа Светлана. Уи дансыцхраауаз ҳгәы еибарӷәӷәон.
Ауадаҩрақәа маҷмызт, х-ганк – Очамчыра, Баслахә, Араду рыла иааҳакәыршаны ихысуан, атанк ахқәа ҳаҩны иахҟьаны, икаҳауан, акы заҵәык - ганк акәын ныҟәарҭас иҳамаз, Џьал ақыҭа ҳалсны Тҟәарчалҟа ҳцон, уи амҩа акәын ахәцәеи, аԥсцәеи зланыҟәыргоз.
Атракторқәа рыла амҿы ааганы икарыжьуан, аӡынра иԥырҟоз амҿы аӡан. Сыԥшәма данахьӡоз ирҷҷон, аҩарҵә сзеиқәиршәон. Амца еиқәҵатәын, знык исзеиқәҵар исырцәаӡомызт, иҿасҳәон. Абак ду амца иақәыргыланы исыман, х-уедрак аӡы ҭасҭәон, ианыԥхалакь аҵәырса (аҵәыҵәы) заа иҟасҵахьаз аласҵон иарҵәырц. Адырган дуқәа ԥшьба сыман, ирынҭәалан иқәсыргылон, уигьы ахәша абаҟахыз, ашыла анысшьылон ианшлакь, аҵа акуан, ианыҵӡомызт. Зынӡаск ажәылара ӷәӷәақәа аныҟалоз иахьшәарҭамыз џьара иаҳгон еихсыӷьаанӡа, аплита змаз, мамзаргьы амҿы зҭарҵоз аӡыгақәа рҿы аҳәса, ахацәа ҳаицхырааны иаҳӡуан. Урҭ: Ҵулаиа-Убириа Ҭаликәа, Агрба-Хәырхәмал Сариа ракәын, аума аџьабаа рбеит, афатә ҟаҵаны, еихшаны идәықәырҵон ахырӷәӷәарҭақәа рахь.
Убри аҩыза аҭыгылазаашьа ҟалон, абомбақәа ҳаирпланла акажьра иалагон, танкла ихысуан, дықәҵааит ҳәа аштаб аҟынтәи ианҿырҭлакь, сызҿыз кажьны, сдәықәлон сҽысҵәахырц Убириа Митиа (Толик) рхәы ныҟәигон, Ҭарба Котики иареи, аҭабиа ҟаҵаны ирыман. Абыргцәеи аҳәсеи ақыҭаҿы инханы иҟаз убра еизон ҽыҵәахра.
Сара зегь рышьҭахь снеиуан, аҿышәҭ аҿы саатәон, атәарҭа ҳазхомызт, ҳазкуамызт азы ианеихсыӷьлак зегь раԥхьа сдәықәлон, имӡыкәа исзынхаз сымгьалқәа рахь. Убилаа Ваниа – «зегь рышьҭахь дааит, зегь раԥхьа дцоит Вениа»,- иҳәон.
Аибашьра-еибашьроуп, аха иҟан аинтерес зҵаз ахҭысқәагьы. Ааҵәақәа шылала ирҭәны иааганы иансырҭа, амаҵурҭаҿы аԥенџьыр азааигәара ахәра саҿын, агәашә ахь сыԥшуа.
Ақалақь аҟынтәи иааз еибашьҩык Амҷба Алик, сыԥшәма дааиган ҳара ҳҿы дыҟан, ҳаиуацәан. Агәашә дааҭалеит иабџьар иџьаԥҳаны дрыҵаланы. Аԥенџьыр адәахьала даагылан аԥсшәа сеиҳәеит, аԥсуа долларқәа сҭахуп ҳәагьы нациҵеит.
Деилагазар ҟалап сгәахәын:
-Исызҭода адолларқәа? - ҳәа снаиазҵааит.
-Ишԥабымам, ана асакь азна бымоуп, беигӡома?- иҳәеит.
-Унеины ига, заҟа уҭаху ҭыганы,- сҳәеит ҽырчча ҟаҵо.
-Изҭасыԥсо сҭахуп, сбатинкақәа ҵыбганы аӡахҩы иҟны Тҟәарчал ишьҭоуп, аԥсуа долларқәа сзааугар иузысӡахуеит ҳәа сеиҳәеит, - иҳәеит.
Нас ианеилыскаа сызхара сыччеит. Ашықәсан аҟәыд рацәаны исыман, измамыз ирысҭон, амла иакуаз рзы долларын. Пакетк ԥшааны исҭан, аӡахҩы ихәы изигеит.
Даҽакгьы: Ахаа ҳаилаҳаны ҳаҟан, амандарина рацәаны иҳаман аҟнытә, аӡы алхны ихааӡа, ашыла гәӡа аҭаны, хыхь ак нахьшьны иҭаҳаргылан, сгәыла ԥҳәыси сареи иаҳӡит. Амгьалқәа згоз Какалиа Котик данааи аӡра иаҿызгьы ааҭызган, иҭаны дсышьҭит. Сгәыла уи аамҭазы акәытқәа рҭакра дыҟан, дааҩналеит.
-Изеиԥшрахазеи иаҳӡыз ҳторт,-ҳәа даанаԥшы-аанаԥшит, иабаҟаз усҟан Котик иҭаны дсышьҭхьан.
Аусқәа рацәан, исцәыуадаҩын, аха егьа уадаҩра сақәшәаргьы, агәра згон аиааира шаҳгоз. Акызаҵәык, сгәаанагара сеижьеит ҳәа сазхәыцуеит иахьа... Уи, аибашьраҿы иагьа ҳгәаҟыргьы, еилгар зегьы пату еиқәаҳҵо ҳҟалоит аԥсуаа мацара ҳанеизынха ҳәа акәын. Мап… Иҳаланхоз амилаҭ ракәзаарын ҳазҵәахуаз, ҳхи-ҳаԥси ҳәа ҳҟалеит, зхы цәырызгаз ахьӡ игеит, иавагылаз ус ҳаанхеит.
Аҟәа анырга нахыс ҳқыҭа Маркәыла иалахысуа иалагеит ӷәӷәала. Сентиабр 29 ауха зынӡаск ҿааихак ҟарымҵеит, аҭабиа ҳашҭатәаз иаҳхаҳгеит, ахқәа акырцхеиԥш акәын ишаауаз, Маркәылатәи абжьаларҭа ианавсуаз зынӡа иаапкит, Уи ауха амгьал ахьызӡуаз аплита атрубагьы иаахеит, уи нахыс схы иасырхәо иҟамлаӡеит.
Хведелиӡе Анжела

