Ҳаҭыр зқәу Анзор Кәакә-иҧа!
Еицырдыруа ашәҟәыҩҩы, адраматург, апублицист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы, СССР-и, Аҧсни, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа ирылоу арҿиаҩы гәык-ҧсыкала 80 шықәса шәхыҵра аиубилеи шәыдаҳныҳәалоит.
Шәқәыҧшра ашықәсқәа инадыркны згәыблра шьҭышәкааз аҟазара занааҭс иалышәхит. Қарҭтәи аҳәынҭқарратә атеатртә институт аҟны шәҵара хыркәшаны Аҧсныҟа шәаныхынҳә, 1968 ш. инаркны С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны актиорс шәусура хацшәыркит. Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан қәҿиарала инашәыгӡаз арольқәа иреиуоуп: Кочкариов (Н.В. Гоголь – «Аҧҳәысҳәара»), Васили (В.С. Розов – «Ачара аҽны»), Дон Карлос (Ф. Шиллер – «Дон Карлос»), Амтон (Б.У. Шьынқәба – «Ахра ашәа»), Нарчоу (А.Кә. Мықәба – «Амра атыҩ ианаку»). Акинофильм «Хҭарҧа шкәакәа» (Б.У Шьынқәба иҩымҭа «Ахра ашәа» иалху) аҟны Нестор ироль шәыхәмарит.
1975 ш. инаркны Аҧсуа театр алитературатә хәҭа шәеиҳабын. 1983 – 1989 шш. раан аус жәуан ахәаҧшҩы қәыҧш иаурыс театр аиҳабыс, асахьаркыратә напхгаҩыс. 1989 – 1996 шш. рзы ауаажәларратә усура шәнапы алакын, аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа аҽрымадарақәа рзы Аҧснытәи агәыҧ «Аҧсадгьыл» ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩс шәыҟан, 1997 – 2004 шш. раан – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгаҩс, ашьҭахь – ҩышықәса ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хадас аус жәуит. Ишәырҳаз аҧышәа ҳасаб азуны 2005 ш. инаркны Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс шәахадыргылоит. 2011- 2016 шш. рзы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс аус жәуан.
Аҟазареи алитературеи қәҿиарала еилагӡауа акьыҧхь аҟны шәцәырҵит 1977ш. нахыс. Иаҧышәҵеит Аҧсуа театр аҟны иқәдыргылахьоу аҭоурыхтә драмақәа «Амра атыҩ ианаку», «Ашәқәа зегьы анаарту», «Қьалашьбеи», «Гәымсҭатәи абаллада», насгьы апиеса «Адгьыл агьама», алакә-пиеса «Уарда», шәнапы иҵышәхит аповестқәа: «Мгәыӡ Ҳасан», «Гәашьанеи», «Хьымкәараса», ароманқәа: «Мезиҭҟа ахалара», «Ачамҳа ду амҵан», иара убас иҭшәыжьхьеит аҭоурыхтәи апублицистикатәи статиақәеи аочеркқәеи реизгақәа. Шәырҿиара еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла ишеиларсу шьақәнарҕәҕәоит аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟны инхо аҧсуа диаспорақәа рҭоурых иазку аҭоурых-публицистикатә статиақәеи аочеркқәеи, амҩантәи азгәаҭақәа жәпаки еидызкыло «Амҩақәа, амҩақәа…», «Аҧсуа Аҧсны шиаҭәаршьаз» (Ахәыҷқәа ирызку алакәқәа), еиуеиҧшым егьырҭ шәкьыҧхьымҭақәа. Еиқәыршәаны иҭшәыжьит Џьамал Абыгба иажәеинраалақәа реизга «Сыҧсы зыҕроу Аҧсны».
Аиҭагара аус аҟны акәзар, шәылшамҭақәа ыҟоуп: аҧсшәахь еиҭажәгеит А.М. Горки, В.В. Розов, О. Иоселиани уҳәа рпиесақәа. Шәхаҭа шәҩымҭақәа еиҭагоуп: аурыс, аҭырқәа, абаза, адыга, ауаҧс, аҟабарда бызшәақәа рахь.
Хазы шәҟәқәаны иҭшәыжьхьоу: «Амра атыҩ ианаку», «Адгьыл агьама», «Уарда», «Мгәыӡ Ҳасан», «Гәашьанеи», «Ҳхы ҳзаиааир…», «Аҧсны аҳцәа», «Қьалышьбеи», «Иалкаау», «Ашаеҵәақәа», «Анатолиатәи ажәабжьқәа» аҧсуа сахьаркыратә литератураҿы, ҷылала амилаҭтә драматургиаҿы лагала бзианы ишьатәуп.
Аҧсуа литературеи аҟазареи рырҿиара аус аҟны шәааҧсара азгәаҭоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рыла, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист ҳәа ахьӡ шәыхҵоуп, «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара шәанашьоуп.
Мшаҽнеиҧш, алитературатә ҧсҭазаара шәалагылоуп. Есааира зырҿиара амҽхак аҽарҭбаауа ашәҟәыҩҩы, адраматург ишәылшәыршахьоу ишьақәнарҕәҕәоит аҧхьаҟагьы ахәаҧшцәеи аҧхьаҩцәеи иҵегьы ишәыргәырҕьараны шәшыҟоу. Агәабзиара ацны, арҿиара агәацҧыҳәареи, еиҳау аихьӡарақәеи аҧсуа иқәра наӡеи ҳазшаз шәразҟы иалеиҵааит.
Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла
*
Агазеҭ «Аҧсны» зҩымҭақәа анылауа авторцәа ируаӡәку ашәҟәыҩҩы, адраматург, апублицист Анзор Мықәба 80 шықәса ихыҵра аиубилеи идырныҳәалоит аредакциа анапхгареи аусзуҩцәеи, агәабзиареи арҿиара агәацҧыҳәареи изеиҕьаршьоит.

