АХҬЫСҚӘА

Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Афырхаҵа Апполон Гәыргәлиа

Акыраамҭа ихьуаз ачымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит еицырдыруа аԥсуа хирург, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳақьым, Аԥсны Жәлар Реизара ахәбатәи ааԥхьара адепутат, 1995-1999 шықәсқәа рзы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр, Аԥсны Афырхаҵа Гәыргәлиа Апполон (Даур) Алмасхан-иԥа.

Гәыргәлиа Апполон (Даур) Алмасхан-иԥа диит 1951 шықәса сентиабр 2 азы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан.

1974 ш. азы далгеит Лвовтәи аҳәынҭқарратә медицинатә институт ахәышәтәратә факультет. 1995 ш. азы ақ.Сумы (Украинатәи ССР) аҟны ахирургиазы аинтернатура далгеит.

1975 ш. инаркны 1978 ш. азынӡа хирургс аус иуан Суматәи аобласт ақ. Тростианец араионтә хәышәырҭа хада аҟны.

1978 ш. азы Аԥсныҟа дхынҳәит, Очамчыратәи араионтә хәы­шә­тәырҭа хадаҿы аусура иациҵеит.

1981 ш. азы далгеит азеиԥштәи, хырԥашьа змам ахирургиа Харковтәи рыҭҵаарадырратә институт аҟны.

1981-1985, 1988-1992 шы­қәсқәа рзы Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа хада аҟны хирургс аус иуан, 1985-1987 шықәсқәа рзы акә­зар, ахәышәтәырҭа аҳақьым хада иҭыԥ ааникылон.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны Апполон Алмасхан-иԥа ахәцәа ацхыраара риҭон, нас афронт иаԥныз ақыҭақәа Џьгьардеи Ҷлоуи рҟны ахәышәтәырҭақәа еиҿикааит. Аибашьра нҵәаанӡа Џьгьарда ақыҭан арратә хәышәтәырҭа еиҳабыс дыҟан. Аибашьра аан амедицинатә цхыраара риҭеит Мрагыларатәи афронт ахәцәа 600-ҩык инареиҳаны, иара убас аҭынч уааԥсыра.

А.Гәыргәлиа иааирԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы ианашьоуп «Аԥсны Афырхаҵа» (1994) ҳәа ахьӡ. Аибашьра анеилга ашьҭахь Очамчыратәи араионтә хәы­шәтәырҭа хада аҟны хирургс дыҟан.

1995-1999 шықәсқәа рзы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрс дыҟан, 1999-2000 шықәсқәа рзы – Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хадас, 2000 ш. азы – Аԥсны атәылахьчара Аминистрра Арратә госпиталь аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс, 2012-2017 шықәсқәа рзы – Аԥсны Жәлар Реизара ахәбатәи ааԥхьара адепутатс, 2017-2021 шықәсқәа рзы – Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хадас.

2025 шықәсазы А.Гәыргәлиа иҭижьит ҩ-томкны иҟоу «Аурыс-­алатин-аԥсуа жәар амедицинатә терминқәа» ирызкны. 2026 шықәсазы ихҵан «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу адоктор» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image