Ашәышықәсақәа иргәылаҵәаху ҳажәлар рҭоурых аиқәырхара гәцаракрала иазҿлымҳау, Ҭаркьыл Адами Арӡынба Давиди зԥызацәоу Дәрыԥшь ақыҭнтәи гәыԥҩык аҿар раԥшьгареи рҽазышәарақәеи ирыбзоураны, ааигәа ақыҭа Ахадара аҵакыраҟны иаартын, Кәасҭа Габниа ихьӡ зыхҵоу аҭоурых-етнографиатә музеи.
Еилкаауп ауаҩы идгьылтә ԥсҭазаара ахықәки, аҵаки, ԥхьаҟатәи алахьынҵеи, зқьышықәсала иаауа аԥсҭазааратә ԥышәа ҵаҵӷәыс иаҭаны, анаҩс уи инарҵауланы дазхәыцлартә, алкаа иаша аҟаҵара илшо иааӡараҟны амилаҭтә доуҳа аҵакы. Уи алагоит ахәыҷра ашықәсқәа инадыркны иибо-иаҳауа рҟнытә. «Бла иабо, хы иаԥсоуп» ҳәа шырҳәо еиԥш, ауаҩы дызлааӡахо аҭагылазаашьа изыннажьуа, дзызнархәыцуа рацәахоит. Насгьы, дызхаҭарнаку ажәлар рҭоурыхтә мазара адлаԥса идунеитә бзазара шҵакыдахо, аԥхьаҟагьы ԥеиԥшхә бзиак аиура шзалымшо ихдырраҿы ишьақәгылоит. Убри аҟнытә, еиҵагыло абиԥара амилаҭтә хдырра арҿыхаразы рҵакы дуӡӡоуп, ажәлар ржәытәи-рҿатәи лабҿаба ирбарц, ашәымҭак иадамзаргьы инахьысны ирнырырц ахьалшо амузеиқәа.
Ари аилкаара дацәыхарамызт, иаҳхысыз ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәа рхыркәшамҭазы, зқыҭа гәакьаҿы, аџьабаа рацәа адбаланы амузеи аазыртыз, иахьа еиҭашьақәыргыланы зыхьӡ ахырҵаз, аԥсадгьыл ахьчаразы зхы иамеигӡаз Кәасҭа Габниагьы.
Ԥшьынҩажәи хәба шықәса раԥхьа Калдахәара ақыҭан ииз, аха аамҭақәак рнаҩс, зҭаацәа Дәрыԥшьҟа анхара ииасыз Кәасҭа Семион-иԥа, абжьаратә ҵара хыркәшаны, ԥсабаралатәи ибаҩхатәра аизырҳаразы, 60-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы идырра иациҵеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы, амҿы аус адулара азанааҭ ала. Уи анхиркәша нахыс, аибашьра иалагаанӡа аӷьараҳәа иқыҭауаа дрылагыланы дхандеиуан. Амҿы ҟазарала аус шадиулоз еиԥш, қыцәлагьы дҭыхуан убла аршанхартә. Дазҿлымҳан Дәрыԥшь аҭоурых, еиуеиԥшым ашықәсқәа раан дрылахәын иқыҭа гәакьаҟны еиԥш, Аԥсны егьырҭ аҭыԥқәа рҟынгьы ҳҵарауаа имҩаԥыргоз археологиатә ҭҵаарақәа. Даара дизааигәан Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа, еснагь дрылахәын уи иусурақәа, еиҳаракгьы, 80-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызбжа инаркны Хәаԥ –«Хәаԥкылҵәаҿтәи» (Мачагәа иҳаԥы) иԥшаарақәа.
Даныстудентзтәи аамҭақәа инадыркны лассы-лассы апериодикатә кьыԥхь – «Аԥсны ҟаԥшь», «Советская Абхазия», «Бзыԥ» рдаҟьақәа рҟны, аԥсышәалеиԥш урыс бызшәалагьы дықәгылон археологиатә ԥшаарақәеи аетнографиатә експедициақәеи раан иԥшаамҭақәа ирызкыз, ихатәы фотоҭыхымҭақәа зцыз астатиақәа рыла. Урҭ иреиуоуп иаҳҳәозар: «Агәхара иааԥшқәаз археологиатә ԥшаахқәак», еицырдыруа асахьаҭыхҩы Диего Родригес де Сильва Веласкес иҟазара ҳаракы иазку «Испаниа ахьӡырҳәага», «Знакомтесь: абхазский орнамент», «Волшебное искуство» уҳәа иҵ. Жәлар рҳәамҭақәа рышьаҭала иаԥҵоу иажәабжь кьаҿқәа раԥхьатәи реизга «Шәмыччан» ҭыҵит 1990 ш. рзы. Архиара даҿын аҩбатәи ишәҟәгьы, аха аибашьра инамҭеит анагӡаха.
Ахара ихәыцуаз, ажәлар рдоуҳа амахәҭақәа акыр рҟны збаҩхатәра ԥызшәоз Кәасҭа Габниа, 1990 ш. рзы иқыҭаҿы иааиртит, акыр шықәса раахыс еидикылоз еиуеиԥшым амаҭәарқәа иахьреизакырҭахаз аҭоурыхтә музеи. Уа иҟан анышәаԥшь, амҿы, ахаҳә рыла иҟаҵаз анаплыхқәа, археологиатә ԥшаамҭақәа, ажәытә абџьар хкқәа, напылатәи алуқәа, алабашьақәа, абҩатә ԥҳалқәеи аирыӡқәеи, ҟазара ҳаракыла инагӡаз, аԥсуа орнамент иахаҿраз акыдыршәылақәеи, инапыласыроу ауарҳалқәеи уҳәа 200 инарыцны аекспонатқәа.
Аԥсны аибашьра ианалага ажәамш рыҽны, иқыҭаҿтәи ахыхьчаратә штаб ақәшаҳаҭрала, арратә корреспондентк иаҳасабала, 53 ш. ирҭагылаз Кәасҭа, Гәымсҭатәи аиҿагылара ацәаҳәахьы амҩа дықәлеит.
«…Амашьынахь снеит. Снақәтәоит ҳәа сшаҿыз «аштаб аҿы иуԥхьоит» ҳәа аӡәы ибжьы иргеит. «Исарҳәарызеишь» сгәахәын, уахь сҿынасхеит.
– Иахьала џьаргьы узцом, уаҵәы уцоит, – иҳәеит аштаб аиҳабы Беслан Арӡынба.
– Избан? – ҳәа сҵааит, исзеилкаауам акгьы.
– Амузеи аҿы уаҭахк ада зегь ҭарцәтәуп, ахәцәа рзы акаруаҭқәа ҩнаргылатәуп, – иҳәеит иара.
Уи акәхеит, мап сзымҳәеит, саагылт.
Амашьынаныҟәцаҩ Радион Гыцба дсырҭан, ҳаицхырааны амузеи ф-уаҭахк ҭаҳарцәит, иҩназ амаҭәарқәа иахьԥхасҭамхашаз ҭыԥк аҿы инхаҳашьит. Хәылбыҽханӡа ҳаҿын. Амузеи ацаԥхақәа наганы аштабаҿы ирысҭеит, избанзар уаҵәы амҩа сықәлоит Гәымсҭаҟа» – ҳәа ҳаԥхьоит, август 24, 1992 ш. рзы имшынҵаҿы.
Дцеит Кәасҭа Габниа аибашьрахь. Уи, Дәрыԥшьаа рҵеицәа еидызкылоз архәҭа акомиссарс дыҟан. Ирацәоуп илшаз арратә журналистк, ҳажәлар рҭоурыханҵаҩык иаҳасабала.
«Кәасҭа еснагь иабџьар иацын иқьаадқәеи иҩыгеи. Маҷк аԥсеивгара шааҟалалак иҟаз анҵара дналагон. Даныҩуаз, ицәажәозгьы ихысуазгьы рыбжьы иаҳаӡомызт. Дацәшәон аӡә иҟаиҵаз бжьаирхар, ицәаанхар ҳәа. «Уаныҟам ужәлар узларгәалашәо ак аанужьроуп… иҳәалон лассы-лассы», – ҳәа игәалаиршәоит, афырхаҵаратә мҩа ицанысыз Муса Ҭаниа.
«… Уажәы маҷк иааҭынчрахеит, минуҭқәак. Сышьҭахь игылоу авышка сахәаԥшуа стәоуп – шаҟа хәыцра, шаҟа гәҭыха узцәырҵуазеи ари аминуҭ азы…» – арҭ Кәасҭа Габниа аҵыхәтәантәи ицәаҳәақәа ракәын. Имшынҵа игәыдырӷәӷәала ишикыз иԥсы ихыҵит, аҳҭнықалақь ахақәиҭра ҩымш шагыз сентиабр 25, 1993 шықәсазы Аҟәатәи ашьхаҿы.
Иԥсҭазаара зегь ззикыз Дәрыԥшьтәи амузеи аекспонатқәа, иҩны ауадақәа руак аҟны ишьҭеиҵаз, данҭаха идәылыргар акәхеит… Еиҭаганы иахьышьҭарҵаз…, изыхҟьазаалак иԥхасҭахаз рацәахеит… Ашьҭахь еиқәханы иҟаз, С.П.Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи ашҟа ииаган, иагьеиҿкаан уаҟа иара изку акәакьҭа ҷыда. Убасгьы, амузеи аусзуҩцәа рыбзоурала 2018 ш. рзы иҭыжьын, еснагь дзызҿлымҳаз, ианиҵоз ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәеи, иажәабжь кьаҿқәеи, иажәеинраалақәеи иҭҵааратә статиақәеи еидызкыло аизга «Уарида-рарира». Уи аԥхьа, 2016 ш. рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, Нарҭдырреи адәныҟатәи афольклорҭҵаареи Рцентр алшарала акьыԥхь абахьан, ишьа зыхьшу абӷьыцқәа иргәылҩаау, ҳажәлар рҭоурых адаҟьа еиқәаҵәақәа ирҵабыргхаҭоу аибашьраантәи имшынҵа.
Доуҳала иҵаулаз Кәасҭа Семион-иԥа ианҵамҭақәа руак аҟны ишазгәеиҭахьаз еиԥш, еиҵагыло аҿар «изықәгылоу адгьыл ирнаҭо амч, ԥхьаҟа ирыхаларц», зқьҩыла иҩызцәеи иареи рхы зқәырҵаз, зхы иақәиҭу ҳаԥсадгьыл аҟны зқьышықәсала иаԥшәымацәазарц, имҩақәҵагоу шьаҿоуп, иԥсҭазаара зызкыз аус аиҭашьақәыргылара иара ихьӡ ахҵаны. Уаҟа еидкылахоит иара иеиԥш, Дәрыԥшь иалҵыз аҵеицәа гәымшәақәа рыбзырӡы зҳәо аматериалқәа, ҳажәлар рыбзазашьа иаҿырԥшыгоу амаҭәарқәа, иара убас имҩаԥгалахоит ауаҩы ихаҭара, иҿырԥшыгоу цәаҩалатәи ашьақәгыларазы хра злоу аусмҩаԥгатәқәа.
Г. Ҭырқьба

